Аԥсны атәанчаҩцәа хаз иго ркатегориақәак иаку аԥарашәара рзухеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыдача пенсий
Выдача пенсий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәанчаҩцәа хаз иго ркатегориақәак иаку аԥарашәара рзухарц азы 2019 шықәса ԥхынгәы 17 рзы ашәҟәы рнапы аҵарҩит Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганбеи Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Муткои.

АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны атәанчаҩцәа хаз иго ркатегориақәак жәанызқь мааҭ инаӡоу иаку аԥарашәара рзухеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны аџьеи, аусурамазаареи, асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистрра атәанчахәқәеи ацхыраагӡақәеи русбарҭа аиҳабы Анжела Ҷыҭанааԥҳа.

Атәанчаҩцәа ашәарацҵақәа роуа иалагоит - Sputnik Аҧсны
Атәанчаҩцәа ашәарацҵақәа роуа иалагоит

Иаку ашәара роуит 5 155-ҩык ауааԥсыра. Иааидкыланы ашәарақәа ирзырхоуп 51 миллион 550 нызқь мааҭ лҳәеит лара.

"Жәеиза нызқьҩык атәанчаҩцәа, Аҟәа араион асоциалтә еиқәыршәара аҟәшақәеи Аҟәа ақалақь аусбарҭеи рҟны ашәҟәы иҭагалаз аԥарақәа рзоужьуп. Аԥарақәа атәанчаҩцәа рбанктә карточкақәа рахь ииагоуп", - лҳәеит лара.

Аԥсны атәанчаҩцәа хаз иго ркатегориақәак иаку аԥарашәара рзухарц азы 2019 шықәса ԥхынгәы 17 рзы ашәҟәы рнапы аҵарҩит Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганбеи Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Муткои.

Аԥсны аџьеи, аусурамазаареи, асоциалтә еиқәыршәареи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Наала Лакоба илҳәеит асеиԥш асоциалтә цхыраара раԥхьаӡа акәны ишымҩаԥго, иара шьаҭас ишамоу атәылақәа рыҩба рыбжьара анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра.

Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит 109 миллиони 332 нызқь мааҭ аԥара зоужьра. Анапы зҵаҩу ашәҟәы инақәыршәаны иара убасгьы 51 миллиони 600 нызқь мааҭ азырхахоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алахәылацәеи аинвалидцәеи, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәеи иҭахаз рҭаацәарақәеи изныктәиу ашәарақәа рыҭара.

Ԥхынгәымза нҵәаанӡа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алахәылацәеи аинвалидцәеи аԥара рызшәахоит, егьырҭ – нанҳәамза алагамҭазы.

57 миллиони 732 нызқьи мааҭ азырхан еиуеиԥшым асоциалтә зҵаарақәа рыӡбра.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0