Агәи аԥси ирхылҵыз: Иван Миқаа ишәҟәы аӡыргара мҩаԥысит

© Sputnik / Айнар ЧитанаваАгәи аԥси ирхылҵыз: Иван Миқаиа ишәҟәы аӡыргара мҩаԥысит
Агәи аԥси ирхылҵыз: Иван Миқаиа ишәҟәы аӡыргара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоет Иван Миқаа ипоезиа аизга "Имыцәац акәицқәа" аӡыргареи, автор 70 шықәса ихыҵра азгәаҭареи мҩаԥысит Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭ библиотекаҿы.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Иван Ирод-иԥа Миқаа ииубилеи, иара убас ишәҟә ҿыц аҭыҵра идырныҳәаларц амилаҭтә абиблиотекахь имҩахыҵит ашәҟәыҩҩцәа, астудентцәа, алитература абзиабаҩцәа. Уажәаԥхьа апоет ирҿиамҭақәа реизгақәа хәы-шәҟәыкны иҭыҵхьан. Афбатәи аизга "Имыцәац акәицқәа" ианылеит апоет иреиӷьӡоу ирҿиамҭақәа, иара убас аԥхьаҩ уажәаԥхьа иимбацыз иажәеинраала ҿыцқәагьы.

© Sputnik / Айнар ЧитанаваАгәи аԥси ирхылҵыз: Иван Миқаиа ишәҟәы аӡыргара мҩаԥысит
Агәи аԥси ирхылҵыз: Иван Миқаа ишәҟәы аӡыргара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Агәи аԥси ирхылҵыз: Иван Миқаиа ишәҟәы аӡыргара мҩаԥысит

Аӡыргара алагамҭазы Иван Миқаа имаҭа Леуан даԥхьеит иабду иажәеинраала. Иара убас апоет иаԥҵамҭақәа ирыԥхьеит Шьаризан Шьакаииаԥҳа, Сандро Аџьынџьал, Аманда Ԥандариаԥҳа. Федиа Ҭарба инаигӡеит Иван Миқаа иажәеинраала ала Кәасҭа Ченгелиа иаԥиҵаз ашәа. Анаҩыс еизаз ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи ажәа рыҭан.

Апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа иазгәеиҭеит Иван Миқаа ибаҩхатәра адацқәа, иқыҭа гәакьа, дызлиааз ижәлар рҟынтәи ишаауа. Иара игәаанагарала урҭ иҟарҵоз анырра иабзоурахеит Иван Миқаа поетк иаҳасабала ишьақәгыларагьы.

"Иван Ирод-иԥа алитератураҿы Тиутчев иеиԥш, Фет иеиԥш акыр шықәса ирҿиамҭақәа ҳбаӡомызт, аха зегьакоуп, игәы иҭаз амцаԥшь абзоурала апоезиа дазыхынҳәит. Уи ҳара даҽа зныкгьы иаҳнарбоит апоет иагьа аԥсҭазаара дкыднаҟьаргьы, аҵыхәтәанӡа ирҿиара шнимыжьуа, уи иара изы зегьы ишреиҳау. Иахьа ҳара иҳамоуп аҭагылазаашьа бзиа, уажәаԥхьа инагӡаны иаҳзымдыруаз апоет ирҿиара даҽа блакы ала ахәаԥшразы. Ауаҩы алитература зынӡаск дазҿлымҳамзаргьы иаразнак ибарҭоуп ажәа аԥсы ахьҭо, аҳра ахьауа. Анаҩсгьы арҿиаратә еихьӡарақәа изеиӷьысшьоит" - иҳәеит Лагәлаа.

Аҵарауаҩ Валери Бигәаа иҳәеит Иван Миқаа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иахьа уажәраанӡа дахьалам азҵаара лассы иӡбатәуп ҳәа ишииԥхьаӡо. Иара убас иара иазгәеиҭеит апоет иажәеинраалақәа аклассикатә традициақәа ирышьашәало ритмикала еиқәшәаны ишҩу.

"Иван Миқаа Тур ихәы иалигаз абызшәа цқьа ала дыҩуеит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аларҵәара зауз апоезиа "шкәакәа" хаҭала сара сақәшаҳаҭӡам. Аклассикатә поезиа ауп, сгәанала, апоезиа ахаҭаҵәҟьа ҳәа ззаҳҳәаша. Иван Ирод-иԥа иакәзаргьы, урҭ ихымԥадатәиу алитературатә ԥҟаррақәа рҽырзынкылара заманала илшеит. Иара убас ҷыдала иазгәасҭар сҭахуп ашәақәа злыҵуа, амелодиа зҵоу апоезиа ахыԥхьаӡараҿы ишыҟоу Иван Миқаиа иажәеинраалақәагьы" - иҳәеит Бигәаа.

© Sputnik / Айнар ЧитанаваАгәи аԥси ирхылҵыз: Иван Миқаиа ишәҟәы аӡыргара мҩаԥысит
Агәи аԥси ирхылҵыз: Иван Миқаа ишәҟәы аӡыргара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Агәи аԥси ирхылҵыз: Иван Миқаиа ишәҟәы аӡыргара мҩаԥысит

Иван Миқаа ашәҟәы аҭыжьра алзыршази, аӡыргарахь имҩахыҵызи иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Иара излеиҳәаз ала ирҿиамҭақәа ркьыԥхьраан Аԥсны иҭыҵуа алитературатә газеҭқәеи ажурналқәеи еснагь адгылара ирҭоит. Иара убас апоет еизаз дырзаԥхьеит аҵыхәтәантәи аамҭазы ииҩыз ажәеинраалақәа акы-ҩба.

Ахьӡ-аԥша аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Мушьни Миқаиа - Sputnik Аҧсны
Мушьни Миқаиа: сара сырҿиара амҩаҿы зны схалон, зны сылбаауан

Иван Ирод-иԥа Миқаа диит Очамчыра араион Кәтол ақыҭан, Тур ихәы ҳәа иахьашьҭоу аҳаблаҿы. Кәтолтәи абжьаратә школ даналга, дҭалеит Александр Пушкин ихьӡ зху Қарҭтәи апедагогикатә институт, афилологиа афакультет, аурыс бызшәеи алитературеи рыҟәша. Аҵара даналга кыр аамҭа Акомҿар еидгыла аорганизациеи, аҵарадырра асистемеи рҿы аус иуан.

Апоет акьыԥхь аҟны дцәырҵит иаҳхысыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы. Уи ашьҭахь аԥхьаҩцәа кыр аамҭа Иван Миқаа иажәеинраалақәа рбарҭамызт. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ауп поет ирҿиамҭақәа реизга хаз шәҟәны ианҭыҵыз. "Агәыӷра" ҳәа хьӡыс изауз аизга ҭыжьын 2008 шықәсазы.

Апоет ирҿиамҭақәа реизга "Имыцәац акәицқәа" ҭыжьын Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ацхыраарала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0