Урыстәыла атәылауаа ианба хәыда-ԥсада амедицинатә цхыраара роур рылшо Аԥсны

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархив
архив - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла атәылауаа Аԥсны ахә шәаны ма хәыда-ԥсада ироур алшо ацхыраара ҳәаақәҵоуп 2013 шықәса рзы аҳәынҭқаррақәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра шьаҭас иҟаҵаны.

АҞӘА, нанҳәа 9– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәыла атәылауаа хәыда-ԥсадатәи ацхыраара роур алшоит Аԥсны амедицинатә усҳәарҭақәа рҿы ацхыраара лас рҭахны ахәшәтәырҭахь инагазар, ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алиса Арӡынԥҳа.

Аԥсни Краснодартәи атәылаҿацәи рҟны агәабзиарахьчара аминистррақәа еиҳа еинырларц - Sputnik Аҧсны
Аԥсныи Краснодари амедицинатә усзуҩцәа аицуснагӡатәқәа рыплан азыԥхьагәарҭеит

"Ари аԥҟара аус ауеит апациент ацхыраара ласы ала ахәышәтәырҭахь днагазар, ма адкыларҭахь ахәышәтәырҭаҟны ада ҽаџьара цхыраара узимҭо днагазар. Ажәакала иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылазар", - лҳәоит лара.

Урыстәыла ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса Аԥсны аус ауӡом ҳәа азгәалҭеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

"Урыстәыла ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса апациент амаҵзура инаҭоит Урыстәыла адгьылҵакыраҿы мацара", - лҳәоит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алиса Арӡынԥҳа.

Арӡынԥҳа лажәақәа рыла Урыстәыла атәылауаа Аԥсны ахә шәаны ма хәыда-ԥсада ироур алшо ацхыраара ҳәаақәҵоуп 2013 шықәса рзы аҳәынҭқаррақәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра шьаҭас иҟаҵаны.

Зыхә ршәо амаҵзурақәа ртарифқәа шьақәыргылоуп 2018 шықәса ԥхынгәы 10 рзы Агәабзиарахьчара аминистрра иаднакылаз Ақәҵара ала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0