Аԥсуааи асоциалтә ҳақәеи, мамзар ҳхы ҳазхәыцыр еиӷьу

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраасоциалтә ҳақәеи
асоциалтә ҳақәеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ҳаԥсҭазаара иалаҵәаз асоциалтә ҳақәа аԥсуаа рыбжьара иаанныркыло аҭыԥ азы лгәаанагара лҳәоит Sputnik аколумнист Светлана Ладариаԥҳа.

Аамҭа аҽыуардын иантәалоушәа иниаҟьаны, абаха уахьымыгӡо ицоит. Жәабаҟа, ҩеижәаҟа шықәса раԥхьа иахьеиԥш иҟалап ҳәагьы ҳгәы иаанагомызт. Иҟалап ҳәа ҳхы иҳазҭамыгӡозгьы акыр ирацәоуп.

Аамҭа аамҭоуп. Иаратәы ҟанаҵоит. Ԥхьаҟа ицоит. Аҿыцқәа аанагоит. Урҭ зны ихәарҭоуп. Аҽазныхгьы иҟамындаз ҳәа анырзаҳҳәо ыҟоуп. Аҩажәиактәи ашәышықәса аццакышьа аҽа шәышықәсак еиԥшым.  Атехника аҿиарала аҽакы иузаҿырԥшуам.

Асоциалтә ҳа Феисбук - Sputnik Аҧсны
Анегатив иашьцылаз

Иахьа ҳаԥсҭазаара ҳхы иҳазҭагӡом аинтернет, асоциалтә ҳақәа, амобилтә ҭел уҳәа рыда.

Заҟа идырмариазеи урҭ ҳаԥсҭазаара, ҳабзазара. Иара убри аангьы ирыцу агха-ԥхақәагьы шьардаӡоуп.

2019 шықәса Аԥсназы акрызҵазкуа шықәсуп. Ҽеиҭакра аамҭоуп. Нанҳәамзазы иаҳԥеиԥшуп атәыла ахада иалхрақәа. Ари иаанагар алшоит аҽа хырхарҭак ала амҩа анылара, ма ҳшыҟоу еиԥш уаҵәтәи ҳамш аԥылара. Уи аганахь ала еиӷьу еицәоу сара салацәажәартә еиԥш сыҩаӡара ахьыҟам азы ганха инсыжьуеит. Исымҳәакәа сызвысыр амуа - абри аамҭазы ишԥаҳныри асоциалтә ҳақәа рыҟазаара.

Саргьы ҳауаажәлар раӷьырак реиԥш, ажәытә шамахамзар ауаҩы ашьыжь дҩагыланы каҳуак дахәо данаатәоз иаԥхьа хымԥада агазеҭқәа нықәҵаны адунеиаҿ иҟоу-иану аилкаара дышналагоз еиԥш, иҟоу-иану ажәабжь саҳандаз ҳәа аинформациатә ресурсқәа рыҭҵаара сналагоит. Аиҳарак ахархәара Fасеbook иахьаҳҭо азы – уи аасыртуеит.

Заҟагьы агәынамӡара снаҭозеи ахы инаркны. Ара шамахамзар ауаҩы ихаҿы ҵәахуп, ихьӡ ижәла ԥсахуп. Убри аан илшоит иҿы иҭашәо зегьы аҳәара. Аӡәы аҳәынҵәа иқәҭәара, убри аан сеилыркаап, сырдырып ҳәа ацәымшәара, ацәыԥхамшьара иунаҭаӡом азин ҿҭыӡәӡәаала атәыла аиҳабы инаиркны аиҵбы иҟынӡа рыхцәажәара. Аиашареи аиашамреи рызҵаара зынӡагьы иазхьаԥшӡом. Ихадароу – абааԥсы аҳәароуп. Исзеилкаауам абри ҟазшьа ҷыдоу милаҭтә чымазароу? Ианбыкәыз аԥсуаа ҳҿы ауаҩы ишьҭахь абааԥсы аҳәара ҳаҭыр-пату аманы ианыҟаз. Ҳәарада иҟоуп иугәамԥхаша, аха ухаҵазар уи ауаҩы усабарда аауҿыхны иоуҳәар ҟамлои. Асеиԥш маӡалацҳара иаанаго аҵмыҳәҳәарроуп, аламысдароуп, зегь раасҭагьы аԥсуаа рҿы ҳаҭыр зқәымыз ашәыргәындароуп.

Насгьы, ҳара уаԥсҵәык иҟам ажәлар маҷ абриаҟара ҳанеибацәымыӷха, уаҵәа иаҳзыԥшхарызеи?

Абри инахыгангьы, шамахамзар аԥсуа гәыԥқәа рҿы урысшәала излацәажәо, арахь шамахаӡамзар уи алоуп излацәажәогьы,  аамҭақәак хара имгакәа ақырҭуа гәыԥқәа инықәыргыланы рҿы ҭыӡәӡәаа ахцәажәара иналагоит. Аӡәы иԥҳәыс "Кьацә" лыхьӡиҵан, зегь ус илышьҭалеит. Абра, анцәа иубома, хара рымам. Ҳхылԥа ыршәны ирылаҳҵан, иахыччоит.

Иахьа аԥсҭазаара иаҳнаҭаз алшара иаанагаӡом асеиԥш ахымҩаԥгара азин ҟанаҵоит ҳәа. Агха атәгьы уҳәароуп, абзиа атәгьы уҳәароуп, аха аҳәашьа ҳәагьы акы ыҟами. Иҳахьи?

Ликование в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Зхы иаиааиуа- зегьы дыриааиуеит

Атәыла ахадаразы жәаҩык зкандидатцәа ықәгыло зегьы жәлантәык иаҵанакуеит, ҭаацәарак ирылҵит, аӡәы иҩызоуп, аӡәы игәылоуп. Нас азин змада урҭ ишабалак рыхцәажәара. Насгьы избан? Ара еигәыдуҵаша ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Сара аӡәы иаасҭа аҽаӡәы деиӷьасшьоит, дысгәаԥхоит иаанагаӡом егьи избалак ихҳәаара азин сымоуп ҳәа. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы уи ҳалашьцылашәа ҳҟалеит, аха ихадароу ҳахькылнаго ауп. Уи ауп аиҳарак азхәыцра зҭаху. Ма иахьа заҵәык ауп иҟоу уаҵәтәи амш ҟалом ҳәа ҳхәыцуа ҳалагазар.

Абри аҭагылазаашьа убриаҟара игәыхьуп, сааҭла уахцәажәалартә еиԥш.

Ҳауаажәлар иреиуоу аӡәы иеиԥш аҳәара зуеит ҳаҭыр-пату еиқәаҳҵаларц, бзиа ҳаибабаларц, ҳаӡәыкны ҳаҟазаарц. Убасҟан ауп аԥеиԥш бзиагьы анҳауа. Уаҵәтәи амшгьы анҳазшо. Иахьа ҳашцо ала (Анцәа иумҳәан аха) аԥсуаак рыҳасаб ала ҳниаӡаа ҳцар ауеит. Уи иаанаго: иаанхар ауеит ҳажәлақәа, ҳахьыӡқәа, ҳбызшәагьы нхар алшоит, аха иаҳцәыӡуеит амилаҭ милаҭызтәуа аҩныҵҟатә еилаӡҩара, ахымҩаԥгара, аҷыдара.

Ихьшәахаанӡа ҳхы ҳазхәыцып.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0