Акы иаламҩашьо азанааҭ: ахсаалаҭыхҩы Исмеҭ Ҭарба иҭоурых

© Foto / предоставлено Исметом ТарбаАкы иаламҩашьо азанааҭ: ахсаалаҟаҵаҩы Исмеҭ Ҭарба иҭоурых
Акы иаламҩашьо азанааҭ: ахсаалаҟаҵаҩы Исмеҭ Ҭарба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аамҭазы, угәы имахәар залшом ҳҿар лассы-лассы иуԥымло азанааҭқәа ирызхьаԥшуа иахьалагаз. Урҭ дыруаӡәкыуп А. Ф. Можаиски ихьӡ зху, Санкт-Петербургтәи Иреиҳау Арра-космостә Академиа, абыжьбатәи афакультет ахсаалаҟаҵара (картография) акафедра, ахәбатәи акурс астудент Исмеҭ Ҭарба.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Исмеҭ Ҭарба, Ҳараз Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи абжьаратә школ №1 доушьҭымҭоуп. Арԥыс даныхәыҷыз инаркны дыздыруаз, иаԥхьаҟа ахореограф изанааҭ акәын идырҳәалоз. Жәашықәса, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лев Қьецба напхгара зиҭоз ахәыҷтәы-ақәыԥштә акәашаратә ансамбль "Афырҭын" аҟны ахкы назыгӡоз, зхы-зҿы еихаччо, артист иҩаӡара аҟынӡа инеихьаз Исмеҭ, аруаҩ изанааҭ алихуеит ҳәа аӡәгьы ихаҿы изаагомызт, уи џьашьатәыс изыҟалоит аҟазараҿы дымҩақәызҵоз ирҵаҩгьы.

Гагрский хореографический ансамбль Афыртын принял участие в международном конкурсе Надежда Европы - Sputnik Аҧсны
"Афырҭын" шықәсык напхгаҩыда: Лев Қьецба игәалашәаразы

2015 шықәсазы, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет, агеографиатә факультет иаднакылаз арԥыс, аԥышәарақәа зегь рышьҭахь имҩаԥгаз аилацәажәараҟны еиликаауеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи агеографиа акафедреи ишрыднагало ҩ-лимитк. Иахәҭоу абаллқәа зауа алшара ирҭон хәыда-ԥсада А. Ф. Можаиски ихьӡ зху, Санкт-Петербургтәи Иреиҳау Арра-космостә Академиа аҭаларазы.

"Азныказы сыхшыҩ азымцеит. Сара сгәы иҭан Аԥсны аҵара ҵара, насгьы аҟазара ацҵара. Аха сан лабжьагарақәа еиҳа аԥыжәара ргеит. Хымԥада раԥхьатәи ашықәс азы исцәыуадаҩын, игәхьаазгон сҭаацәа, сыҩны. Иахьазы, агәра ганы сыҟоуп арратә режими, иалсхыз азанааҭ ахсаалаҟаҵареи сара ишыстәцәҟьоу", - иҳәоит Исмеҭ.

Ахсаалаҟаҵаҩы, мамзаргьы акартограф-ари агеографиатә хсаалақәа, аглобусқәа шьақәзыргыло иоуп. Ахсаалаҟаҵаҩцәеи, атопографцәеи, астрономцәеи агеодезистцәеи рус еимадоуп. Исмеҭ иаҳзеиҭеиҳәеит аиҳабыратәи акурсқәа рахь ианиас рхала ахсаалаҟаҵара ишалагаз.

© Foto / предоставлено Исметом ТарбаАкы иаламҩашьо азанааҭ: ахсаалаҟаҵаҩы Исмеҭ Ҭарба иҭоурых
Акы иаламҩашьо азанааҭ: ахсаалаҭыхҩы Исмеҭ Ҭарба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Акы иаламҩашьо азанааҭ: ахсаалаҟаҵаҩы Исмеҭ Ҭарба иҭоурых

"Атопографцәа рҭыхымҭақәа анҳаулак, акомпиутер иҭагаланы агравиура азуны, акәыршашьҭақәа еиқәаҵәа ԥштәыла иалкааны, иҩабжьоу ԥштәыла ашьхарақәа, шьацԥштәыла абнара, иаҵәа ԥштәыла аӡқәа арбаны ақьаад ахь ииаҳгоит, убас иҷыдоу атехника ахархәарала аихахьгьы. Сара сыдҵақәа руакы аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟасҵахьеит Аԥсны ахсаала, зылаԥш ахызгаз аспециалистцәагьы сусумҭа ахә ҳаракны иршьеит. Ажәакала, ҳхы ԥаҳшәоит арратә, атопографиатә, арҵагатә, аҭыжьратә хсаалақәа рыҟаҵараҿгьы", - ҳәа азгәеиҭеит Исмеҭ Ҭарба.

Абзагә Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа арратә журналистика аԥеиԥш: аԥсадгьыл аҵеи иаша Абзагә Ҵәыџьба иҭоурых

Академиаҟны арратә режим аԥҵоуп. Астудентцәа арра-адәахьтәи ҭагылазаашьаҟны арра-тактикатә, апрактикатә ҵарагьы иахысуеит. Исмеҭ уахьихәаԥшуагьы иумбарц залшом иааӡара ҳаракы, иҽынкылара, илеишәа.

А. Ф. Можаиски ихьӡ зху, Санкт-Петербургтәи Иреиҳау Арра-космостә Академиаҟны аҵара рҵоит адунеи атәылақәа жәпакы рҟнытә аҿар. Аԥснынтәи, сынтәа иаднакылаз налаҵаны зынӡа 15-ҩык ыҟоуп. Арԥарцәа аӡәи-аӡәи еицхыраауеит, иҭибагоит, уимоу рыԥсадгьыл аҳаҭыр шьҭырхуеит.

Аҵараиурҭаҟны есышықәса имҩаԥысуа, "Амилаҭқәа реиҩызара" захьӡу аҟазаратә конкурс аҿы, аԥсуа хәыҷқәа ҳкультура ӡырыргоит. Еиҿкааны ирымоу рышәаҳәаратәи, рыкәашаратәи гәыԥ аԥхьахәтә ҭыԥ иаԥсамхакәа иҟамлацт. Зегь раасҭагьы дара рықәгылара акәзаап иззыԥшу ахәаԥшцәа.

© Foto / предоставлено Исметом ТарбаАкы иаламҩашьо азанааҭ: ахсаалаҟаҵаҩы Исмеҭ Ҭарба иҭоурых
Акы иаламҩашьо азанааҭ: ахсаалаҭыхҩы Исмеҭ Ҭарба иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Акы иаламҩашьо азанааҭ: ахсаалаҟаҵаҩы Исмеҭ Ҭарба иҭоурых

Исмеҭ Ҭарба иҟазаратә мҩа данымҵӡеит, Акамедиаҿы иаԥҵоу аԥсуа гәыԥ хореографк иаҳасабала иазыҟазҵо иара иоуп, убас Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс ахылаԥшрала, Санкт-Петербург еиҿкаау ахаԥшьгаратә коллектив "Абаза" азыҟаиҵоит.

Исмеҭ Ҭарба иҩызцәа рыгәҭа ҿырԥшыгара иуоит. Академиа анапхгарагьы "Арра-патриоттә ааӡараҿы илагалазы" ааигәа ианаршьеит "Александр Невски" имедал. Аҵареи аҟазареи рҿы иааирԥшуа алҵшәақәа рзгьы есышықәса аҳаҭыртә шәҟәқәа рыла далыркаауеит. Ихҵоуп асержант еиҵбы ичын.

Шықәсык ашьҭахь, Исмеҭ адиплом иманы Аԥсныҟа даауеит. Арԥыс игәиҭоуп итәыла ԥсыцқьарыла амаҵ азура, илыԥшааху изанааҭ ала аусура.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0