АКХ Давид Дасаниа ирзаҳал аднакылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДавид Дасаниа
Давид Дасаниа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩыс зкандидатура ықәгылаз Давид Дасаниа нанҳәа 9 рзы Sputnik иеиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит икандидатура шықәиго азы.

АҞӘА, нанҳәа 13 – Sputnik. Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩыс зкандидатура ықәгылаз Давид Дасаниа иҟаиҵаз аҳәарала икандидатура ықәыргеит. Абри атәы Sputnik иазаарыцҳаит АКХ аҟынтәи.

"Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩыс зкандидатура ықәгылаз Давид Дасаниа АКХ ахь арзаҳал наишьҭит икандидатура шықәиго азы. 2019 шықәса нанҳәа 12 рзы АКХ икандидатура аԥнахит", - ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит Аԥсны АКХ амаӡаныҟәгаҩ Ануш Хоџьикиан.

Дасаниа дицықәгылан Аԥсны ахадас зкандидатура ықәгылоу Асҭамыр Оҭырба.

Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа иҳәеит "Атәыла ахада иалхразы" азакәан ажәабатәи ахәҭаҷ инақәыршәаны Аԥсны ахадас зкандидатура ықәгылоу ихаҭыԥуаҩыс иццо ауаҩы икандидатура ықәигар азин имоуп АКХ ахь ашәҟәы ҩны ҳәа.

Атәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2019 шықәса нанҳәа 25 рзы.

Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла алхрақәа ирылахәхар алшоит 117 000-ҩык алхыҩцәа. Аԥсны ахы аҵыхәа иаартхоит 152 алхырҭатә ҭыԥ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0