Валериа Адлеиԥҳа урыстәылатәи адокументалтә фильм далахәхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукВалериа Адлеиԥҳа
Валериа Адлеиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адокументал-социалтә фильм "Аинтернет зегьы рзы" аепизодқәа ҭырхуан Аԥсны нанҳәа 8 - 13 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Адокументал-социалтә фильм "Аинтернет зегьы рзы" аҟны ароль хадақәа руак налыгӡеит Валериа Адлеиԥҳа. Акино арежиссиор, Урыстәыла асоциалтә кино афонд ахада Михаил Комлев арадио Sputnik Аԥсны аҿы апроект дахцәажәеит.

Арежиссиор иазгәеиҭеит аԥсуа шәаҳәаҩы, НТВ авокалтә проект "Ты супер!" аҟны аиааира згаз Валериа Адлеиԥҳа аинтернет лыԥсҭазаара шаԥсахыз атәы дшалацәажәо.

"Валериеи сареи ҳаибадырит аҭаацәа змам ахәыҷқәа ирызкны иҭысхуаз адокументалтә кино "Ан" аус анадызулоз. Сара усҟан Валериа Москваҟа днасыԥхьеит. Ҳагьеиҩызцәахеит. Аҩбатәи афильм "Аԥарԥалыкь" анҭысхуаз иалахәхеит Евелина Блиоданс, Елена Захарова, Станислав Садальски", - иҳәоит Комлев.

Адокументал-социалтә фильм "Аинтернет зегьы рзы" аҭыхра адгылара анаҭоит Урыстәыла аиҳабыра рҿы еиҿкаау акоординациатә центр. Ари акино иахықәкы хадоу аинтернет дарбанызаалак иԥсҭазаара аԥсахыр шауа аарԥшроуп.

Лера Адлеиԥҳа ллентаҿ иалацәажәоуп ателепроект "Ты супер!" лалахәхара.

Лера Адлеиԥҳа аклип аҭыхраан - Sputnik Аҧсны
Очамчырантәи Кремльҟа: Валериа Адлеиԥҳа лыԥсҭазаараҟынтәи еимгеимцарақәак

"Аинтерес ззаҳкша ауаа ҳрышьҭалеит. Иаразнакы Валериа дысгәалашәеит. Еиуеиԥшым ақалақьқәа ҳрылсит. Ҭаҭарсҭан иҭаҳхит "Бурановтәи андуцәа". Лереи "Бурановтәи андуцәеи" – Виктор Дробыш илҵшәоуп. Сгәы иснаҭеит арҭ аҭоурыхқәа еидаҳҳәалар аинтерес роуеит ҳәа", - иҳәоит арежиссиор.

Алента 45 минуҭ иҟоуп, аинтернет ацхыраарала зыԥсҭазаарақәа ԥсаххаз жәаҩык ауаа ирылацәажәоит.

Валериа илҳәеит ажәадгала шлоузҵәҟьа дшақәшаҳаҭхаз.

"Михаил – сҩыза иоуп. Ари лшара бзиоуп сҭоурых алацәажәаразы. Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа акыр ҳарҭааит. Урҭ акино иалалоит. Егьырҭ атәылақәа руааԥсырагьы Аԥсны зеиԥшроу рбашт", - лҳәоит лара.

Аҭыхрақәа раԥхьатәи рымш ашьыжь, асааҭ 5:00 рзы иалагеит.

"Асааҭ 5:00 рзы ҳгыланы Риҵаҟа амҩа ҳақәлеит. Уа сара ашәақәа сҳәеит. Акатамаран ала аӡиа ҳхылеит. Иара убри аҽны Афон ҿыцтәи аҳаԥы ҳҭалеит. Уа абжьы бзиаӡаны иҩныҩуеит. Уи ҳхы иаҳархәарц ҳаӡбеит", - лҳәоит Валериа.

Адокументал социалтә фильм "Аинтернет зегьы рзы" аҭыхра хыркәшахоит нанҳәа 13 рзы. Аԥхьарбара мҩаԥгахоит цәыббра 19, 2019 рзы, Москва акино Аҩнаҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0