Урыстәылаа аҳәаанырцә иахьцо атәылақәа рахьтә Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аԥсшьаҩцәа
Аԥсны аԥсшьаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
36,56% урыстәылаа аҳәаанырцәтәи рныҟәарақәа уаанӡатәи асовет республикақәа рахь имҩаԥыргоит.

АҞӘА, нанҳәа 13 – Sputnik. Урыстәылаа рзы Аԥсны еиҳа иргәаԥханы изҭаауа аҩбатәи тәылоуп. Уи ус шакәу аанарԥшуеит Урыстәыла атуристтә операторцәа Рассоциациа имҩаԥнаго аҭҵаарақәа.

Аԥыжәара амоуп Ҭырқәтәыла.

"Урыстәылаа реиҳа изҭаауа атәылақәа раԥхьатәи ахәба рахь иаҵанакуеит Ҭырқәтәыла (2 741 934 ныҟәара), Аԥсны (1 857 602 ныҟәара), Финлиандиа (1 797 407 ныҟәара), Ҟазахсҭан (1 490 519 ныҟәара), Китаи (1 208 335 ныҟәара)", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Абарҭ атәылақәа рышьҭахь ареитинг иаҵанакуеит: Украина, Естониа, Германиа, Таиланд, Қырҭтәыла.

2019 шықәса ажьырныҳәа - ԥхынгәы ирҭагӡаны аныҟәарақәа мҩаԥыргеит 21 миллион 212 нызқь ныҟәара.

Уаанӡа амаҵзура "Яндекс.Путешествия" ишьақәнаргылахьан Аԥсны аԥсшьаҩцәа рҟынтәи еиҳа иҭырҵаауа тәылоуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0