Зегь раасҭа исыхьуа-ахәыҷроуп, ма гәыӷрала сышҭәыз

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагара амш лгәалашәараҿы ишаанхаз дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Абар 27 шықәса нҭыкәкәа ицеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагеижьҭеи. Ари арыцхә иагьырцәам, иагьмаҷӡам, сара сгәынкылараҿы еиҳау агәалашәара сымаӡам.

Ауаргьала: "аибашьра алагеит"

"Маап, уажәы сара соуп ауаргьала иақәтәо, бара ҩынтә еиқәырццакны "бкатаихьеит" ҳәа ахәҷышьҭыбжь гон. Дара ладеи-ҩадеи ирыцдырӷызуан ирхаԥыруаз аҷнышқәеи аҟәраанқәеи. Абжьеилаԥса иаалырҟьаны иҿахылҵәеит "аибашьра иалагеит" ҳәа арҵәааҳәа иҳәҳәо рганахь зҿыназхаз аԥҳәыс…

Валерий Бганба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Бганба игәалаиршәеит Аԥсны аибашьра раԥхьатәи амш

1992 шықәса, нанҳәа 14 аҽны, Мгәыӡырхәа ақыҭан, "Ахьтәы ҟәара" ҳәа иахьашьҭоу аиланхарҭаҿы, 20 шықәса зхыҵуаз Валентин Жьиба иашҭа авара аҵла дуқәа рыбжьара икнаиҳаз ауаргьала даҽа ҽнак еиԥшымкәа ахәыҷқәа еимактәыс ирыман. Иара рааигәара аҵла ашьапаҟны, ашәшьыраҿы дианы алаф рылихуан.

"Аибашьра иалагеит" ҳәа игәылаԥҳәыс лыбжьы илымҳа ианҭас, аӡы хьшәашәа зқәырҭәаз иеиԥш, дыҵҟьаны лганахь иҿынеихеит.

"Аибашьра иалагеит" - арҭ ажәақәа рҵакы ззымдыруаз, уи аамҭазы аихатәы тәарҭа змаз ауаргьала иагәҭасыз, 10 шықәса зхыҵуаз аӡӷаб зегь акоуп аиҳабацәа рҿыԥшыларала еилылкааит узыцәшәаша акы шакәыз.

Ус лхәыцрақәа дышрылаз, ауаргьала иааҳәны ианааиуаз, лшьамхы иланҟьан, атәарҭа иацҳәҳәоз аиха аҽыҭ лжьы ҭнажәеит…

Есышықәса, нанҳәа 14 аҽны, сшьамхы иану ашәахсҭа хәыҷы санахәаԥшуа, убри амш аасгәалашәоит. "Аибашьра иалагеит" ҳәа сан лыҳәҳәабжь акәзар, имӷьо хәраны сгәы инхалеит…

Аҳаирплан

Нанҳәамза акурорттә аамҭа иашыкьымҭан. Аԥсшьарҭатә комплекс "Ахьтәы ҟәара" уаала иҭәын. Аибашьра ианалага, саб атуристцәа оперативла атәыла ралгара знапы ианыз дреиуан. Амза анҵәамҭазы Бамборатәи аҳаиртә баӷәазаҟнытә ҷыдала дара рзы Москваҟа иԥырраны иҟаз арратә ҳаирплан сани, сашьеи, сареи ҳахьигӡеит, иҭынхацәа рахь ҳдәықәиҵеит.

Хибла Амичба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Амҷԥҳа еиҭалҳәеит Берлинтәи аконференциаҿы Аԥсны аибашьра аӡбахә шҳәаз

Авокзал

Ҳазқәтәаз аҳаирплан Москва изымтәаӡеит. Клинтәи аҳаиртә баӷәазахь иршьҭит. Уантәи авокзал ахь ҳааит. Ашарԥазы, асааҭ ԥшьба рзы, Москваҟа ицараны иҟаз аешелон ҳазыԥшын.

Ҳан иҭацәыз тәарҭак лыԥшаан, сашьеи сареи ҳаидыртәаланы, лшәыра иҭаз аҩны илӡыз ачаџьқәа наҳлыркит, "иаашәычҳа, ҳнеир ихааны акрышәфоит" ҳәауа.

Аешелон

Афҩы цәгьа зҭышәшәоз, иҭацәу ҭыԥк змамыз аешелон аҭӡы ҳабӷа кыдҵаны, ҳшьапы ҳшықәгылаз Москваҟа амҩа ҳақәлеит.

Ана-ара ауаҭка зжәуаз ахацәа рыбжьы ҭганы еицәҳауан, рыҵәаабжь гон асабицәа.

Алашара аркӡамызт, аха адәахьынтәи иҩнаԥхоз ала, хаҿқәак еилургаратәы иҟан. Сахьынаԥшуаз, зхы-зҿы лахҿыхыз уаҩ дсымбеит, рыззегьы рҿыԥшылара хьанҭан.

Москва: "атанк шәҽаҵашәмыжьуаз"

Ашьыжь, асааҭ фба рзы ҳауацәа рахь ҳааит.

"Шәаама?! Ас еиԥш иҟоу аԥсҭазаара иалашәхи? Атанк шәҽаҵашәыжьыр еиҳа еиӷьын", - абарҭ ажәақәа рыла даҳԥылеит аҩнԥҳәыс.

35 шықәса зхыҵуаз, ҩыџьа лыхшара рнапы кны, рыԥсы еиқәсырхап ҳәа уахыки-ҽнаки дмыцәа-дымтәа, лыфи-лыжәи ыҟамкәа Москваҟа амҩа ианыз аԥҳәыс дшанханы аԥшәма дышлыхәаԥшуаз, егьи "бахьаауаз иаҳзаабгеи? Ашәырҩа абаҟоу, ауаҭка, аҩы, аџьанџьыхәа??? Бнапы ҭацәны бышԥаауаз", - ҳәа акакала "ахқәа лгәыдылҵеит". Аиашазы, урҭ абџьар иҭҟьаҵәҟьоз ракәызҭгьы, уиаҟара иумыхьыр ҟаларын…

Абас, аҽԥныҳәа ҳшадыргоз ҩымчыбжь иаҳулак иҳачҳаит. Аха ишԥа…

Маӡалатәи ателеграмма

Зҿы ҳаҟаз аԥшәмаԥҳәыс, лгәы анԥаҳҵәа, сан иламҳәаӡакәа, акыр шықәса Коломнантәи иаҳзаалоз аԥсшьаҩцәа рахь маӡала ателеграмма лышьҭит, "сгәы бзиаӡам, ҳахьыҟоу ауаҭах ҭшәацәоуп, аҭаацәа рацәа ҳрылоуп, иауазар, шәара шәахь ҳажәга" ҳәа анҵаны.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра афотоҭоурых дырбан Аҟәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра афотоҭоурых дырбан Аҟәа

Уи аамҭазы, хаҵеи ԥҳәыси, Надеждеи Геннадии Кониахинаа адачаҿы иҟан. Хымԥада, ателеграмма рмықәшәаӡеит. Аԥшәмаԥҳәыс аҭак ҟарымҵашәа анылба, сан лҿы илыргамеит, дҵасгьы илылҭеит дцаны илыԥшаарц.

Аԥшәмацәа рымаҳә иганахьала аибашьра иалҵны ирызнеит ҩыџьа аиҳәшьцәа Сыҷынааԥҳацәа. Даргьы, ҳара ҳаиԥш, ишәаԥырҳаԥо аҩны иҩнан.

Сан араҟа ҳшамбоз иаартны ианларҳәа, аиҳәшьцәа руаӡәы даашьҭхны, Коломнаҟа ддәықәлеит аԥшааразы. Иахьнеиз, агәылацәа ирарҳәеит Кониахинаа ақыҭахь ишыҟаз. Ршьапқәа аарла ирықәгыло, аџьабаа баны, "адунеи иакәшаны" ирулак рыҩны иақәшәеит.

Агәашә инадгыла, "анцәа иџьшьоуп шәыԥсы ахьҭоу, шәабаҟоу, есқьынагьы шәыӡбахә ҳҳәон, ҳшәызхәыцуан", - абас ажәа ԥхала, рылабжыш рҿықәыҳәҳә ирԥылеит атәымуаа.

Хаҵеи ԥҳәыси аиҳәшьцәагьы шрыдыркыло рҳәеит, аха аӡӷабцәа иамаԥхашьан, ҽаџьара ицеит.

Мызкы иалагӡаны, риара ҳара иҳаҭаны, дара адашьмаҿы рхы ықәҵо, ҳафатә-ҳажәтә, уимоу иҳагыз амаҭәа ҳзаахәо ҳныҟәыргеит. Иҵегьы ҳшырбоз агәра ҳгон, аха ҽнак ҳан ателевизор ала, Аԥсны аибашьра шцоз иазкны ажәабжьқәа данрыхәаԥшуаз, Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы лашьа дыхәны дшышьҭаз лылаԥш иқәшәеит. "Ҳахьԥсо ҳаицԥсааит, аҩныҟа ҳцоит", - лҳәан, ҳаибарҵәыуо амҩа ҳақәлеит.

Аԥсадгьыл ануԥхьо: Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ргәалашәарақәа

Еиҭах адәыӷба

Москва инхоз саб иашьа Аслан ҳара Аԥсныҟа ҳцамҭазы аибашьра иалаханы иҟаз иҭаацәа иманы дааит. "Сара сҿы шәаангылоит, иабыкәу шәахьцо", - иҳәеит аха, сан илӡбаз ӡбан…

Адәыӷба ҳақәыртәаны, уаҳа ҳаибабо ҳзымдыруа ҳаиԥырҵит.

Шәача ҳлаӡаанӡа, инханы иҳамаз ҳԥара хәыҷқәеи ҳахәдақәа ирхаз аџьар зкнаҳаз ҳдаҷқәеи ҳшыцәаз иӷьычны иргахьан.

Авокзал аҟны ҳалбааит, аха мааҭк ҳазланаиааиуа ҳамамкәа…

Шәача инхоз, сашьа аӡы дӡаахны дызмаз аерман ҭацәаа рахь шьапыла амҩа ҳақәлеит. Ҳаннеи, гәаартыла ҳрыдаркылеит, аха дара рыҩнгьы уаала иҭәын. Ус ишыҟазгьы, ҳгәы ҳадмыргаӡеит, рҿаҵа ҳацеиҩыршон.

Аӷба

Жьҭаара 5 рзы, Шәачантәи ӷбала Гәдоуҭаҟа ҳдәықәлеит.

Араҟа иҟаз ахԥибаҽра шәҟәык иузанҵом. Хаз-хазы аӷбақәа ирҭалаз анацәеи ахәыҷқәеи еибарҳәҳәон. Ауаа раԥхьа иҭало ҳәа еигәҭасуан. Ҳаргьы, ҳан даҳцәыӡыр ҳәа ҳшәаны, лкалҭ рӷәӷәаны иаҳкын. Иаҳулак аӷба ҳанақәтәа, аамҭакы ашьҭахь аҳәса зегьы ганк ала аԥенџьыр икылԥшуа иалагеит, аӷбагьы хьынааит. Абарҭ ирыхьи ҳәа ҳан ҳлазҵааит, аха аҭак ҟалымҵеит. Ларгьы дшәагәышьазаап, уи ауха Гагра амца анакуаз акәын.

Раԥхьатәи аиааира

Аҵхыбжьон Гәдоуҭа ҳаӡхыҵит. Ашарԥазы, шьапыла Мгәыӡырхәаҟа ҳдәықәлеит. Амҩабжа ҳшааиуаз, "Гагра ргеит" ҳәа ажәабжь ҳаҳаит. Ҳааԥсара ҳхазыршҭыз, ҳхьаақәа зыртәаз, ҩаԥхьа аԥсҭазаарахь ҳхьазырԥшыз хҭысхеит "раԥхьатәи аиааира".

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Аибашьра аветеран: минуҭкгьы ҳгәы камыжькәа Аҟәа агаразы ҳақәԥон

Абас, ҳхы ҳахьчоит ҳәа Москваҟа ицаз, ԥсеиқәырхагаз иаҳзыҟаҵәҟьаз ҳаԥсадгьыл акәхеит.

Ашықәс ҿыц

Бзиа изымбода Ашықәс ҿыц?!

Аибашьра анцоз (иара уи аамышьҭахьгьы шықәсқәак), аныҳәатә аишәа ҳадымтәалаӡеит. Абжьааԥнеиԥш, иҳамаз ала, ҳан уаххьа лырмазеит. Урыстәылатәи ателехәаԥшрала ицоз аконцерт, маҷк ҳгәы ааҳханаршҭуаны, "Голубой огонек" аҟны, ахаақәа рыла ирхиаз аишәа збаз сашьеиҵбы аҵәыуара даналага, сан иаалырҳәит. Уи аамҭазы, иуаажәлар дрыдныҳәалон В. Арӡынба. "Сшәыкәахшоуп", "шәхаҵкы сцеит", "Аиааира ҳара иаҳгоит", "акы шәацәымшәан" ҳәа ииҳәаз ажәақәа, аибашьра цонаҵы, раԥхьаӡакәны ҳгәы раҳаҭны ҳдырцәеит.

Иахьа, аамҭақәа санрызхьаԥшуа, еилыскаауа салагеит, убри "Ашықәс ҿыц" сыԥсҭазаараҟны иреиӷьыз шакәыз. Избанзар уи ҭәын гәыӷрала.

Ача афҩы

Зызхара аконфеҭ ымфакәа изызҳауаз ахәыҷқәа еиҳагьы ача акәын игәхьааҳгоз, азлара зынӡа иаҳхашҭхьан.

Ақыҭаҿы мчыбжьык знык ача ааргон. Ҭаацәак ҩ-чахык ракәын ирырҭоз. Исгәалашәоит, ҳабжьара инхоз ахәыҷқәа ҳаицҵаны чаагара ҳаныршьҭуаз. Ҳанацәа, аҩныҟа иаажәгаанӡа, шәалакьысыр ҟалаӡом ҳәа ҳарҳәон аҟнытә, ҳафыҩуа ҳаауан. Уи ача акалашәа афҩы хаан, иахьагьы игәхьаазгоит.

Аԥсра "хәмаррахеит"

Бзиа иаҳбоз "кьанци", "џьити" ахәмаррақәа ирыцлеит "аԥсрагьы". Ҳгәылара есымчыбжьы иҭахоз аибашьцәа рыԥсыбаҩ анааргоз, ҳанацәа ҳхала аҩны ҳаанымхаларц аԥсрахьы ҳнаргон. Убраҟа иаҳбоз, "хәмаррас" ишьҭаҳхзаап.

Исгәалашәоит, еимактәыс ишҳамаз "иахьа, сара соуп аԥсы" ҳәа.

Ҽнак, сан иахьлаҳаз сыздыруам, аха ҳаб дҭахазшәа лзаарыцҳаит. Уи аамҭазы ишьҭаҳкааз ашәара наунагӡа ҳахәмаррақәеи ҳхәыҷреи ҳханаршҭит.

Герой Абхазии Эдуард Ажиба - Sputnik Аҧсны
Зыдҵа анагӡара иахьымӡаз аԥшыхәҩы: Едуард Ажьиба игәаларшәара аҳаҭыраз

Хара имгакәа дҭахоит ҳашьцәа раб Едуард Ажьиба. Усҟан, ҳала ишабоз, аҭӡамц ихы анҟьо, иҽишьуеит ҳәа далагеит ари ажәабжь хлымӡаах зызхымгоз Едик иашьеиҳаб. Иара илҵуаз ашьа ацыԥхьқәа, сшанханы сышихәаԥшуаз, схы инаркны сшьапаҟнынӡа исықәҭәазаап. Убри нахысгьы аԥсрақәа срыцәшәо салагеит, уимоу аӡәы инапы ԥҟаргьы, иааигәара снеиӡомызт. Иџьашәшьаргьы, 25 шықәса санырҭыс ауп раԥхьаӡакәны аԥсрахьы санца. Сабду адунеи аниԥсахгьы, дахькҿаз ауада сзыҩнамлаӡеит.

Аиааира

Иаалырҟьаны ақыҭа иалаҩҩит ахысыбжьқәа. Хәыҷи-дуи адәахьыҟа ҳдәылеибаҳәеит. Ана-ара "Аиааира" ҳәа ажәлар еиқәҿырҭуан. Ауха аӡәыр дыцәама… Ҩнаҭацԥхьаӡа ныҳәан, ҳаҭгәынцԥхьаӡа, алашара иагәылҷҷаауан арыжәтә хызҭәалоз рхаҿқәа…

Ауаргьала

27 шықәса рышьҭахьгьы, Мгәыӡырхәа ақыҭан, "Ахьтәы ҟәара" ҳәа иахьашьҭоу аиланхарҭаҟны, аибашьра аветеран, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Валентин Жьиба иашҭа авара, аҵла дуқәа рыбжьара ауаргьала кнаҳаны имоуп. Иахьа уи еимакуа "икатаиуеит" иара ихшара.

Дара рганахь "аибашьра иалагеит" ҳәа ахааназы аӡәгьы ҿыимҭааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0