Аспорттә турнир Cross Fit Sukhum 2019 Аҟәа имҩаԥысуеит

CC0 / / Crossfit
Crossfit - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Cross Fit Sukhum 2019 иалахәхар ҟалоит изҭаху, 18 шықәса ирҭысхьоу зегьы. Аицлабрақәа аҽрылархәразы аҭаҩра аҭахуп.

АҞӘА, нанҳәа 15 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аспорттә турнир Kross Fit Sukhum 2019, Аԥсны азхаҵара Амш ахьӡала имҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, нанҳәа 17 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти рзы аилак аҿар рзы аҟазауаҩ хада Кама Ҳараниаԥҳа.

"Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти рзы аилак ирыӡбеит Аԥсны азхаҵара Амш ахьӡала аспорттә турнир Cross Fit Sukhum 2019 амҩаԥгара. "Cross Fit Sukhum 2019" – ари еиуеиԥшым абаҩырҵәырақәа роуп", - еиҭалҳәоит Ҳараниаԥҳа.

Аицлабрақәа мҩаԥысраны иҟоуп Диоскураа рыԥшаҳәаҿы, аспорттә кортқәа рааигәара. Алахәылацәа реизара рылаҳәоуп асааҭ 16:00 рзы.

Cross Fit Sukhum 2019 иалахәхар ҟалоит изҭаху, 18 шықәса ирҭысхьоу зегьы. Аицлабрақәа аҽрылархәразы аҭаҩра аҭахуп ҳәа Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти рзы аилак Facebook, Instagram рҿы иазгәанаҭоит.

Арзаҳал нарышьҭхьеит 15–ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0