Хатәгәаԥхарала иеибашьуаз имш азгәарҭеит Гәдоуҭа

© Sputnik / Томас ТхайцукНанҳәа 15 рзы Хатәгәаԥхарала иеибашьуаз имш азгәарҭеит Гәдоуҭа
Нанҳәа 15 рзы Хатәгәаԥхарала иеибашьуаз имш азгәарҭеит Гәдоуҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу арыцхәқәа инарылукаауа – Хатәгәаԥхарала иеибашьуаз имш.

АҞӘА, нанҳәа 15 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит Гәдоуҭа ақалақь аҿы нанҳәа 15 рзы.

Ацеремониа рхы аладырхәит ареспублика аиҳабыра, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, Чечниа, Аахыҵ Уаԥстәыла, Ҟабарда-балкариа, Адыгеиа, Урыстәыла рҟынтәи хатәгәаԥхарала Аԥсны иеибашьуаз.

Чечниатәи аибашьҩы Анзор Магомадов Аԥсныҟа дааит раԥхьатәи амшқәа рзы. Усҟан иара 22 шықәса ракәын ихыҵуаз. Ареспубликаҿ аибашьра ишалагаз иашьеиҳаб иҟынтәи иаҳаит.

"Телехәаԥшрала Аԥсны аибашьра иалагеит ҳәа рҳәеит иҳәеит сашьа. Аԥсныҟа ацара игәы ишҭаз аниҳәа, сиҳәеит уара хҩык ахшара урабуп, уҭаацәа урзынхароуп, сара сцоит ҳәа. Адырҩаҽны ианаашоз амҩа сықәлеит. Сара дсышьҭаланы уахь днеит сашьагьы. Исгәалашәоит иҟаз аҭагылазаашьа. Атәыла амацәаз иҭакын. Аха ҳара ҳнеира аԥсуаа акыр ргәы шьҭнахит", - иҳәоит иара.

Иара иажәақәа рыла реиҳа иуадаҩын дызлахәыз Гагратәи аоперациа акәын.

"Иахьынӡазалшоз атҟәацәа ргара ҳҽазаҳшәон, аԥсуааи дареи еиҭнаҳаԥсахларц. Уи аҽны атанкқәа ҩба ԥаажәеит. Ҳара ҳҟынтәгьы 20-ҩык аибашьцәа ҭахеит. Аха уи зегьы Аԥсны ахақәиҭра иазырхан. Ахааназ уаҳа ара ацәгьара ҟамлааит", - иҳәеит иара.

1992-1993 шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын ҩ-нызқьҩык инарзынаԥшуа хатәгәаԥхарала иеибашьуаз. Урҭ рҟынтәи 51-ҩык Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵоуп. Леон иорден ранашьоуп 247-ҩык. "Агәымшәараз" амедал ранашьоуп 623-ҩык. Аибашьраан ҳхақәиҭра рхы ақәырҵеит 260–ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0