Аламиа: Боча Аџьынџьал ҭыԥла иԥсадгьыл дацәыхаран, аха гәыла акыр дазааигәан

© Foto / presidentofabkhazia.orgБоча Аджинджал
Боча Аджинджал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟазараҭҵааҩы, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усузуҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз аҵарауаҩ Боча Аџьынџьал идунеи ахьиԥсахыз хьаала идикылеит, гәыблылагьы дигәалаиршәоит иҩыза Геннади Аламиа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Боча Мџьыҭ-иԥа Аџьынџьал ԥсабарала аҟазара ду злаз, иуаҩы аамысҭашәаз, ацәгьеи абзиеи еилзыргоз, зҩызара ҳаракыз аӡә иакәны дыргәаладыршәоит иара хаҭала дыздыруаз, аус ицзухьаз, иааигәа иҟаз зегьы.

Мушьни Миқаиа - Sputnik Аҧсны
Аԥхьаҩ дызмоу ашәҟәыҩҩы

Диит иара Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан. 1957 шықәса рзы Тҟәарчалтәи актәи абжьаратә школ далгоит. Иара занааҭла ҟазараҭҵааҩын, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усура активла далахәын. Иԥсҭазаара иалҵра даара ихьааганы ирыдыркылеит зегьы.

Боча Аџьынџьал 1960 шықәса рзы дҭалоит А.М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт, афилологиатә факультет. Убри аамҭазы аус иуан Аҟәатәи аекскурсиатә биуро аҿы, иара убас архиара илшеит аестетика иазкны аҭҵаарадырратә реферат "Азеиԥш школқәа рҟны алитературеи аҭоурыхи рмаҭәарқәа рыҭираҟны аҟазара ҭыԥс иааннакыло". Уи ажәахә иаԥхьеит а-12-тәи астуденттә ҭҵааратә конференциаҟны.

"Сара сыкәша-мыкәша зегьы ҭацәны иаанхеит сҩызцәа рцәыӡрала. Аӡә ила даҽаӡә дузымыԥсахуа убас иҟаз сҩызцәа сыԥхахьеит, урҭ рхыԥхьаӡара даҽаӡәгьы дысзацлеит. Зтәы зҳәахьоу, зтәы ҟазҵахьоу ауаа дыруаӡәкуп Боча. Иара итәы иҳәахьеит. Амыцхә ихцәажәара аҭахӡам, иара дыздыруаз, дзацәажәахьаз, дзыдгылахьаз, дзыдтәалахьаз дырдыруеит дзакә уаҩыз", - иҳәеит Аламиа.

Боча Мџьыҭ-иԥа иԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш дазхәыцуан, уи аизҳазыӷьаразы хеигӡарак ҟамҵакәа илшоз зегьы ҟаиҵон. Аамҭаказы аус иуан Аҟәатәи аҳәынҭқарратә тәылаҿацәҭҵааратә музеи аҟны, Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҟны, Аԥснытәи АССР акультура аминистрраҟны аҟазара ахыбрақәа ринспекторс, агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" акультура аҟәшаҿы корреспондентс, иара убас Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа реидгыла аҟазарҭа еиҳабыс.

 Иура Ҭақəчыч-иҧа Ԥкьын. - Sputnik Аҧсны
Џьыкырԥҳа: Иура Ԥкьын - еснагь зхатəы бжьы зхаз, ажəлар ззыӡырҩуаз иакəын

"Иара иԥсҭазаара амацара акәӡам дызлыҵыз, иара ҳара ҳаԥсҭазаарагьы далҵит, даҽа дунеи ԥшӡак ахь дцеит ҳәа ажәа ԥшӡа уҳәар ҟалоит аха, абри адунеи убриаҟара даларсын, уи ус баша дзымҩахыҵӡомызт уахь. Аҟазара аганахь алоума, аҩызара атәы сҳәаӡом, аҩызара шныҟәигоз аныҟәгара даара ицәгьоуп", - абас, иҩыза дигәалаиршәоит апоет.

1976 шықәса инаркны Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа-ҭҵааратә институт алитературеи аҭоурыхи рыҟәшаҟны аҭаарҵадырратә усзуҩыс дыҟан. Уаҟа иҭиҵаауан а-20-тәи ашәышықәса иаҵанакуаз асахьаркыратә ҟазара. Аҭыжьра иазирхиеит амонографиақәа ҩба. Анапылаҩырақәа реиқәырхара залыршамхеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭазы, ҳаӷацәа ирыблит. 1978 шықәсазы иҭижьит альбом, аҿыханҵаҩы, аграфика аус адызулоз, асахьаркыратә критик, петербургтәи аимператортә театрқәа рсценограф А.К. Чачба (Шервашиӡе) изкны.

"Аҟазара иара ишҭиҵаауази, аҟазара иара дшазыҟази ус ажәала иуызҳәом. Избанзар уи иара итәакәын, иара иус акәын. Боча Аџьынџьал иҭоурых удыруазра аханатә, Аԥсны аҵыхәтәантәи жәашықәсақәа ирылагӡаны иахҭнагаз зегьы удыруа уҟалоит. Иара хсааланы Аԥсны дазыҟазшәа исыԥхьаӡоит сара, ус егьыҟан", - ҳәа азгәеиҭоит Геннади Аламиа.

Возложение цветов к мемориалу Александра Чачба -Шервашидзе - Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхыҩ Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 150 шықәса ҵит

Боча Аџьынџьал иҭижьхьан ихатәы жәеинраалақәеи, аҟазареи ирызкны аочеркқәа "Аҟазара акәицқәа". СССР асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла далан, 1985 шықәсазы иҭижьуеит "Аԥсҭазаара ду адаҟьақәа" захьӡыз, А.К. Чачба изкыз ашәҟәы.

Аҵарауаҩ ганрацәала акультуратә ԥсҭазаара даласан, инапы иҵиххьаз аусумҭақәеи аҭҵааратә материалқәеи маҷмызт. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иҿахнаҵәеит акыр игәҭакқәа, дзыхьӡашаз игәыӷрақәа. 1993 шықәса рзы Санкт-Петербург иаԥиҵоит агәыҳалалратә еилазаара "Аԥсны". Уи акыр ацхыраара рнаҭон ихәыз аибашьцәа, ахәышәтәырҭақәа рахь инаргоз, иара убас Аԥснытәи ахҵәацәа.

"Дызлахәымыз ҳәа акгьы ыҟамызт Боча Аџьынџьал. Аԥсны аԥсҭазаара зегьы далахәын, ҭыԥла иԥсадгьыл маҷк дацәыхараны дыҟазаргьы, гәыла акыр дазааигәан, иԥсадгьыл ахьаагара убрантәи еиҳагьы иныруан, иԥсадгьыл гәырӷьозар дгәырӷьон, игәырҩозар дацгәырҩон, хьаак амазар убри ахьихәышәтәыша дашьҭан, убас дыҟаҵәҟьан иара. Даара сгәы иалсит дахьҳаԥхаз, макьанагьы схаҿы исзаагом, макьанагьы агәра сызгаӡом, сшымгәыӷуаз исаҳаз ажәабжь сгәы ҭнашьааит. Зегьы ирдыруазароуп Аԥсны аҵеи дуӡӡа дшацәыӡыз, аха дацәыӡит ҳәагьы сыԥхьаӡаӡом. Зегьы аамҭала ари адунеи ҳақәуп, ҳашьҭахь инхаз ҳазнысыз амҩа ианаҳгаз ҳажәлар ирзызныжьны ҳазцазар, усҟан ара ҳанхоит ҳажәлар рҿы. Убас иҟоу иоуп ҳәа сыԥхьаӡоит Боча Аџьынџьал, иԥсаҭа бзиахааит", - ҳәа азгәеиҭоит Геннади Аламиа

Боча Аџьынџьал Аԥсны ажурналистцәа реидгыла далахәын, ажәлар дырҿахәҳәаган, Жәларбжьаратәи аҟазараҭцааҩцәа рассоциаиа алахәылас дыҟан, иара убас 2006 шықәсазы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциаициахь дрыдкылан.

2005 шықәса рзы ианашьахеит аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара. Иҟазареи, иуаҩреи, иаамсҭашәаре наунагӡа ҳажәлар ргәаҵаҿы иаанхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0