Шабаҭ Логәуа ашьапылампылтә клуб "Тиумен" ахәмарыҩс дыргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукШабаҭ Логәуа ашьапылампылтә клуб "Тиумен" ахәмарыҩс дыргеит
Шабаҭ Логәуа ашьапылампылтә клуб Тиумен ахәмарыҩс дыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампылтә команда "Тиумен" ықәгылоит Урыстәыла аԥхьахәгара аҩбатәи адивизион агәыԥ "Урал-Поволжие" аҟны.

АҞӘА, нанҳәа 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иеизгоу акоманда ахьчаҩбжа Шабаҭ Логәуа нанҳәа 21 рзы акоманда "Тиумен" ахь дшиасуа азы аконтракт инапы аҵаиҩит.

"Ари аклуб агәҭак дуқәа амоуп, акоманда бзиа еизгоуп, ахәмарыҩцәа ӷәӷәақәоуп. Рҿаԥхьа иқәдыргылеит иреиӷьу акомандақәа хԥа ирылашәаны актәи алигахь анеира", - иҳәеит Логәуа.

Публикация от Футбольный клуб «Тюмень» (@fc_tyumen)

Ахьчаҩбжа изы "Тиумен" ахь аиасра Аԥсны анҭыҵ раԥхьаӡа акәны инапы зҵаиҩыз контрактуп. Ари аклуб аҿы иара 88-тәи аномер ала дыхәмаруеит.

"Сара сзы ари Урыстәыла снапы зҵазҩыз раԥхьатәи профессионалтә контрактуп. Аха сара Коноплиов ихьӡ зху толиаттитәи ашьапылампылтә академиа сааӡамҭоуп, убри азы сара Урыстәыла сашьцыланы сыҟоуп, уаатәы ахьҭақәа срыцәшәаӡом. Убри азоуп акомандахь саниасуаз уи азҵаара сзазымхәыцыз", - ҳәа азгәеиҭеит Шабаҭ Логәуа.

Ашьапылампыл асҩы агәыӷра ааирԥшит акоманда иамоу агәҭакқәа рынагӡаразы ацхраара илшап ҳәа, иара ихаҭагьы спортсменк иаҳасабала изҳап ҳәа.

Урыстәыла аԥхьахәгара аҩбатәи адивизион агәыԥ "Урал-Поволжие" аҟны ф-турк ихәмархьеит, аԥсуа шьапылампыласҩы ашьапылампыл дәахьы ацәырҵра дазыхиоуп, уи иааиуа атур аҟны иҟалар алшоит.

Шабаҭ Логәуа аҵыхәтәантәи ҩышықәса аҟәатәи "Нарҭ" аҟны дыхәмаруан, уи акоманда даланы ачемпионтә титулқәа ҩба дрыԥсахахьеит, ҩынтә Аԥсны Ахраҿа ианаршьахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0