Ԥсҳәы ақыҭан аԥҳәыс лышьра аҽазышәаразы ашьаус хацыркуп

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Антонина Кәаӡԥҳа зныкымкәа дԥырҟеит, уажәы лара лҭагылазаашьа уадаҩуп, аха иҭышәынтәалоуп рҳәеит аҳақьымцәа, аԥҳәыс илоуз ахәрақәа раан лырԥҳақәа руак ааха аиуит.

АҞӘА, нанҳәа 22 - Sputnik. Ԥсҳәы ақыҭан аԥҳәыс лышьра аҽазышәаразы Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура хада асаит.

"Нанҳәа 22, 2019 шықәса рзы Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит 1985 шықәсазы ииз Казаков Александр Геннади-иԥа ихьӡ ала, уи иԥшәма 1986 шықәсазы ииз Кәаӡԥҳа Антонина Павел-иԥҳа лышьра иҽазишәеит ҳәа, 5, 45 мм зкалибр ыҟоу амцабџьар Калашников иавтомат изакәанымкәа иҵәахуеит иагьныҟәигоит ҳәа агәҩара рыманы", - абри аанацҳауеит адырраҭара.

Апрокуратура хада адыррақәа рыла, ахҭыс ҟалеит нанҳәа 21 рзы.

"Ирыбжьалаз аимак иахҟьаны Казаков А.Г. амцабџьар - автомат - Кәаӡба А.П. лгәышԥы иеиарханы ҩынтә дхысит", - рҳәеит Апрокуратура хадаҿы.

Ахәра зауз Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган. Уи лҭагылазашьа уадаҩуп, аха иҭышәынтәалоуп рҳәоит аҳақьымцәа.

"Ахәра зауз Ԥсҳәынтәи иҷыдоу атранспорт ала Пыв акаҵәара дахыганы Ауадҳараҟа дылбааган, уа илзыԥшын АҶА иатәу амедицинатә усбарҭа ареанимобиль. Ахәышәтәырҭахь днаргаанӡа лара иаҭахыз аԥсреиқәырхаратә цхыраара лыҭан", - аанацҳауеит Аԥсны АҶА.

Ашьаусҭҵаара инапы иануп Аҟәа араион апрокуратура аусҭҵааҩ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0