Аминистрцәа Реилазаара абиуџьет усзуҩцәа ркатегориа хадақәа руалафахәы шьҭнахуеит

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасрааулафахәы
аулафахәы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аԥшьаша, нанҳәа 22 рзы имҩаԥнагеит изаамҭанытәиу аиҳабыра аилатәара.

АҞӘА, нанҳәа 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ақәшаҳаҭхеит агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аҭҵаарадырра, акультура, аспорт, асоциалтә маҵзура аусхкқәа рҟны Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа ркатегориа хадақәа руалафахәқәа реизырҳара.

Уи азы адокумент цәыригеит Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба.

Деньги - Sputnik Аҧсны
Ԥхынгәы акы инаркны абиуџьет иатәу аусуцәа рулафахәы иацлоит

"Аԥкаанҵа иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны абиуџьет усзуҩцәа руалафахәқәа реицфинансыркразы Аԥсныи Урыстәылеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра ԥхынҷкәын 31, 2022 шықәсанӡа аноурылара, иара убас 2020 шықәсазы аусзуҩцәа ркатегориа хадақәа рзы абжьаратә уалафахәқәа рышьақәыргылара.

Аминистр иааигеит аҿырԥштәы - аҳақьымцәа 2019 шықәсазы бжьаратәла ироуан 18,135 мааҭ, 2020 шықәсазы рыбжьаратә уалафахәы иартәоит 23,480 мааҭ. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ауалафахәқәа рыцҵаразы Урыстәыла миллиард мааҭ инареиҳаны ишоунажьуа.

Аԥкаанҵа инақәыршәаны, агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аҭҵаарадырра, акультура, аспорт, асоциалтә маҵзура аусхкқәа рҟны Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа ркатегориа хадақәа рзы абжьаратә уалафахәқәа 2020 шықәсазы идыртәоит:

  • Аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа – 16 947 мааҭ.
  • Ашколқәранӡатәи аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа – 16 065 мааҭ.
  • Ахәыҷқәа рзы ахарҭәаагатә ҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа – 15 653 мааҭ.
  • Алагарҭатәи абжьаратәи апрофессионалтә ҵараиурҭақәа рырҵаҩцәеи аалыҵтә ҵара амастерцәеи – 17 183 мааҭ.
  • Иреиҳау апрофессионалтә ҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа – 19 713 мааҭ.
  • Аҭҵаарадырратә усзуҩцәа – 17 406 мааҭ.
  • Аҳақьымцәа – 23 486 мааҭ.
  • Абжьаратә медицинатә (фармацевттә) усзуҩцәа – 14 387 мааҭ.
  • Амедицинатә усзуҩцәа еиҵбацәа – 9 645 мааҭ.
  • Акультуратә усбарҭақәа русзуҩцәа хадақәа – 15 372 мааҭ.
  • "Асоциалтә усуҩ" имаҵура аанызкыло аусзуҩцәа – 9 654 мааҭ.

Аԥкаанҵа апроект инақәыршәаны, Аԥсны абиуџьет усзуҩцәа руалафахәқәа реицфинансыркразы Аԥсныи Урыстәылеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аҿҳәара иацырҵоит ԥхынҷкәын 31, 2022 шықәсанӡа.

Аԥкаанҵа амч аиуеит ажьырныҳәа 1, 2020 шықәса рзы, Аԥсныи Урыстәылеи напы анаҵарыҩлак ашьҭахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0