Аԥсны АКХ: Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аартхоит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраалхрақәа
алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Алхратә комиссиа хада адырра ҟанаҵеит Ҭырқәтәыла иахьаҵанакуа Аԥсны ахада иалхрақәа шеиҿкаахо.

АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада иалхрақәа раан Сҭампыл иаартхоит алхырҭатә ҭыԥ, абри атәы лҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа, Sputnik аинтервиу аналҭоз.

Турецкий флаг. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада иалхрақәа Ҭырқәтәыла имҩаԥымсыр ҟалоит

"Алхырҭатә ҭыԥ еиқәыршәоуп, алхырҭатә ҭыԥ акомиссиа алахәылҩацәа рсиа ҳзаарышьҭхьеит. Аԥсны АКХ иақәнагаз зегь ҟанаҵеит уа алхырҭатә ҭыԥ аартразы", - ҳәа азгәалҭеит лара.

Уаанӡа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа адырра ҟаиҵеитҬырқәтәыла иахьаҵанакуа абжьыҭара мҩаԥымсыр ҟалоит ҳәа. Иара иажәақәа рыла, дара алхырҭатә ҭыԥ Сҭампыл еиҿыркаахьан, аха нанҳәа 2 рзы Аԥсны АКХ ахь аҳәара ҟаиҵеит алхырҭатә ҭыԥ Сҭампылынтәи Сақариаҟа ииагазарц азы.

Аԥсны ахаҭарнак иажәа излазгәеиҭаз ала, иара уажәшьҭа дахьӡаӡом Сҭампыл алхрақәа реиҿкаара. Сақариаҟа алхырҭатә ҭыԥ аиагаразы агәҭакгьы зыдҳәалаз, уа аԥсуаа еиҳа ирацәаҩны иахьынхо ауп.

"Раԥхьа АКХ ашәҟәы аиуит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак иҟынтәи алхырҭатә ҭыԥ Сҭампыл аартразы. Аԥсны анҭыҵ алхырҭатә ҭыԥ аартызароуп абжьыҭара амш 30 мшы шагу. Уи азы ашәҟәы ианаамҭаз иҳауит, убри азы уи Сҭампыл аартразы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит. Нанҳәа 2 рзы иҳауз Сақариаҟа алхырҭатә ҭыԥ аиагаразы ашәҟәы аҿҳәара иахыԥаны иааит, убри азы ҳара уи аҳәара ҳазҳадымкылаӡеит", - лҳәеит Лабахәуаԥҳа.

Ахада иалхрақәа ҟалоит нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Ахада далырхуеит хәышықәса аҿҳәара иҭаны. Хаҿык ҩ-ҿҳәарак иеиҳаны хадас аус иур ҟалаӡом. Ахада даналырхуа ахада ихаҭыԥуаҩгьы дицалырхуеит.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0