Аԥсны аепидемиологцәа ашыӡ еиҭазго акәыбрқәа рзы: узыцәшәо ҳәа акгьы ыҟам

CC0 / / Акәыбры
Акәыбры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса нанҳәамза алагамҭазы Роспотребнадзор иҟанаҵаз адыррақәа инрықәыршәаны, 2019 шықәсазы Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Мраҭашәаратәи Нил ашыӡ 7-ҩык ирыхьит.

АҞӘА, нанҳәа 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Атропикатә шыӡ цәырҵыр ҟалоит аҿкы ахыҵхырҭа ыҟазар, ииашаҵәҟьаны Аԥсны акәыбрқәа ыҟоуп, аха урҭ рхаҭа ашыӡ рыхьроуп аҵарақәа ма ауаҩы рҟынтәи, лҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

"Ҳара ҳҿы акәыбрқәа ыҟоуп, аха урҭ ашыӡ еиҭаргарц азы раԥхьа ашыӡ зыхьыз ауаҩы ма аҵыс иацҳароуп. Ус еиԥш ичмазаҩу аҵарақәа ҳара ҳҿы иҟаӡам", - азгәалҭеит Скорик.

Лара лажәақәа рыла, ашыӡ абарҭ рҩызцәа ацәырҵшьақәа имоуп - ашоура, ахыхь, аҟәартәрақәа рхьаа, агәыхынҳәра, аҿыхра, амгәатара. Ауаҩы аиарҭаҟны даанымгылакәа, ахьҭа иҽаиркыр, аменингит ихьыр ауеит, иԥсҭазаара далҵыргьы ҟалоит.

Иҟаҵатәузеи акәыбрқәа уҽырцәухьчарц азы - Sputnik Аҧсны
Иҟаҵатәузеи акәыбрқәа уҽырцәухьчарц азы

Аԥсны асанитартә ҳақьым хада ауааԥсыра ирабжьылгоит акәыбрқәа рҽацәыхьчаразы иаҭаху ҟарҵаларц: аԥенџьыр акаҭақәа арҭаларц, иахьынхо акәшамыкәша аӡҭатәақәа ықәыргарц, ауадақәа аҳауа ҩнадырсларц, адәаҿы ианыҟоу, акәыбрқәа зыцәшәо ахәшәқәа рхьыршьларц.

2019 шықәса нанҳәамза алагамҭазы Роспотребнадзор иҟанаҵаз адыррақәа инрықәыршәаны, 2019 шықәсазы Краснодартәи атәылаҿацә аҟны Мраҭашәаратәи Нил ашыӡ 7-ҩык ирыхьит.

Аԥсны уи ачымазара ҿкы зыхьыз ҳәа аӡәгьы дшьақәыргылаӡам, лҳәеит Лиудмила Скорик.

Уаанӡа агазеҭ "Известия", аепидемиолгцәа ражәақәа ҵаҵӷәыс иааганы, Ҟрым иахьаҵанакуа Амшын еиқәа аԥшаҳәахьы ишаауа ауаҩы иԥсҭазаара иалҵра зыхҟьо атропикатә чымазарақәа еиҭазго акәыбрқәа. Краснодартәи атәылаҿацә иаҵанакуа Роспотребнадзор ари аинформациа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа ахнаҳәаауеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0