Аҟәа иаатит ахада иалхрақәа Жәларбжьаратәи рыпресс-центр

© SputnikАҟәа иаатит ахада иалхрақәа Жәларбжьаратәи рыпресс-центр
Аҟәа иаатит ахада иалхрақәа Жәларбжьаратәи рыпресс-центр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит атәыла алхырҭатә ҭыԥқәа 152 рҿы, иара убас Москва, Черкесск, Сҭампыл.

АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Асабша, нанҳәа 24 рзы Аҟәа иаатит ахада иалхрақәа Жәларбжьаратәи рыпресс-центр, абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik Аԥсны акорреспондент.

АКХ 4500 биуллетен аҳәаанырцә иашьҭуеит ахада иалхрақәа раан абжьыҭаразы - Sputnik Аҧсны
АКХ 4500 биуллетен аҳәаанырцә иашьҭуеит ахада иалхрақәа раан абжьыҭаразы

"Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа, ажурналистцәа ахада иалхрақәа раан русуреи реиқәшәарақәеи рзы иҭыԥ хадоуп. Ара аофициалтә информациа рыларҳәалоит", - иҳәеит АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа, иажәа иацҵо, иҳәеит Жәларбжьаратәи апресс-центр шаԥҵоу ахада иалхрақәа рцашьа иазку аинформациа ауаажәларра рызнагаразы.

Ажурналистцәеи анаԥшыҩцәеи рахь ихы нарханы, АКХ ахантәаҩы инаҵишьит урҭ русура ҳтәылаҿы аҵак ду шамоу. Иара убасгьы иазгәеиҭеит ахада иалхрақәа рзы аҽазыҟаҵарақәа зегьы шыхдыркәшахьоу.

Ахада иалхрақәа ҟалоит нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы. Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәыргылоуп акандидатурақәа жәба – Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа, Олег Аршба, Асҭамыр Ҭарба, Алмас Џьапуа, Леонид Ӡаԥшьба, Шамиль Аӡынба, Асҭамыр Какалиа, Артур Анқәаб.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит Аԥсны атәылауаҩ, милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи ахәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Зынӡа Аԥсны иҟоуп алхырҭатә ҭыԥқәа 152, алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 35 рҟны. Иара убас алхырҭатә ҭыԥқәа 3 аартхоит аҳәаанырцә: Москва, Черкесск, Сҭампыл.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы.

Аԥсны Алхратә комиссиа хада апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АКХ: алхырҭатә ҭыԥ анҭыҵ абжьыҭаразы арзаҳал алаҵатәуп нанҳәа 24 рҟынӡа

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп.

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50%-и даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далхымзар, АКХ аҩынтә раан абжьыҭара амш шьақәнаргылоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа иреиҳамкәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далхымзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0