Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Ҳаџьымба Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи абжьаратә школ №14 аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ №2 ахь Рауль Ҳаџьымба дааит асааҭ 9:00 рзы.

АҞӘА, нанҳәа 25 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат иахьатәи ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит, абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иаалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

Рауль Ҳаџьымба ибжьы аиҭеит Аҟәатәи абжьаратә школ №14 аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ №2 аҿы. Иара алхырҭатә комиссиа аусзуҩ длыдгылан, итәылауаҩшәҟәы лиҭеит, анаҩс лара абиуллетен илыркит. Убри ашьҭахь ахада абжьыҭирҭа уадахь дыҩналеит. Ибжьы аиҭан, Рауль Ҳаџьымба абиуллетен абжьыҭаразы аурна иҭаиршәит.

Анаҩс иахьатәи ахада ажурналистцәа дрыҿцәажәеит.

"Иалырхлакгьы, ари аетап қәнагала ҳахысроуп. Агәра ганы сыҟоуп, ҳажәлар аҭынчреи аԥеиԥш лашеи шалырхуа. Ҳара ԥхьаҟа ҳцалароуп, ҳаҿиалароуп", - иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Хаджимба принял участие в голосование
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы ибжьы аиҭеит - Sputnik Аҧсны
Рауль Хаджимба принял участие в голосование

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп акандидатурақәа жәба – Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа, Олег Аршба, Асҭамыр Ҭарба, Алмас Џьапуа, Леонид Ӡаԥшьба, Шамиль Аӡынба, Асҭамыр Какалиа, Артур Анқәаб.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0