Гагра араион аҟны алхрақәа азакәан инақәыршәаны имҩаԥысуеит

гагра
гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадарахьы рыбжьы рҭираны иҟоуп 24 нызқьҩык инарзынаԥшуа алхыҩцәа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Гагра араион аҟны иаартуп алхратә ҭыԥ хадақәа хәба. Ажәбатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуеит Пицунда ахырхарҭаҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа хԥа. Ажәабатәи алхратә ҭыԥ хада Бзыԥҭа иаартуп, уахь иаҵанакуеит алхырҭатә ҭыԥқәа хәба, руакы аартуп Алаҳаӡыхь ақыҭан. Ажәеизатәи алхратә ҭыԥ хада Гагра иаартуп, иаҵанакуеит алхырҭатә ҭыԥқәа хԥа. Ажәаҩатәи алхратә ҭыԥ хадагьы аартуп Гагра, иаҵанакуеит алхырҭатә ҭыԥқәа хәба. Ажәахатәи алхратә ҭыԥ хада аартуп Цандрыԥшь аҳаблан, уахь иаҵанакуеит алхырҭатә ҭыԥқәа жәаха. Аамҭалатәи асиақәа рыла, Гагра араион рыбжьы рҭираны иҟоуп 24 нызқьҩык инарзынаԥшуа алхыҩцәа.

Выборы в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
АКХ: абжьыҭаразы аршаҳаҭгақәа рыла алхрақәа ирылахәхоит 459-ҩык ауааԥсыра

Ишахәҭоу еиԥш, алхырҭатә ҭыԥқәа аусура иалагеит асааҭ ааба рзы. Уажәтәи аамҭазы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхра, азакәан инақәыршәаны имҩаԥысуеит.

"Ажәаҩатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуа, ахԥатәи алхырҭатә ҭыԥ ааҳартит асааҭ ааба рзы, иара убри аамҭазы иаҳҭааит раԥхьатәи алхыҩцәа. Ҳара ҳҟны сиала рыбжьы рҭираны иҟоуп 1519-ҩык, асааҭ 9.20 минуҭи рзы иҟаҳҵаз аихшьаала ала рыбжьы рҭихьан 76-ҩык. Алхрақәа рымҩаԥысшьа бзиоуп, аӡәгьы агәынамӡара ааимырԥшыцт. Агәыӷра сымоуп гәынамӡарада ҳус ҳхарқәшап ҳәа", - азгәалҭеит ажәаҩатәи алхратә ҭыԥ хада, ахԥатәи алхырҭатә ҭыԥ ахантәаҩы Хана Гәынԥҳа.

Ажәеизатәи алхратә ҭыԥ хада, актәи алхырҭатә ҭыԥ ахантәаҩы Виачеслав Аҩардан иажәақәа рыла, егьырҭ алхрақәа раан, ажәлар еиҳа активра аадырԥшуан.

"Иахьа, асиа иарбоу 1172-ҩык рахьтә, асааҭ 10 рзы 175-ҩык роуп зыбжьы зҭихьаз. Егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны ҳахәаԥшуазар, абри аамҭазы 400-ҩык рҟынӡа иааиуан. Аха ҳгәы каҳажьуам, доусы уск-уск ирҿуп, шьыбжьышьҭахь аҭагылазаашьа аҽаԥсахып ҳәа ҳгәыӷуеит", - ҳәа наҵеишьит Аҩардан.

Ажәеизатәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуа ахԥатәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны шьыжьнаҵы алхыҩцәа агәаран иқәгылеит. Араҟа сиала рыбжьы рҭираны иҟоуп 2191-ҩык, асааҭ 9.30 минуҭи рзы 177-ҩык алхыҩцәа рыбжьы рҭихьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0