Аԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба Аҟәа ибжьы аиҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОлег Аршба Аҟәа ибжьы аиҭеит
Олег Аршба Аҟәа ибжьы аиҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы алхрақәа мҩаԥысуеит 152 алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны, урҭ 35 алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рахь иаҵанакуеит. Аԥсны ахадарахьы акандидат Олег Аршба ибжьы аиҭеит Аҟәатәи абжьаратә школ №14 аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ №2 аҟны.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидат Олег Аршба ибжьы аиҭеит Аҟәатәи абжьаратә школ №14 аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ №2 аҟны, абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иаалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

Олег Аршба иажәақәа рыла, абжьыҭарахь дааит игәалаҟазаара бзианы.

"Ҳажәлар аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аизҳазыӷьареи рзеиӷьаҳшьоит. Хымԥада, алхрақәа турк ала ҳрылгар бзиан, аха уи алхыҩцәа роуп знапы иану", - иҳәеит иара.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадыртӡом - Sputnik Аҧсны
Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадыртӡом

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Гагра араион аҟны алхрақәа азакәан инақәыршәаны имҩаԥысуеит>>

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0