Алхрақәа рымш аҽны Аԥсны иахьаҵанакуа ацәгьоурақәа ҩба ҟалеит

© Sputnik Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра
Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа раан ашәарҭадара хылаԥшра арҭоит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Аҳәынҭкарратә ахьчаратә маҵзура, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа.

АҞӘА, нанҳәа 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Алхрақәа рымш аҽны Аԥсны иахьаҵанакуа ацәгьоурақәа ҩба ҟалеит иҳәеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба ареспублика АКХ Жәларбжьаратәи апресс-маҵзураҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы.

Аминистр иажәақәа рыла, Аҟәатәи аџьармыкьаҿы ҽынла нанҳәа 25 рзы аӷьычра ҟалеит. Ацәгьа зуз иаарласны даанкылан. Араион ҿыц аҿы даанкылан жәа-граммк амарихуана здырбалаз ахаҿы.

Аԥсны ахада иалхрақәа рымҩаԥысраан азинеиҿкаара иахылаԥшуеит 700-ҩык амилициауаа инареиҳаны.

Асааҭ 12 рзы Аԥсны АКХ апресс-маӡаныҟәгаҩ Елена Лабахәуаԥҳа адырра ҟалҵеит рыбжьы шырҭихьо 19,2% алхыҩцәа - 23 нызқьи 442-ҩык ауааԥсыра.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 аартын Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Москвеи Черкесски. Сҭампыл алхырҭатә ҭыԥ аадмыртӡеит.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Выборы в Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Аршба: Аԥсны иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны азинеиҿкааратә еилагарақәа ыҟам

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0