Афедерациа ахеилак аҟынтәи анаԥшцәа Аԥсны жәлар Азхаҵара амш рыдырныҳәалеит

© Sputnik / Владимир Попов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛикование в Сухуме
Ликование в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Афедерациа ахеилак аҟынтәи Аԥсны алхрақәа рхылаԥшразы иааз анаԥшцәа Sputnik Аԥсны апресс-конференциаҿы ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵеит.

АҞӘА, нанҳәа 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны алхрақәа рхылаԥшразы наԥшыҩцәак раҳасабала иааз Урыстәыла Афедерациа ахеилак алахәылаҩцәа Аԥсны жәлар ирыдырныҳәалеит Жәларбжьаратәи Ахьыԥшымра Азхаҵара амш.

"11 шықәса раԥхьа Аминистрцәа рхеилак аҩнаԥҟхьа зыбжьы згоз ахысбжьқәа, акәашара, ашәаҳәара, ажәлар зегьы еицгәырӷьо ишҵәуоз", - иҳәеит Жәларбжьаратәи аусқәа рзы Урыстәыла Афедерациа ахеилак аилак алахәыла Алексеи Кондратиев Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны.

© Sputnik / Томас ТхайцукУрыстәыла Афедерациа ахеилак аилак алахәыла Алексеи Кондратиев
Афедерациа ахеилак аҟынтәи анаԥшцәа Аԥсны жәлар Азхаҵара амш рыдырныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Афедерациа ахеилак аилак алахәыла Алексеи Кондратиев

Ари аделегациа Аԥсныҟа ианааз актәи амш нанҳәа 24 рзы ирҭааит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшьи рнышәынҭрақәа, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аделегации алахәыла Михаил Козлов инаҵшьны иазгәеиҭеит Афедерациа ахеилак ишаԥу еиԥш Аԥсны Ахьыԥшымра Азхаҵара амш азгәаҭара иалахәуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукАделегации алахәыла Михаил Козлов
Афедерациа ахеилак аҟынтәи анаԥшцәа Аԥсны жәлар Азхаҵара амш рыдырныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
Аделегации алахәыла Михаил Козлов

"Ҵыԥх ари амш 10 шықәса анахыҵуаз ҳара ара ҳаҟан, ҳара ҳазгьы ари ныҳәоуп, анаҩсангьы ҳхы алаҳархәлоит, аамҭа ҳаулар", - иҳәеит иара.

Атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы Афедерациа ахеилак аилак алахәыла Ольга Ковитиди иазгәалҭеит рхеилак Аԥсны Апарламент аус еснагь ишацнауа.

"Апарламентбжьаратә усеицура хаҳарыла аус ауеит, уи наҟ-наҟгьы анарха амоуп. Аԥсны ангәырӷьо, ҳаргьы ҳгәырӷьоит. Ари аныҳәамшгьы гәыкала ишәыцеиҩаҳшоит", - лҳәеит Ковитиди.

© Sputnik / Томас ТхайцукАтәылахьчареи ашәарҭадареи рзы Афедерациа ахеилак аилак алахәыла Ольга Ковитиди
Афедерациа ахеилак аҟынтәи анаԥшцәа Аԥсны жәлар Азхаҵара амш рыдырныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
Атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы Афедерациа ахеилак аилак алахәыла Ольга Ковитиди

Жәларбжьаратәи аусқәа рзы Урыстәыла Афедерациа ахеилак аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, аделегациа аиҳабы Фарит Мухаметшин Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит иахьатәи аныҳәа, ирзеиӷьеишьеит аизҳазыӷьара.

© Sputnik / Томас ТхайцукУрыстәыла Афедерациа ахеилак аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, аделегациа аиҳабы Фарит Мухаметшин
Афедерациа ахеилак аҟынтәи анаԥшцәа Аԥсны жәлар Азхаҵара амш рыдырныҳәалеит - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Афедерациа ахеилак аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, аделегациа аиҳабы Фарит Мухаметшин

Урыстәыла ахада Дмитри Медведев нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы ауаԥс жәлари аԥсуа жәлари ргәаҳәара ҳасаб азуны, ЕАР Аԥҟаԥҵәа ақәҵарақәеи аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу жәларбжьаратәи азин апринципқәа рзы 1970 шықәсазтәи адекларациеи, 1975 шықәсазтәи Хельсинкитәи ОБСЕ ахыркәшаратә пакти, егьырҭ ихадароу жәларбжьаратәи адокументқәеи дрықәныҟәаны, инапы аҵеиҩит Урыстәылатәи Афедерациа Аахыҵ Уаԥстәыла Ахьыԥшымреи Аԥсны Ахьыԥшымреи шазханаҵо азы Аусԥҟақәа.

Урыстәылеи Аԥсныи рнапы аҵарҩит Аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра, Аԥсны иахьаҵанакуа аурыс арратә база аргыларазы Аиқәшаҳаҭра, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа аицыхьчаразы Аиқәшаҳаҭра, иара убас егьырҭ аҳәынҭқаррабжьаратәи аиҳабырабжьаратәи документқәа.

Ашәахьа, нанҳәа 26, Аԥсны Ахьыԥшымра Жәларбжьаратәи Азхаҵара амш азы агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа атәыла ахьынӡанаӡааӡо иҟалоит. Уи ныҳәатә ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.

Урыстәыла ада, Аԥсны Ахьыԥшымра азхарҵеит Венесуела, Никарагуа, Шьамтәыла, Науру, Вануату, Тувалу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0