Ҳаџьымба аԥсуа жәлар иҭабуп ҳәа реиҳәеит алхрақәа рхы ахьрыладырхәыз азы

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҲаџьымба аԥсуа жәлар иҭабуп ҳәа реиҳәеит алхрақәа рхы ахьрыладырхәыз азы
Ҳаџьымба аԥсуа жәлар иҭабуп ҳәа реиҳәеит алхрақәа рхы ахьрыладырхәыз азы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ахә ҳаракны ишьеит алхрақәа рымҩаԥысшьа, аполитикатә мчрақәа зегьы рахь ааԥхьара ҟаиҵеит абжьыҭирақәа аҩбатәи ртур ҭакԥхықәрала иазнеирц.

АҞӘА, нанҳәа 27 – Sputnik. Рауль Ҳаџьымба ажәлар иҭабуп ҳәа реиҳәеит нанҳәа 25 рзы имҩаԥысыз алхрақәа рхы ахьрыладырхәыз азы ҳәа аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба Зурабишвили Аԥсны архынҳәра ахьылҭаху азы: лгәаанагара хьаас иҳамам

"Нанҳәа 25 рзы ҳтәылаҿы имҩаԥысыз Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа – ҳҭоурых аҿы иалкаатәу, аҵак ду змоу хҭысуп. Ҳаҭыр ақәҵатәуп арҭ алхрақәа аиҿагыларахь инамгакәа, ҳконституциеи алхратә закәани ирықәыршәаны иахьымҩаԥгахаз. Араҟа иааԥшит ҳауаажәлар рҟәыӷара, аҳәынҭқарра алахьынҵа, уаҵәтәи аԥеиԥш хьаас ишрымоу. Даараӡа иҭабуп ҳәа шәасҳәоит алхрақәа рышҟа инеиз зегьы адемократиатә ԥҟарақәа ҳаҭыр рықәҵаны, аполитикатә хдырра ҳаракы аазырԥшыз ҳҭәылауаа зегьы", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аҳәаанырцәынтәи арахь иааз анаԥшцәагьы алхрақәа рылҵшәа иаԥырхагаз аилагарақәа аҭыԥ шрымамыз, ҳауаажәлар ишаадырԥшыз алеишәа, аихаҵгылара ҳәа.

"Ишыжәдыруа еиԥш, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аҿиара, уи аполитикатә система ашьақәгылара – имариам, ауадаҩрақәа рацәаны изцу процессуп. Аха абас шьаҿа-шьаҿала ҳаргьы ҳанысроуп убри амҩа. Ҳахӡыӡаалароуп Аԥсны аҵеицәа ршьала иаагоу ҳхьыԥшымра, ҳҳәынҭқарратә суверенитет. Адунеи зегьы аҿы ирбартә иҟаҳҵароуп ҳара ишҳаргыло изинтәу, ацивилизациеи акультура ҳараки шьаҭас измоу аҳәынҭқарра", - аҳәоит адырраҿы.

Иара убасгьы иҳәеит алхрақәа ажәлар рполитикатә хдырра, агәаанагараеиԥшымзаара, хаҭалатәи алхра шрылдыршаз.

"Сақәгәыӷуеит, хара имгакәа имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа рхыркәшаратә тур аҿгьы иҟалап ҳәа аҭышәынтәалара, аилыибакаара, аихаҵгылара. Хымԥада, иаҳуалԥшьоуп ҳауаажәлар реидкылара, урҭ ракзаара, азеиԥш милаҭтә интересқәа рыхьчаразы аҳәоуеиқәшәара", -  иҳәоит Ҳаџьымба.

Атәыла ахада аполитикатә мчрақәа зегьы рахь ааԥхьара ҟаиҵеит абжьыҭирақәа аҩбатәи ртур ҭакԥхықәрала иазнеирц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0