Аӡархәма, ма анасыԥ азы аԥшра: нанҳәа ауха имҩаԥырго ақьабз

© Sputnik / Viktor TolochkoДевушка во время гадания
Девушка во время гадания - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.08.2023
Анапаҵаҩра
Аҭаацәара иаламлац аҭыԥҳацәа Нанҳәа ауха иҟарҵоз "анасыԥ азы аԥшра" атәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Иахьа Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иазгәарҭо Нанҳәа, иԥшьоу, акырӡа зҵазкуа ныҳәоуп. Аԥсуаа рҟны Нанҳәа аԥсцәа ргәаларшәара амш оуп. Ргәаанагарала, Нанҳәа аҽны аԥсцәа зегьы рцәеи-ржьи ахьамадоу адгьыл иаҭаауеит, ԥхьаҟа иҟалараны иҟоу рдыруа. Аха ирымоу адыррақәа зегьы ирымардаӡом. Урҭ рымаӡа аартышьа уақәшәароуп акәымзар.

Аԥсцәа рдыррақәа риуразы имҩаԥыргоз қьабзын Аӡархәма, даҽакала иуҳәозар анасыԥ азы аԥшра. Иазгәаҭатәуп, аҭаацәара алалара иадҳәалоу ари ақьабз ҳаамҭазы узнадыххылом, ижәытәӡатәиуп. Ауаатәыҩса наџьнатә ргәы ицхоз ахатә ԥсҭазаара, аҭаацәаратә маншәалара азгәышьра иарҿиаз акоуп.

Аӡархәма ҳәа зыӡбахә ҳәоу ақьабз, мҩаԥызгоз, иалахәыз аӡӷабцәа ракәын. Алахәылацәа хыԥхьаӡарала ҩыџьа иреиҵамкәа, гәыԥҩык ыҟазар еиҳагьы еиӷьын. Ақьабз амҩаԥгаразы иадыргалоз марҭхәқәан: аҟәыд ацәа рҩа, аӡы зҭоу агәыгәым. Ақьабз мҩаԥыргон Нанҳәа ауха. Аӡархәма аҿар иртәу, дара имҩаԥырго қьабзуп. Ари ақьабз шьақәдыргылоит ихадоу х-хәҭак: амца аиқәҵара, амца акәшәара (ахыԥара), аӡы аиқәҭәара.

Уахынлан аӡӷабцәа гәыԥҩык ҩнаҭак аҿы еизон. Аҟәыд ацәала амца ду еиқәҵаны, ркалҭқәа еибаркны, амца иакәшо ашәаҳәара иалагон:

Ӡӷабк лыбжьы аалыргоит:

– Уаа бара!

Егьырҭ зегьы:

–Уоу!

–Аӡархәма!

–Уоу!

–Аӡарԥшьма!

– Си маҭа! Си маҭа!

Гьар Ҳәымпыл, Гьар Ҳәымпыл,

Ақырҭ-ԥҳа Гьалҳәа дигеит,

Гьалҳәа, Гьалҳәа ишаноу!

Мужчина прыгает через костер на праздновании Ночи святого Хуана в Испании - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2019
Барбанџьиа, аӡырыҩра, анасыԥ аԥшра - Нанҳәа аламҭалазтәи ақьабзқәа

Абарҭ ажәақәа ҳәо, еиҭаҳәо, акыр аамҭа амца иакәшон, наҟ-ааҟ иахыԥон, нас адәахьы адәылҵра рҽаназыркуаз аламҭалазы агәыгәым аазна аӡы кны ашә иавагылаз аӡӷабцәа руаӡәк иаадәылҵуа зегьы аҽыҩҳәа аӡы рықәылҭәон.

Анеиҩс, аҭыԥҳацәа рҽааибаркны хәы ҳаракык аҿы ицаны иқәтәон, ҭынч иӡырҩуа. Иӡырҩуан убри ашықәс иалагӡаны хаҵа ицоу-имцоу еилыркааразы. Ашықәс аҩнуҵҟа аҭаацәара иалалараны иҟаз лыҩнаҭаҿы ашәаҳәабжьи акәашабжьи ҭыҩуа иалагон.

Ажәа "Аӡархәма" ахьынтәаауеи, аҭыԥҳацәа ирҳәо ашәа шьақәзыргыло ажәақәа рҵаки ҳаилзыркааша аинформациа иахьанӡа имааӡеит.

Аха иҟоуп агәаанагарақәа, урҭ ҵаҵӷәыдам. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, афольклорист Цира Габниаԥҳа лыстатиа "Аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи изызкуи ирымҩаԥгашьоуи рзы згәаҭарақәак" аҟны абас лыҩуеит:

"Зегь раԥхьа иргыланы аритуал ахьӡ ахаҭа Аӡархәма, иара убас ажәа Аӡарԥшьмагьы. Ажәақәа "Си маҭа! Си маҭа!" аҟабарда бызшәа ажәар иатәуп, иаҵанакуагь "Сара скаҵкәыр!" ауп. Сгәанала, абри аритуал аҿы имҩаԥысуеит хаҵа имцац аҭыԥҳа хаҵацара лазыҟаҵарагьы, убри азы ауп изалагалоу акы аҭира, аахәара иасимволу акаҵкәыр. Баша иҳәаӡам ажәақәа: Гьар Ҳәымпыл, Гьар Ҳәымпыл, Ақырҭ-ԥҳа Гьалҳәа дигеит"

Арҭ ажәақәа аҭыԥҳа лаҩсҭаахә ибылра, лхаҵацара, аҿыц ԥсҭазаара лазырхиара иазҳәоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0