Керч иҭахаз Аԥснытәи асолдаҭцәа рыхьӡқәа шьақәыргылоуп

© Sputnik / Владислав Микоша / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКерч ахақәиҭтәра 1942 шықәса рзы
Керч ахақәиҭтәра 1942 шықәса рзы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Керч ахақәиҭтәразы 1942 шықәса рзы иҭахеит 110 нызқьҩык ауааԥсыра, итҟәан 170 нызқьҩык асолдаҭцәа.

АҞӘА, нанҳәа 30 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аҳәаақәа ирҭагӡаны ишьақәыргылоуп адгьылбжьаха ахақәиҭтәраан иҭахаз 52 солдаҭ рыхьӡқәа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект "Ахьӡ архынҳәра" автор Григори Скворцов.

1941 шықәса рзы Аԥсны ауааԥсыра афронт ахь ирыԥхьан массала Керчтәи адгьылбжьаха ахақәиҭтәразы. Аибашьра цон адәысакарақәа рҿы, Ленинтәи араион аҿы, Керч 80 километр инацәыхараны.

Кәыркәынаа апроект "Ахьӡ архынҳәра" азы: акурсантцәа ргәы ақәкны аус ду иаҿуп>>

Ахақәиҭтәратә операциа иалахәын х-отриадк, аха аӷа имчқәа акыр еиҳан, еиҳаракгьы авиациаҿы. Ари иахҟьаны аҭыԥ ахақәиҭтәра ацынхәрас асовет ар амацәаз иҭаркит.

"Керч ахақәиҭтәразы 1942 шықәса рзы иҭахеит 110 нызқьҩык ауааԥсыра, итҟәан 170 нызқьҩык асолдаҭцәа. Аибашьцәа алымқәа реиԥш ишықәԥозгьы, рымчқәа мхеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Скворцов.

Апроект автор иажәақәа рыла, Аԥснынтәи инаԥхьаз асолдаҭцәа рыԥшааразы Аҟәатәи азеиԥшкомандатә арратә училишьчеи Атәылахьчара аминистрра аштаб хада акоменданттә ротеи ркурсантцәа иҭырҵааит 47 нызқьҩык асолдаҭцәа, Керч ахьчаҩцәа рсиа.

Жьиба "Ахьӡ архынҳәразы": аҿарацәа ирдыруазароуп рабдуцәа ирхыргаз, ирлахьынҵахаз>>

Апроект анапхгаҩцәа гәҭакыс ирымоуп аԥснытәи асолдаҭцәа анышә иахьамадоу анеира жьҭаара 1 - 15 рзы.

Батальное ақыҭаҿ, асолдаҭцәа анышә иахьамадоу аҭыԥ аҿы апроект авторцәа ргәы иҭоуп абаҟа аргылареи аҵәа-баҳча аиҭаҳареи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0