Ҳаамҭа иақәшәо: Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп абалалаикатә концертқәа

© Sputnik / Евгения Новоженина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны имҩаԥысраны иҟоуп абалалаикатә концертқәа
Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп абалалаикатә концертқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апрофессионалтә балалаикарҳәаҩ Андреи Кириаков иконцертқәа Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 3 - 6 рзы.

АҞӘА, цәыббра 2 - Sputnik, Бадри Есиава. Апрофессионалтә балалаикарҳәаҩ, х-инструментк рыла аамҭакала ихәмаруа Андреи Кириаков иконцертқәа Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" аконсультант Дмитри Кононов.

"Андреи Кириаков иконцерт еиҳарак аҿар ирзырхоуп. Х-инструментк рҿы аамҭакала ихәмарра адагьы, иара арок композициақәеи ҳаамҭазтәи амузыкеи аирҳәоит", - иҳәеит Кононов.

"Россотрудничество" аконсультант Дмитри Кононов агәаанагара имоуп апублика зқәымгәыӷуа аҳамҭа - аԥсуа мелодиақәа - рзыӡырыҩраз алшара роур ҟалоит ҳәа.

Аконцертқәа еиҿнакааит арегионалтә уаажәларратә еилазаара "Евразийский народный союз" Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" адгыларала. Кононов иажәақәа рыла, Андреи Кириаков – абалалаика хкқәа ԥшьба - прима, електро, альт, контрабас рарҳәара зылшо амузыкантцәа рахьтә иара аӡә заҵәык иоуп иҟоу Урыстәыла.

Апроект хықәкыс иамоуп аԥсуа зыӡырҩы аурыс милаҭтә инструмент ирдырра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0