Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аԥсуа еибашьцәа рлахьынҵа шьақәнаргылеит

© Sputnik / Леонид Бать / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДнепр аҟны аибашьра
Днепр аҟны аибашьра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зынӡа афашист концлагерқәа рҟны иҭакыз Ар ҟаԥшьаа 398-ҩык рыжәлақәа шьақәыргылоуп.

АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Даҽа 73-ҩык хабарда ибжьаӡны иҟаз Аԥснытәи асолдаҭцәа рыхьӡқәа шьақәыргылахеит апроект "Ахьӡ архынҳәра" ахархәарала ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект автор Григори Скворцов.

Акраамҭа хабарда ибжьаӡуп ҳәа ишьаз аԥснытәи аибашьцәа афашист лагерқәа рҿы ишбаандаҩцәаз шьақәыргылахеит. Зынӡа ишьақәыргылан 398 жәла. Аҵыхәтәантәи адыррақәа нашьҭын урыстәылатәи арратә архив ахь Еиду аштатқәа рҟынтәи акраамҭатәи аилацәажәарақәа рышьҭахь иҳәеит Скворцов.

Апроект "Ахьӡ архынҳәра" авторцәеи аволонтиорцәеи рҿаԥхьа дҵас иқәдыргылеит ҿыцны ирыԥшааз аконцлагерқәа рбаандаҩцәа рхаҭарақәа рышьақәыргылара иазку аофициалтә документқәа урҭ рыуацәеи рҭынхацәеи ԥшааны, рнапаҿы иддыркразы. 2015 шықәса раахыс 175 ҭаацәара ирыҭоуп ргәакьацәа рыԥсҭазаара ианалҵыз арыцхә, рыжырҭа ҭыԥ зну адокументқәа.

1941-1945 шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан хабарда ибжьаӡызи иахьытҟәаз иҭахази Аԥсны атәылауаа рсиа шәаԥхьар шәылшоит абра>>

Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аԥҵан Аԥсны Атәылахьчара аминистрра алахәрала. Апроект хықәкы хадас иамоуп 70 шықәса раахыс хабарда ибжьаӡит ҳәа ишьоу ауаа рыхьӡ аиҭашьақәыргылара, урҭ рыуацәеи рҭынхацәеи дара ирызку аофициалтә документқәа рыҭара.

Хышықәса ирықәуп аинформациатә маҵзура Sputnik апроект "Ахьӡ архынҳәра" партниорс иазыҟоижьҭеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0