Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа астудентцәа Иалта иқәгылоит

CC0 / / Микрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акәашареи, ашәаҳәареи, аинструменталтә ҟазареи рзы Жәларбжьаратәи афестиваль-еиндаҭлара "Звездный путь" аҿар рыбжьара имҩаԥгахоит Иалта, цәыббра 7-11 рзы.

АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Иалта, цәыббра 7-11 рзы акәашареи, ашәаҳәареи, аинструменталтә ҟазареи рзы Жәларбжьаратәи афестиваль-еиндаҭлара "Звездный путь" аҿы Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа астудентцәа ықәгылоит ҳәа Sputnik иазааицҳаит аҵараиурҭа арҵаҩы Ҭемыр Ҭаниа.

"Ааԥхьара ҳауит афестиваль ахантәаҩы Бедрос Киркоров иҟынтәи. Афестиваль иалахәхоит: Асҭамур Вартанов, Альбина Кәыҵниаԥҳа, Милена Камлиаԥҳа. Агәыӷра ду ҳамоуп аԥыжәаратә ҭыԥқәа наҳкылап ҳәа. Нанҳәа 15 раахыс  арепертуар аиҿкаара ҳаҿуп. Аԥсуа ашәақәа, аурыс ашәақәа, англыз бызшәалатәи ашәақәа наҳагӡараны ҳаҟоуп", - ҳәа иҳәоит иара.

Акәашареи, ашәаҳәареи, аинструменталтә ҟазареи рзы Жәларбжьаратәи афестиваль-еиндаҭлара "Звездный путь" аҿар рыбжьара имҩаԥгахоит Иалта, цәыббра 7-11 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0