Шабаҭ Логәуа "Тюмень" аҟны ихәмарра хациркит

© Sputnik / Томас ТхайцукШабаҭ Логәуа
Шабаҭ Логәуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи "Нарҭ" ахьчаҩбжа, Аԥсны еизгоу акоманда алахәыла Шабаҭ Логәуеи ашьапылампылтә клуб "Тюмени" нанҳәамза анҵәамҭазы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи "Нарҭ" ахьчаҩбжа, Аԥсны еизгоу акоманда алахәыла Шабаҭ Логәуа "Тюмень" акоманда далахәны Урыстәыла Аолимп–Храҿа афинал 1/32 аҟны дыхәмарит.

""Енисей" акоманда ҳацыхәмаруан. Дара 2018 шықәсазы апремьер-лигаҿ ихәмаруан. Ахәмарраан ахәаԥшыҩцәа реиҳараҩык ҳкоманда иадгылон. Аиааира даара ҳгәы шаҳәозгьы иаҳзалмыршеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Шабаҭ Логәуа.

Шабаҭ Логәуа ахәмарра-дәы аҿы 85 минуҭ дыҟан.

"Тюмень" аофициалтә саит аҿы аԥсуа шьапылампыласыҩ идебиут иалацәажәан.

Ашьапылампылтә команда "Тюмень" "Урал-Поволжье" азонаҿ ихәмаруеит.

Уаанӡа Шабаҭ аҟәатәи "Нарҭ" аҿы дыхәмаруан. Ҩынтә атәыла Ахраҿа даԥсахеит, ачемпионтә титулқәа ҩба иоуит акоманда аилазаара даланы.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0