Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аҟны абжьыҭара иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы в Абхазии
Выборы в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит амҽыша, цәыббра 8, 2019 шықәса рзы. Ахада аамҭакала дицалырхуеит ихаҭыԥуаҩыс зыӡбахә иҳәо акандидат.

АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Аԥсны ахада далырхуеит амҽыша, цәыббра 8 рзы. Алхрақәа аҩбатәи ртур аҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны.

Алхырҭатә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 20:00 рҟынӡа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы аҩбатәи атур аҟны иқәгылоуп ҩыџьа акандидатцәа - иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымбеи аоппозициатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниеи.

Ахада аамҭакала дицалырхуеит ихаҭыԥуаҩыс зыӡбахә иҳәо акандидат. Рауль Ҳаџьымба ихаҭыԥуаҩрахь кандидатс дицуп Аслан Барцыц, уи иахьатәи аамҭазы Аԥсны ахада Иусбарҭа аексперттә ҟәша аиҳабы имаҵура дахагылоуп. Алхас Кәыҵниа ихаҭыԥуаҩрахь кандидатс дицуп Жәлар Реизара - Апарламент адепутат Дмитри Дбар.

Ателедебатқәа - Sputnik Аҧсны
Акандидатцәа реицәажәара: Аԥсуа телехәаԥшраҿы адебатқәа мҩаԥысит

Аԥсны АКХ иаанацҳауеит атәылаҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 152 шыҟоу, атәыла анҭыҵ ҩба - Москвеи Черқьесски.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу Аԥсны атәылауаа зегьы, зжәытә тәылауаҩшәҟәқәа аҿыцқәа рыла изыԥсаххьоу.

2019 шықәса рызтәи Аԥсны ахада иалхрақәа актәи ртур мҩаԥысит нанҳәа 25 рзы. Уи иалахәын ҳтәыла иҿыцӡоу аҭоурых аҟны алхрақәа ирылахәыз рахьтә зегь иреиҳахаз ахыԥхьаӡара - жәҩык акандидатцәа.

Урҭ рахьтә аиааиразы иаҭахыз 50% иреиҳаны абжьқәа аӡәгьы иахьимоуз азы, абжьыҭара аҩбатәи атур рылаҳәан.

Ҩынтәтәи абжьыҭараан абжьқәа реиҳарак зауз акандидат аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит.

Убри аан алхрақәа рхы рыладырхәроуп алхыҩцәа рсиақәа ирну 25% иреиҵамкәа атәылауаа. "Зегьы ирҿагылоу" аграфа абжьқәа реиҳарак аиур, алхрақәа зышьақәымгылеит ҳәа рыларҳәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0