Гагра араион алхыҩцәа уаҵәтәи амш агәыӷрақәа адырҳәалоит

© Foto / Саида ЖибаГагра ахада иалхрақәа
Гагра ахада иалхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион алхыҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхра ныҳәак еиԥш иаԥылоит.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Гагра араион аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхра аҩбатәи атур мҩаԥысуеит алхратә ҭыԥ хадақәа хәба ирыҵаркуа алхырҭатә ҭыԥқәа 29 рҿы. Ашьыжь инаркны бжьыҭара иааиуа алхыҩцәа ргәалаҟазаара бзиоуп. Уаҵәтәи амш агәыӷрақәа адырҳәалоит. Агәра ргоит алхрақәа аимак-аиҿак ацымкәа ишымҩаԥысуа.

Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур - Sputnik Аҧсны
Аԥеиԥш азы агәаран: Москва Аԥсны ахада иалхрақәа шымҩаԥысуа

"Уаҵәы аԥсуа жәлар иҳаларҳәоит хәышықәса рыҩнуҵҟа ҳаԥсадгьыл ԥхьаҟа изго атәыла ахада ихьӡ. Хаҭала сара, скандидат иакәымзаргьы, аиааира зго дсыдыскылоит, ҳаҭыр иқәысҵалоит сыжәлар реиҳараҩык зыгәра ганы иалырхуа. Шәаргьы ишәабжьызго убри ауп. Аҳәара дуӡӡа ҟасҵоит, аҳәынҵәеиқәҭәара ҳаҟәыҵырц, ҳаҭырла ҳаизныҟәаларц", - лҳәеит Гагратәи ажәаҩатәи алхратә ҭыԥ хада, ахԥатәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны зыбжьы азҭаз алхыҩ Лиудмила Алшәындԥҳа.

Иара убри алхырҭатә ҭыԥ аҟны, алхыҩ иуалԥшьа нызыгӡаз Мадина Ҭарԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит, 2019 шықәсазтәи алхратә кампаниа цонаҵы, акандидатцәа раҳаҭыр лазырҟәуаз изакәым ацәажәарақәа зхы иаҭәазшьоз ауаа рхыԥхьаӡара шрацәаҩӡаз. Убри инамаданы ааԥхьара ҟалҵоит аԥсуа жәлар уаҵәтәи аԥеиԥш иазхәыцны, аӡәи-аӡәи еигәҭамсарц.

Лӡаа ақыҭан, ажәбатәи алхратә ҭыԥ хада иатәу, актәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны зыбжьы азҭаз ракәзар, ргәаанагарақәа еиқәымшәозаргьы, ажәа еимаркуамызт, уимоу иахьатәи амш еидырныҳәалон.

"Ҳара ҳаигәылацәоуп, қыҭак ҳаицатәуп, алхрақәа еимакны ҳгәы шԥанибархо. Уаҵәы ацәгьеи абзиеи рҿы еидгыло аԥсуаа ҳҿы ҭыӡәӡәаа ҳцәажәар ҟалома. Атәыла ахадарахьы зкандидатурақәа ықәгылоу ҳаҷкәынцәа роуп, срыкәыхшоуп. Рганахь ажәа ҟьашь аҳәара саҿагылоит. Зегьы аманшәалареи ақәҿиарақәеи рзеиӷьасшьоит, Аԥсны иагымзааит", - ҳәа дныҳәеит, иуаажәлар дрылабжьеит Лӡаа ақыҭанхаҩы, 80 шықәса ирҭысхьоу абырг Зосим Амԥар.

Гагра араион аҟны, аҵыхәтәантәи аинформациала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур аҿы бжьыҭара инеихьеит 48% рҟынӡа ауаажәлар.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0