Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан алхырҭатә ҭыԥқәа аркуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны алхрақәа
Аԥсны алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан Аԥсны иахьаҵанакуа иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа 152, Москвеи Черқьесски - акака. Ахадарахьы иқәгылан ҩыџьа акандидатцәа - Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи.

АҞӘА, цәыббра 8 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур аан алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аркын асааҭ 20:00 рзы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа аартын асааҭ 20:00 рҟынӡа. Алхырҭатә ҭыԥқәа 152 ыҟан Аԥсны иахьаҵанакуа, алхырҭатә ҭыԥқәа акака - Москвеи Черкесски. 

Асааҭ 18:00 рызтәи аҭагылазаашьала, рыбжьы арҭахьан 50,99% алхыҩцәа. Хыԥхьаӡарала - 64 947-ҩык алхыҩцәа. Алхыҩцәа рсиақәа рҿы иануп 127 362-ҩык атәылауаа.

Жәҩык акандидатцәа злахәыз Аԥсны ахада иалхрақәа актәи ртур мҩаԥысит нанҳәа 25 рзы. Уажәтәи ахада Рауль Ҳаџьымба 24,83% алхыҩцәа рыбжьқәа иоуит, аоппозициатә партиа "Амцахара" анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа – 22,91%. Азакәан ишаҳәо ала, 50% еиҳаны акандидатцәа аӡәгьы имоуӡеит аҟнытә, ирылаҳәан алхрақәа аҩбатәи ртур арҭ ҩыџьа акандидатцәа алархәны. Уи мҩаԥысуеит цәыббрамза 8 рзы.

Абжьыҭарақәа хылаԥшра рырҭоит 12-ҩык анаԥшыҩцәа - Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Лугански Донецки жәлар рреспубликақәа рхаҭарнакцәа.

Ҩынтәтәи абжьыҭараан абжьқәа реиҳарак зауз акандидат аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит.

Убри аан алхрақәа рхы рыладырхәроуп алхыҩцәа рсиақәа ирну 25% иреиҵамкәа атәылауаа. "Зегьы ирҿагылоу" аграфа абжьқәа реиҳарак аиур, алхрақәа зышьақәымгылеит ҳәа рыларҳәоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0