Цкәуа 1989 шықәсазы дызлахәыз амлашьразы: ҳажәлар рзинқәа шыԥкыз дҳарбон

© Foto / Саида Жиба1989 шықәсазтәи Гагратәи амлашьратә акциа
1989 шықәсазтәи Гагратәи амлашьратә акциа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббрамзазы иҵуеит 30 шықәса Гагра ақалақь, акинотеатр аҿаԥхьа имҩаԥгаз амлашьратә политикатә акциа аахижьҭеи. 1989 шықәсазы ақырҭуа политика Аԥсны имҩаԥнагоз азакәандара аҿагыларазы Гагреи, Гәдоуҭеи, Пицундеи, Тҟәарчали млашьра итәеит аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәцәа гәыԥҩыла. 12 мшы Гагра ақалақь акинотеатр аҿаԥхьа еиҿкааз амлашьра иалахәыз Ремиз Цкәуа еиҭеиҳәеит ари акциала СССР атәылақәа ишыддырбаз амилаҭ маҷ рыԥсадгьыл аҟны рзинқәа шыԥкыз.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Жәлар рфорум "Аидгылара" иалахәыз, зыԥсадгьыл аинтересқәа рыхьчара иазықәԥоз Ремиз Цкәуа, 1989 шықәсазы иаартны ақырҭцәа ирҿагылоз дреиуан. Усҟантәи аамҭазы Аԥсны имаҷымкәа аҵак ду змаз аполитикатә хҭысқәа ҟалеит, аҩмилаҭк рыбжьара икаҭәеит раԥхьатәи ашьа.

"Аҟәа, Қарҭтәи ауниверситет аҟәша аартра анаԥшьырга, аҿагылара раҳҭеит, иҭахақәазгьы ҟалеит. Иара убасҟан еиҳагьы агәра ҳгеит, шаҟа ргәы ҳацәымӷу, ҳхырҵәара ишашьҭоу ҳаԥсадгьыл аҿы ԥшәымара аанызкыларц иаҿыз ақырҭуа милаҭ. 1989 шықәсазы Гагратәи астадион аҿгьы аидыслара ҟалеит, анаҩс, ишыжәдыруа еиԥш, ҳтәыла араионқәа рҟны ачгара акциа мҩаԥаагеит", - еиҭеиҳәоит Ремиз.

© Foto / Саида Жиба1989 шықәса рзы Гагратәи аполитикатә амлашьратә акциа иалахәыз Ремиз Цкәуа
Цкәуа 1989 шықәсазы дызлахәыз амлашьразы: ҳажәлар рзинқәа шыԥкыз дҳарбон - Sputnik Аҧсны
1989 шықәса рзы Гагратәи аполитикатә амлашьратә акциа иалахәыз Ремиз Цкәуа

 

Гагратәи акинотеатр аҿаԥхьа ачгара итәеит Митра Ԥлиа, Илико Кокосқьериа, Лев Цколиа, Адгәыр Аҩӡба, Витали Кациа, Максим Барцыц, Енвер Нанба, Ремиз Цкәуа, Митиа Аиба.

"Сынтәа арҭ ахҭыс хьанҭақәа раахыс 30 шықәса ҵит, аха рыцҳарас иҟалаз, ачгара иҳацтәаз рахьтә хәҩык адунеи рыԥсаххьеит. Митра Ԥлиеи, Илико Кокосқьериеи, Лев Цколиеи, Витали Кациеи, Максим Барцыци реиԥш иҟаз агәыблыҩцәа иахьа иҳацәмаҷуп. Аԥсны аԥсуаа аԥшәымахарц, аԥсуа бызшәа ықәыҩларц азы зхы иамеигӡоз ракәын дара", - рыӡбахә иҳәоит аҩыза.

Аҷкәынцәа ачгара иахьынӡатәаз ажәлар рыдеизалон, рҿахәы рҿырхуан ажурналистцәа. Акциа алахәцәа дҵас иқәдыргылеит, Москвантәи СССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатцәа аԥсуа зҵаара аӡбаразы имаакәа ишымгыло.

"Аҭагылазаашьа аҽшарӷәӷәоз анеилкааха, Москвантәи адепутатцәа ааит, ҳаргьы адырҩаҽны ҳгылеит. Иџьазшьозгьы ҟалеит, аха аӡәызаҵәык амла дазгәышьуа дыҟамызт, ҳара ҳгәы ҭәын аԥсуарала. Уи ашьҭахь амедицинатә гәаҭарақәа ҳархысит, аха иҟоуп мап ацәызкыз. Иахьа иҳалагылам ҳҩызцәа ачгара амшқәа раан ргәабзиара ахьыуашәшәырахаз ауп изыхҟьаз изаамҭанымкәа рыԥсҭазаара иахьалҵыз", - игәы иаланы еиҭеиҳәоит Ремиз.

1989 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьаҭа аркхеит уҳәар алшоит. Ақырҭцәа ҳмилаҭ ақәхра рҽазыҟарҵон ҵаҟа-ҵаҟала. Маӡалатәи аиԥыларақәа, ақырҭуа милаҭ ныҳәақәа Аԥсны азгәаҭара, зехьынџьара акыдҩылақәа дара ртәахьы аиагара уҳәа ирылдыршахьаз рацәан.

Людмила Сергьегия - Sputnik Аҧсны
Лиудмила Сергьегьиаԥҳа: "Аидгылара" ҳхақәиҭра иашьаҭахеит

"Ҳақалақьқәа, ҳқыҭақәа, ҳӡиасқәа, аҳәынҭқарратә обиектқәа уҳәа рыхьӡқәа қырҭшәала ианырҵон. Аиҿыхарақәа ҳанрылага, сҩыза Рома Ласариеи сареи Бзыԥҭа инаркны Бармышьынӡа ақырҭуа ҩырақәа рҵәаӷәара ҳҽазаҳшәеит. Рома имашьына аномерқәа шәаҳаны, ԥшьала акыдҩылақәа ахьыҟаз даангылон, сара хыхь сықәгыланы ашәыга рхьысшьуан. Иниас-ааиасуаз аԥсуаа рахьтә "шәаҟәыҵ, шәҭаркуеит" ҳәа ҳазҳәақәазгьы ҟалеит. Пицунда абжьаларҭа инаркны ақалақьынӡа ақырҭуа ҩырақәа ашәыга рхьыршьуан рыхьӡқәа сгәалашәом, аха Абӷаџьааки Цкәуа ҷкәынаки", - ахҭыс еиҭеиҳәоит аполитикатә акциа алахәҩы.

Иахьатәи амш аҟынӡа изымааиз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәцәа рацәаҩӡоуп. Ачгара амҩаԥгара иахылаԥшуаз Артур Канџьариа, Жәлар рфорум "Аидгылара" ахадараҿы иҟаз Борис Кьахьыриԥа уҳәа рыԥсы ҭаны иҳалагылазҭгьы, еиҭарҳәаша ҳәаа роуамызт. Абас ԥшьала ҳаԥсадгьыл иацәыӡуеит аҭоурых ашьақәгылараҿы зџьабаа ӷәӷәоу, ахьыԥшымра амҩа цәашьымцала иаҳзырбаз ауаа.

"Исыцәбжьахо ҟаларгьы ауеит, саҭамзааит, аха исгәалашәо рахьтә рыхьӡқәа сымҳәар залшом амилаҭ-хақәиҭратә ҵысрақәа раан агәаӷьра аарԥшны зыжәлар ринтересқәа ирзықәԥоз, хаҭала сара избақәаз Борис Кьахьыриԥа, Лиова Гыцба, Закан Агрба, Артур Канџьариа, Виктор Барцыц, Лиуфа Ԥсардиа, Валера Цыхьычба, Лиониа Чыкәбар, Сергеи Анқәаб, Валикәа Ҷыҭанаа, аишьцәа Бореи Гарики Џьниаа, Џьамал Барцыц, Ҭенгьиз Барцыц, Емик Чакмач, Анзор Ӡаԥшьба, Лиова Барцыц, Хьырбеи Абыџба, Виктор Шьершьелиа, Лиониа Габлиа, хымԥада ачгара иалахәыз Митра Ԥлиа, Илико Кокосқьериа, Лев Цколиа, Адгәыр Аҩӡба, Витали Кациа, Максим Барцыц, Енвер Нанба, Митиа Аиба", - инаҵшьны иазгәеиҭеит ажәабжьҳәаҩ.

1989 шықәсазы ақырҭуа политика хәашь иаӡрыжәхьаз Ремиз Цкәуа хаҵарала ихы ааирԥшит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан. Иара далахәын Гагра араион ахақәиҭтәра, уи ашьҭахь мрагыларатәи афронт аҿы ажәыларақәа жәпакы. Ианашьоуп Леон иорден.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0