АКХ: ишьақәыргылоуп алхрақәа рлахәылацәа ахыԥхьаӡара

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы в Абхазии
Выборы в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зынӡа алхратә сиақәа ирнын 127 140-ҩык ауааԥсыра.

АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур аҟны рыбжьы рҭиит 83 883-ҩык (65,98%) ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭарҳәеит Аԥсны АКХ аҿы.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла Алхас Кәыҵниа изы рыбжьы арҭеит 38 742-ҩык алхыҩцәа (46,19%), Рауль Ҳаџьымба изы рыбжьы арҭеит 39 741-ҩык (47, 38%).

Аԥсны АКХ официалла алхрақәа реихшьаала рыланаҳәараны иҟоуп цәыббра 9 рзы.

Аԥсны ахада иалхра аҩбатәи атур мҩаԥысит цәыббра 8 рзы. Еиндаҭлон Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи.

Аамҭак ала иалырхуан ахада ихаҭыԥуаа – Аслан Барцыци (Рауль Ҳаџьымба) Дмитри Дбари (Алхас Кәыҵниа).

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0