Ашьха ихалеит: Аԥсны имҩаԥысит треилранинг азы аицлабра

CC0 / / Трейлранинг
Трейлранинг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡакәны Аԥсны имҩаԥысит урыстәылатәи аилазаара "Wild Mountain Race" еиҿнакааз треилранинг азы аицлабрақәа. Уи зҽалазырхәыз 200-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан 18-ҩык Аԥсны Аҳәынҭқарра атриатлон Афедерациа ахаҭарнакцәагьы.

Аҟәа, цәыббра 9 – Sputnik, Аинар Ҷыҭанаа. Урыстәылатәи аилазаара "Wild Mountain Race" еиҿнакааз треилранинг азы аицлабрақәа ммҩаԥысуан Аԥсны цәыббра 8 рзы. Аспортсменцәа адистанциақәа ҩба рҟны еицлабуан: 30 километри 65 километри. Ашьхараҿы иҩуаз рымҩа иахымҟьарц азы аиҿкааҩцәа амҩа аҵкарахь адыргақәа дыргылеит.

Ochamchira Run - Очамчыратәи аҩра - Sputnik Аҧсны
Зегьы рзы иныҳәахаз: "Ochamchira run 2019" иреиӷьу афотоҭыхымҭақәа

30 километраҿы еицлабуаз 167-ҩык алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан 18-ҩык Аԥсны ахаҭарнакцәагьы. Амҩа ахы акит Иаӷьатәи аӡхыҽҽа абжьаларҭаҿы, анаҩс еиԥхныҩлоз аӡиас ирны, Ԥшаӷьышьха ихаланы аӡиа Риҵа инаӡеит.

Ахацәа рыбжьара 30 километр аҩраҿы, 3 сааҭки 45 минуҭи 52 секунди рыла имҩа хыркәшаны аиааира игеит Виачеслав Купыриов. Аҩбатәи аҭыԥ иҽаԥсеитәит Максим Кочергин. Уи илҵшәа – 4 сааҭки 6 минуҭки 42 секунди. 4 сааҭки 9 минуҭки 38 секунди рыла амҩа зегьы данысны, ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Родион Видакас. Аԥсуа спортсменцәа рҟынтәи раԥхьатәи жәаҭыԥк аанызкылаз дрылоуп Саид Аргәын.

30 километр аҩраҿы аҳәса рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ лҽаԥсалтәит Аԥсны ахаҭарнак Татиана Ергунова. 65 километра аҩра ахацәа реиндаҭлара Аԥсуа команда аҟынтәи далахәын Денис Саманба имацара.

Аицлабра иалахәыз зегьы рзы аиҿкааҩцәа ишьақәдыргылеит иалкаау аԥҟарақәа. Урҭ ирықәыршәаны аспортсменцәа заанаҵы абаҩрҵәыратә ҽазыҟаҵара иахысыр рыхәҭан, иара убас досу имазар акәын апрофессионалтә цәамаҭәа. Убас, иҷыдоу ашәҵатәы ахьимамыз азы аспортсменцәа руаӡәк аицлабрақәа рахь днашьҭымызт.

"65 километра аҩразы иазыҟаҵам ауаҩы ҩба-хԥа мшы иҭахызар, иазыҟаҵоу аспортсменцәа 12 сааҭ маҷк инеиҵаны ирызхеит. Аԥсназы ари аспорт хкы ҿыцуп, иубартә иҟан заҟа гәахәарыла ҳаспортсменцәа уи рҽаладырхәыз. Сгәыӷуеит ари иаҩызоу аицлабрақәа есышықәса иаҳзымҩаԥгалап ҳәа", - иҳәеит атриатлон азы Афедерациа аиҳабы Борис Барцыц.

Саид Агәын аспорт иҽазикижьҭеи шықәсык роуп иҵуа, убри аҟнытә иааникылаз 7-тәи аҭыԥ иара изы иџьашьатәхеит.

"Уажәаԥхьагьы знык-ҩынтә аиԥхныҩларақәа схы рыласырхәхьан, аха ашьхараҿы раԥхьаӡакәны иахьа сыҩит. Иахьа исылшоз зегьы ҟасҵеит, сымч самеигӡаӡеит, избан акәзар ари ахҭыс ҿырԥштәы бзиоуп зхыԥхьаӡара маҷым аспорт абзиабаҩцәа зегьы рзы", - иазгәеиҭеит аспортсмен.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0