Аԥснытәи ашьапылампыласыҩ Урыстәыла-Ирландиа рыхәмарра далахәын

© Foto / Enver Aydoğan Bzagoa Футболист из Абхазии Айнар Эшба
Футболист из Абхазии Айнар Эшба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Ирландиеи рыбжьара аҿартә командақәа рыхәмарра мҩаԥысит цәыббра 9 рзы.

АҞӘА, цәыббра 10– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥснытәи ашьапылампыласыҩ, Урыстәыла аҿартә шьапылампылтә команда алахәыла Аинар Ешба Урыстәыла-Ирландиа рыхәмарра далахәын ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аспортсмен иагент Ҭимур Хынҭәба.

Иара иажәақәа рыла Урыстәыла 2:1 ҳәа ииааиит. Азыҟаҵаҩ Аинар ихәмаршьа ахәшьара ҳаракы аиҭеит.

"Азыҟаҵаҩ Аинар ихәмаршьа ахәшьара ҳаракы аиҭеит. Иҳәеит ашьапылампыл бзиа иакәны дҟалар шалшо. Акоманда иара иганахь ала агәыӷра дуқәа амоуп", - иҳәеит Аинар иагент.

Хынҭәба иҳәеит Аинар ахәмарра ашьҭахь мадридтәи аклуб Alcobendas-Levitt ахь дхынҳәуеит. Иара уа дыхәмаруеит 2017 шықәса раахыс.

Урыстәылатәи аҿартә командаҿ Аинар Ешба 2013 раахыс дыхәмаруеит. 2017 шықәса раахыс мадридтәи аклуб Alcobendas-Levitt аҿы дыхәмаруеит. 2016 шықәса раахыс далахәуп División De Honor (Золотая Лига – аред.) акатегориақәа "Инфантиль", "Кадет" рҟны.

16-шықәса зхыҵуа Аинар Ешба ихәмарра хациркит ашьапылампылтә клуб "Нарҭ" аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0