Владимир Путин Рауль Ҳаџьымба дидныҳәалеит

Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхра аҩбатәи атур мҩаԥысит цәыббра 8 рзы.

АҞӘА, цәыббра 11 - Sputnik. Цәыббрамза 10 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба адныҳәаларатә цҳамҭа изааишьҭит аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы иалхра инамаданы.

"Сара агәра згоит, Ахада имаҵураҟны Шәара шәусура аринахысгьы аидгылареи астратегиатә усеицуреи рыпринципқәа шьаҭас измоу урыстәыла-аҧснытәи аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара ишацхраало. Гәык-ҧсыкала ишәзеиҕьасшьоит аихьӡара ҿыцқәа аҳәынҭқарратә усураҿы, иара убас агәабзиара, анасыҧ", - аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы.

Владимир Путин иара убасгьы иазгәеиҭеит "Урыстәыла Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиареи амилаҭтә шәарҭадара алыршареи ирызку аҳасабтәқәа рыӡбараҟны ганрацәала ацхыраара иацнаҵоит" ҳәа.

Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥысит цәыббра 8 рзы.

Атәыла ахада иҭыԥ азы еиндаҭлон Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи.

Аԥсны иахьаҵанакуаз иаартын 152 алхырҭатә ҭыԥ. Иара убасгьы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын Москвеи Черқьесски. Аҩбатәи атур аан абжьыҭарахь инеиит 65,99% алхыҩцәа.

Официалла абжьыҭарҭа ҭыԥқәа аркын асааҭ 20:00 рзы.

Цәыббра 9 рзы ирылаҳәан Ҳаџьымба аиааира игеит ҳәа. Аха ари иақәшаҳаҭым Алхас Кәыҵниа иштаб.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0