Урыстәылатәи атаибоксиорцәа Аԥсны абираҟ иаҵагыланы иқәгылоит

CC0 / / Бокс
Бокс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таитәи абокс азы аиндаҭлара иалахәхоит 800-ҩык аспортсменцәа. Иара мҩаԥысраны иҟоуп Краснодар цәыббра 10 - 14 рзы.

АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Урыстәылатәи атаибоксиорцәа Аԥсны абираҟ иаҵагыланы иқәгылоит ҳәа иҳәеит Аԥсны таитәи абокс азы Афедерациа ахада Ҭеимураз Гьергьедаа.

"Ҳара ҳаспортсменцәа фҩыкны иқәгылоит. ԥшьҩык Урыстәылатәиқәа, ҩыџьа – Аԥснытәиқәа. Зегь сара иазыҟасҵоз роуп. Дара агәаҳәара аадырԥшит аԥсуа бираҟ иаҵагыланы иқәгыларц", - иҳәеит иара.

Кубок краснодарского края по тайскому боксу - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи атаибоксиорцәа Краснодартәи атәылаҿацә Ахраҿаҟны аиааира ргеит

Аспортсменцәа ҿарацәа ргәаҳәара иақәшаҳаҭхеит Краснодартәи атәылаҿацә азыҟаҵаратә штаб.

Таитәи абокс азы аиндаҭлара иалахәхоит 800-ҩык аспортсменцәа. Иара мҩаԥысраны иҟоуп Краснодар цәыббра 10 - 14 рзы. Аиааиҩы иоуеит алшара Минск имҩаԥысраны иҟоу таитәи абокс азы Европа ачемпионат алахәхараз.

"Кавказ Ахраҿеи Урыстәыла Ахраҿеи рзы аиндаҭлара алыԥшааратә еиндаҭлароуп Минск имҩаԥысраны иҟоу таитәи абокс азы Европа ачемпионат алахәхараз. Минск ҳара Аԥсны ахьӡала ақәгылара азин ҳауам ҳҳәынҭқарра азхаҵара ахьамам азы", - иҳәоит Гьергьедаа.

Кавказ Ахраҿеи Урыстәыла Ахраҿеи рзы аиндаҭлараҿ ҳаспортсменцәа аиааира рызгар Минск Урыстәыла акоманда иалахәны иқәгылар рылшоит.

Кавказ Ахраҿеи Урыстәыла Ахраҿеи рзы аиндаҭлараҿ ҳаспортсменцәа аҳәынҭқарратә бираҟ иаҵагыланы рықәгылара алыршахеит Краснодартәи атәылаҿацә еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хада Артема Корниенко идгыларала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0