"Урыстәылеи Аԥсныи ԥхьаҟагьы еицыҟазаауеит": Иосиф Кобзон игәаларшәаразы

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИосиф Кобзон Аԥсны изныкымкәа даҭаахьан.
Иосиф Кобзон Аԥсны изныкымкәа даҭаахьан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иосиф Кобзон Аԥсны изныкымкәа даҭаахьан. Цәыббра 16 2008 шықәса рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы аконцерт мҩаԥигеит. Иахьа иԥсы ҭаны дыҟазар 82 шықәса ихыҵуазаарын.

АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. СССР жәлар рартист Иосиф Кобзон диит цәыббра 11 1937 шықәса рзы Донецктәи аобласт Часов Иар аҿы.

Акыр ҳазыԥшын: Аԥсны ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи 11 шықәса ҵуеит - Sputnik Аҧсны
Акыр ҳазыԥшын: Аԥсны ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи 11 шықәса ҵуеит

Иосиф Кобзон цәыббра 16 2008 шықәса рзы Ахақәиҭра ашҭаҿы аконцерт мҩаԥигеит. Иара ицықәгылеит Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҩныҵҟатә ар рышәаҳәареи рыкәашареи Академиатә ансамбль.

"Урыстәыла агәымшәара аарԥшны иазханаҵеит Аԥсны ахьыԥшымра. Урыстәылеи Аԥсныи ԥхьаҟагьы еицыҟазаауеит. Нагӡара ақәзааит Урыстәылеи Аԥсныи реиҩызара! Анцәа иҳәааит аибашьра ахәрақәа иаарласны иӷьо", - иҳәеит иара аконцерт алагамҭазы.

Нугзар Логәуа, усҟантәи аамҭазы Аԥсны акультура аминистрс иҟаз, иажәақәа рыла Ахақәиҭра ашҭа ҭәын артист иҟазара бзиа избоз ҳтәылауаа рыла.

"Аконцерт ашьҭахь асценахь схаланы ҭабуп ҳәа иасҳәеит иқәгыларазы. Иосиф Кобзон иналукааша уаҩԥсын. Рацәак идумыз ҳаинырра исзыннажьит иҟәандаӡа иҟоу агәалашәарақәа", - иҳәоит Логәуа.

Иара иазгәеиҭеит Иосиф Кобзон инеигӡоз ашәақәа реиҳарак ахәаԥшыҩцәа ишицырҳәоз.

"Иашәақәа зегьы напеинҟьарыла ирԥылон. Даара ибзианы дрыдыркылеит", - игәалаиршәоит Нугзар Логәуа.

Абри ашьҭахь Иосиф Кобзон Аԥсны дыҟан 2014 шықәса рзы. Ражьден Гәымба ихьӡ зху афилармониаҿы дықәгылан цәыббра 23 рзы.

СССР жәлар рартист Иосиф Кобзон диит цәыббра 11 1937 шықәса рзы Донецктәи аобласт Часов Иар аҿы.

Иосиф Кобзон х-нызқь инарзынаԥшуа ашәа ҭеиҩхьан. Гастроль ҳасабла 100 инареиҳаны атәылақәа дырҭаахьан.

Выборы на пост гендиректора Росгосцирка - Sputnik Аҧсны
Иосиф Кобзон иԥсҭазаара далҵит

1997 шықәса рзы Иосиф Кобзон Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә дума адепутатс далхын. Акультураз аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

Иосиф Кобзон иҟазара еиуеиԥшым аҳамҭақәеи адыргақәеи рыла иазгәаҭан. 1987 шықәса рзы СССР жәлар рартист ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵахеит. 1984 шықәса рзы – СССР Аҳәынҭқарратә премиа далауреатхеит. 1976 шықәса рзы – Ленинтә комҿареидгыла апремиа далауреатхеит.

Кобзон ианашьан Агәымшәараз аорден (2002), "Аԥсадгьыл аҿаԥхьа алшамҭақәа рзы III (1997), II (2002), I (2012) аҩаӡарақәа.

2016 шықәса рзы ианашьан Урыстәылатәи Афедерациа аџьа афырхаҵа ҳәа ахьӡ.

Ашәаҳәаҩ игәамбзиара иахҟьаны, 2018 нанҳәа 30 рзы иԥсҭазаара далҵит.

Ажәабжьқәа зегьы
0