Ихыҭхәыцым ажәабжь: афырхаҵа иҭоурых иазку акино ҭырхуеит Аӡҩыбжьа

© Sputnik / Томас ТхайцукАфильм "Аԥшаара" аҭыхра
Афильм Аԥшаара аҭыхра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан аҭыхра иаҿуп 1941-1945 шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иазку афильм.

Апроект "Ахьӡ архынҳәра" Аԥснынтәи асолдаҭцәа анышә иахьамадоу аҭыԥқәа рыԥшаара иазырхоуп. Апроект аус ауеижьҭеи 175 ҭаацәара рыуа-рҭынха рыԥшаахьеит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭыхуп адокументалтә фильм. 2018 шықәса цәыббрамзазы аруаҩ Азиз Агрба изку афильм аҭыхра нападыркит.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Аибашьреи абзиабареи

Азиз Агрба д-Ешыратәын. Амилициаҟны аус иуан. Иԥҳа Лиалиа Агрԥҳа ишылгәалалыршәо ала, аибашьра ишналагазҵәҟьа афронт ахь дцеит. Лиалиа усҟан ԥшьышықәса лхыҵуан, аха иахьа уажәраанӡагьы уи амш лхашҭуам.

"Сашьцәеи сареи аҩны ҳаҟан. Ҳаб дааит. Драндатәи ачабаба аашьҭихын, иааԥҟаны, ахәшеи ашәыреиларши нахьшьны, ҳацԥхьаӡа инаҳиркит. "Шәан даанӡа шәлеишәа бзиаз"  иҳәан, дындәылҵны дцеит", - лҳәоит лара.

Хара имгакәа Азиз иашьа адырра иоуит хабарда дшыбжьаӡыз азы. Аха аӡәгьы иҟны имырзаӡеит. Лиалиа лан акраамҭа лхаҵа дытҟәаны дыҟоуп, аамҭақәак рыла ихы дақәиҭхап ҳәа дгәыӷуан.

Днепр аҟны аибашьра - Sputnik Аҧсны
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аԥсуа еибашьцәа рлахьынҵа шьақәнаргылеит

"Сани саби даара бзиа еибабон, аха лара 14 шықәса анылхыҵуаз хаҵа дрышьҭит. Саб иакәзаргьы, уи дацәгәааны ԥҳәыс дааигеит. Лара ахшароура дахыԥсааит аамҭақәак рышьҭахь", - ҳәа еиҭалҳәоит Лиалиа.

Аҽазныкгьы ԥҳәыс дааигеит, аха урҭ маҷк оуп иахьеицынхоз - избанзар еиликааит бзиа иибозгьы лхаҵеи лареи шеилыҵыз. Абриаҟара ҭоурых рыхганы рынасыԥқәа еиларҵеит Лиалиа лани лаби. Аҭаацәараҿы иит хҩык ахшара.

Лиалиа ажәабатәи акласс аҿы дтәан лаб, ихабар аилкаара данашьҭалаз. Иахьалшоз ашәҟәқәа лыҩуан, аха лыԥшаарақәа лҵшәадан.

2015 шықәса рзы апроект алахәылацәа Азиз Агрба анышә дахьамадаз аҭыԥ шьақәдыргылеит. Уи Ростовтәи аобласт, Миллерово ақалақь аҿы акәын. Лиалиа уахь амҩа дықәлеит.

Ахьӡ архынҳәра

Апроект "Ахьӡ архынҳәра" шықәсык инацны аконцлагерқәа ирҭаӡыз аԥсуаа ирызкны акино аҭыхра иаҿуп. Афильм "Аԥшаара" сценаристс дамоуп ажурналист Дмитри Статеинов.

Акино ҭырхуеит Аӡҩыбжьа ақыҭан, аԥсуа актиор Нурбеи Камкьиа иҩнаҭаҿы. Аекран аҿы ԥасатәи аамҭа аарԥшразы ажәытә маҭәахәқәа антиквариаттә дәқьан аҟынтәи иаагоуп. Иахьа уажәраанӡа ирӡуа драндатәи ачабабагьы аахәоуп. Еиҭаҳәаҩык иаҳасаб ала афильм далахәуп Лиалиа Агрԥҳа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАзиз Агрба иԥҳа Лиалиа
Ихыҭхәыцым ажәабжь: афырхаҵа иҭоурых иазку акино ҭырхуеит Аӡҩыбжьа - Sputnik Аҧсны
Азиз Агрба иԥҳа Лиалиа

Азиз Агрба ироль дыхәмаруеит Аԥсуа ҿартә театр актиор Бадра Ҷантуриа. Лиалиеи лашьеи аныхәыҷқәаз рроль нарыгӡоит Санна Керселиани Ернест Бебиеи.

© Sputnik / Томас ТхайцукАфильм аҭыхра иалахәу Санна Керселиан, Ернест Бебиа, Атәылахьчара аминистрра акурсантцәа
Ихыҭхәыцым ажәабжь: афырхаҵа иҭоурых иазку акино ҭырхуеит Аӡҩыбжьа - Sputnik Аҧсны
Афильм аҭыхра иалахәу Санна Керселиан, Ернест Бебиа, Атәылахьчара аминистрра акурсантцәа

Афильм аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра анҵәамҭазы. Жьҭаара алагамҭазы апроект аҭыхратә гәыԥ напанаркуеит Керчтәи адгьылбжьаха ахы иақәиҭызтәуаз аԥсуа еибашьцәа ирызку адокументалтә фильм аҭыхра.

Апроект аус ауеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра адгыларала. Аинформациатә маҵзура Sputnik - информациатә партниорны иазыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0