Sputnik аҿы иалацәажәеит апроект "Аԥхьагылаҩцәа ҿыцқәа Ракадемиа" асеминарқәа

© Sputnik / Томас Тхайцукапресс-конференциа мҩаԥысит Sputnik
апресс-конференциа мҩаԥысит Sputnik  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Аԥхьагылаҩцәа ҿыцқәа Ракадемиа" аҳәаақәа ирҭагӡаны асеминарқәа аусура раларгара иазку апресс-конференциа мҩаԥысит Sputnik апресс-центр аҿы цәыббра 13 рзы.

Апроект "Аԥхьагылаҩцәа ҿыцқәа Ракадемиа" ареспубликаҿ аусура хацнаркит 2018 шықәса рзы. Иара аԥшьызгаз Аԥсны аус зуа Россотрудничество ахаҭарнакроуп. Иазырхоуп акоммуникациатә, арҵара-рккаратә, аинтеграциатә, аԥсшьаратә ҭыԥқәа аҿар рзаԥҵара. Хықәкыс иамоуп Аԥсни Урыстәылеи рҿар реимадара арҭбаара.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

"Апроект "Аԥхьагылаҩцәа ҿыцқәа Ракадемиа" уникалтәуп. Иара еиднакылоит ԥхьаҟатәи акариера аиуразы хкы рацәала аелементқәа. Урҭ ирылдыршоит еиуеиԥшым алшарақәа роура", - иҳәеит Аԥсны аус зуа Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Вадим Чеха.

Цәыббра 12 - 13 рзы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Россотрудничество аҟны ауаажәларратә еиҿкаара "Инвестиционная Россия" Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сергеи Исаев имҩаԥигоит "Урыстәылатәи атехнологиатә лшамҭақәеи" "Аинвестициақәа радыԥхьалареи" ртемала асеминар. Вадим Чеха иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу асеминарқәа ҳаамҭазтәи атехнологиақәа Аԥсны рхархәара шалшо аилкааразы ишымҩаԥырго.

Исаев иажәақәа рыла, асеминар "Урыстәылатәи атехнологиатә лшамҭақәа" азырхоуп Урыстәыла аҭҵаарадырратә лшамҭақәа жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы рольс инарыгӡо аарԥшра.

"Иацы ҳалацәажәон атехнологиа ҿыцқәа атәылақәа хаз-хазы ишырныруа атәы", - иҳәеит иара.

Асеминарқәа раан абизнес ахь раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо аҿар иреилдыркаараны иҟоуп аинвестор дшааԥхьатәу, ажәадгала шыҟаҵатәу, аинвестор ашәҟәқәа рҟынтә дыззыԥшу уҳәа азҵаарақәа. Аиԥылара руак мҩаԥысуеит цәыббра 13, асааҭ 16:00 рзы.

Аексперт игәаанагарала, зхатәы стартап алагара зыгәҭаку ауаа рзы хадара аманы иҟоуп аԥшьгамҭа, аидеи, алшара, аҭахра. Аҵакы рыманы иҟоуп адыррақәа аус рыдызуло ҳаамҭазтәи асистемақәагьы.

"Аха урҭ раасҭа ихадароу аидеиа, агипотеза роуп. Еиҳа еиӷьуп 50-100 гипотеза аус рыдуулар, мызла абизнес-план аус адуланы акгьы шаанамышьҭуа убар аасҭа", - иҳәоит Исаев.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0