Ашәчбӷьы, аҵәымӷқәа, арацәа ҽыҭқәа, мамзар аԥсуаа алаԥш рыҽшацәырыхьчо

CC0 / / Плющ
Плющ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алаԥш аҽацәыхьчаразы аԥсуаа иҟарҵо аҭәҳәақәеи, аныҳәарақәеи ртәы шәаԥхьарц шәылшоит Sputnik акорреспондент Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аблақәа ирхылҵуа амчра бааԥсы аԥсуаа рҟны алаԥш ҳәа иашьҭоуп. Алаԥш рымоуп ҳәа иԥхьаӡоуп аҳәса, ахацәа, ан, аԥсы уҳәа. Алаԥш ркыр алшоит ауаа, арахә, аҳәыс ԥшқа зҵоу ажә. Алаԥш иакыз арахә амч каԥсоит, изеиҭаҵуам. Аҳәыс ԥшқа зҵоу ажә- ахш аӡоит.

Аԥсуаа рыбзазараҿы илаԥш цәгьоуп ҳәа дыԥхьаӡан аблагәыӷра, ауаҩаԥшь. Уи атәы арҵабыргуеит "Абрыскьыл" изку аҳәамҭа. Абраскьыл рылаԥш аџьбаразы ибаны дықәгыломызт ауаҩаԥшьи аблагәыӷрақәеи.

Алаԥш заахаз ауаҩы аҿырҳасра хҭеикуеит, дхьанҭаӡа дҟалоит, ацәа дакуа, дыцәар дзалымҵуа имчқәа каԥсоит. Алаԥш заахаз ахәыҷқәа аҵәыуара иалагоит, рыцәа ҭынчымкәа ашәара ҵыргоит.

Асаби алаԥш иацәыхьчаразы Аԥсуаа асаби шаҟа бзиа дубо атәы убжьы ҭыганы аҳәара шәарҭоуп, амчра бааԥсқәа убжьы раҳар ҽеи ҟарҵаӡом ҳәа азырыԥхьаӡон. Асаби алаԥш иацәыхьчаразы ихьӡ лассы-лассы ирҳәаӡомызт, ахьӡ ҷыда ирҭон, ихаԥыцқәа рыԥхьаӡаӡомызт, шаҟа ихыҵуа рыбжьы ҭыганы ирҳәаӡомызт.

Аҵәассаҵла - Sputnik Аҧсны
Алаԥш цәгьа уацәызыхьчо аҵәассаҵла

Зегь раасҭа лылаԥш цәгьоуп ҳәа дыԥхьаӡан ахәыҷы ԥшқа иан, уи илымоу абзиабара ду иахҟьаны лылаԥш асаби дакыр ҟалоит. Џьарантә дааԥса-дкара ан дааизар, лыԥхӡы лылабаанӡа лысаби иааигәа днеиӡомызт. Лаԥшык лхьысзар ҳәа дшәаны лымаҭәа ԥсахны, лҿы ӡәӡәаны акәын ахәыҷы иахь дышнеиуаз. Агәаҟра, аԥсра ахьыҟалаз аҩнаҭа аҟынтәи дааизҭгьы, алаӷырӡ зықәҭәаз ачабра адәаны иӡәӡәаны оуп аҩныҟа дшыҩналоз. Асаби иааигәа инеиуа рылаԥш дамкырц азы ицәарҭа ашыц ҭарыԥсон, аҩымсаг хәыҷы аҵарҵон, игараҿы ацаха ҟаԥшь арҭон.

Ахәыҷқәеи зцәа зтәым аҳәсақәеи аԥсы илаԥш иҵашәо, изаахо иреиуан. Аԥсуаа урҭ Аԥсылаԥш рацәыхьчаразы ахәыҷқәа амра аҭашәамҭазы, ма ианҭашәалак анышәынҭрақәа рааигәа инарышьҭуамызт.

Алаԥш заахаз ихәышәтәышьа. Алаԥш аҽацәыхьчаразы зегь раасҭа ахархәара змаз аҭәҳәақәа ракәын, иахьагьы ахархәара рымоуп. Аҭәҳәақәа ҟазҵо реиҳараҩык ҳәсақәоуп, аха иуԥылоит ахаҵа ианыҟаиҵогьы.

Афольклорист, амифолог Цира Габниаԥҳа лыстатиа "Аԥсуа ҵасқәеи ақьабзқәеи изызкуи ирымҩаԥгашьоуи рзы згәаҭарақәак" аҟны абас лыҩуеит: "Аҭҳәаҩ алаԥш заахаз диҭәҳәоит хынтә, аҭәҳәа ажәақәа лыбжьы ҭымгаӡакәа илҳәоит знык, нас иханытә ишьапаҿынӡа "чфу, чфу, чфу" ҳәа дихысуеит диҭәҳәо, ишьапаҿынтә ихахьы диҭәҳәо дцоит, абас хынтә. Хынтә аҭәҳәа лҳәоит, жәынтә диҭәҳәоит. Аҭәҳәала алаԥш "бжьы-шьхак ирыхцаны", "бжьы-мшынк ирхыҭәҳәаланы" уаҳа ҿааҳәыра ақәымкәа иҟалҵоит".

Крещение в Богородицком Житенном женском монастыре в Осташкове - Sputnik Аҧсны
"Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу": аҭәҳәақәа рыгәра шызгаз

Иара убас ауаҩы алаԥш ихцаразы рхы иадырхәоз маҭәарқәоуп аџьыка, ашәхымс. Алаԥш змоу ашәхымс дылартәаны, ишьҭахь амца агәгәаҳәа еиқәырҵон. Аҭәҳәа ҟазҵо лызнапык аазна аџьыкхыш лкуан, аҭәҳәара даналгалак аџьыкахыш зку лнапы хынтә ачымазаҩ ихы иакәлырхшаны "алаԥш узблит, усҷыҷит" ҳәа наҳәаны, аџьыкхыш амца иақәлыԥсон. Иҟалалон, ачымазаҩ аҭәҳәаҩ хыҭә-хәыҭла дызхыҭәҳәалаз ацәца аазна аӡы анидыржәуаз, уи ала ихаз алаԥш анихырцоз.

Алаԥш аҽацәыхьчагақәа Ауаҩы ихаҭа, иҩны-игәара алаԥш цәгьа иацәызыхьчо ракәны аԥсуаа ирыԥхьаӡоит аҵәамахә, арасамахә, аҽеимаа (агәашә азааигәара аандаҿы иахыршьуан), ахаҳә кылҵәа (уи ацаха аҵданы аҩны азааигәара икнарҳауан), ашыц, ашәчбӷьы (агәашә аҭаларҭаҿы, амаҵурҭа акәакьҭақәа, мамзаргь аҩны уахьагәыдыԥшыло икнарҳауан). Аҩны ҿыц андыргылоз акәзар, алаԥш аҽацәыхьчаразы акәакьҭақәа рҿы иҭаржуан аҵәымӷқәеи арацәа ҽыҭқәеи. Агәра ргон, алаԥш арҭ амаҭәарқәа рымԥан иқәлом ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Анапҟаза: раԥхьатәи алаԥш аҽацәыхьчагатә напхаҵақәа схәыҷқәа рзы исԥеит
  • Гиви Ҳашба: аԥсуаа ҳаиԥш абырзенцәагьы амшьҭа иахәаԥшуеит

Ажәабжьқәа зегьы
0