Чаҵə Чагə иаҳəшьаԥҳа леихраҵага: 200 шықәса зхыҵуа ашәындыҟәра амаӡақәа

© Foto / Белла Цвижба200 шықəса инареиҳаны изхыҵуа Макала Ашəԥҳа лшəындыҟəра
200 шықəса инареиҳаны изхыҵуа Макала Ашəԥҳа лшəындыҟəра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
М.Г. Амҷба ихьӡ зху Џьгьардатəи абжьаратə школ арҵаҩы Белла Ҵəыџьԥҳа-Аӡынба дызланагалаз Аӡынаа рҭаацәараҟны иҵәахны ирымаз Макала Ашəԥҳа 200 шықəса инареиҳаны изхыҵуа лшəындыҟəра иҭаҵəахыз амаӡақәа ҳзаалыртит.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа жəытə-натə аахыс рыблаҷыц еиԥш иахӡыӡаауа, пату-ҳаҭыр ақəҵаны иааргоит ажəытə маҭəахəқəа. Уи анхара-анҵыра, абзазара, аҟазара уҳəа ирызкызар ҟалоит. Иҟамзар ҟалап аԥсыуа ҭаацəарак рабиԥара иатəу ҟəыхк ҵəахны измам.

Убас еиԥш, Џьгьарда ақыҭан инхо Џьаба Аӡынба ихылҵшьҭра, аҭоурых иаҿахəҳəагоу, хəы змаӡам, шықəсылагьы акырӡа зхыҵуа ацəыргақəҵа еиҿкааны ирымоуп уҳəарц ҟалоит. Уи ус шакəу шьақəлырӷəӷəоит аҩнаҭа аԥшəмаԥҳəыс, Џьгьардатəи абжьаратə школ аиҵбыратəи аклассқəа рырҵаҩы Белла Ҵəыџьԥҳа. Лара ҷыдала дазааҭгылоит ажəытəан аԥсуаа акҿаҩраҟны рхы иадырхəоз амаҭəахəқəеи иныҟəыргоз егьырҭ аҩнымаҭəахəқəеи ртəы.

© Foto / Белла ЦвижбаАкәиц зҭарыԥсо ажәытә уанҭа
Чаҵə Чагə иаҳəшьаԥҳа леихраҵага: 200 шықәса зхыҵуа ашәындыҟәра амаӡақәа - Sputnik Аҧсны
Акәиц зҭарыԥсо ажәытә уанҭа

"Сара сызланагалаз Аӡынаа рҭаацəа иахьа уажəраанӡа еиқəырханы ирымоуп ажəытə маҭəахəқəа. Аԥсуа жəлар рмилаҭ цəамаҭəеиԥш, акырӡа аҵанакуеит ҳəа агəаанагара сымоуп акҿаҩрамаҭəагьы. Еиқəырханы иҳамоуп анышəаԥшь иалху агəыгəым, иара убасгьы абҩатə гəыгəымқəа, ақəабқəа, ақəабшьтə, ахьыԥшьа ("шкатулка" - аред.), акəиц зҭарыԥсо ауанҭа, амҿтəы саара уҳəа", - ҳəа азгəалҭоит Белла Ҵəыџьԥҳа.

© Foto / Белла ЦвижбаАшәԥҳа Макала лҩычагақәа зҭалҵоз ахьыԥшьа
Чаҵə Чагə иаҳəшьаԥҳа леихраҵага: 200 шықәса зхыҵуа ашәындыҟәра амаӡақәа - Sputnik Аҧсны
Ашәԥҳа Макала лҩычагақәа зҭалҵоз ахьыԥшьа

Ҷыдала, лара иаҳзеиҭалҳəеит акыр шықəса зхыҵуа, иахьагьы мшаҽнеиԥш иҟоу, зҽызымԥсахыз, џьара акала еицамкыз, аҭоурых ду змоу ашəындыҟəра аӡбахə. Ажəытəан ас еиԥш иҟаз ашəындыҟəра аҭыԥҳа аҭаацəара даналанагалоз лцəамаҭəа, мамзаргьы леихраҵага маҭəа ҭаҵаны илырҭон.

"Зыӡбахə сымоу ашəындыҟəра Ашəы Раџьаб иԥҳа Макала илҭынхоуп. Макалеи Џьгьарда ақыҭан инхоз Аӡын Шьаҳани рыԥсҭазаара анеиларҵа, Макала лан лыԥҳа лызынмаҭəа ҭаҵаны илылҭеит. Уи лан лакəзар, Чаҵəԥҳан, Ҟазырхан лыхьӡын", - лҳəоит аҭоурых иазҿлымҳау арҵаҩы.

© Foto / Белла ЦвижбаАкҿаҩрамаҭәа иахәҭаку ақәаб
Чаҵə Чагə иаҳəшьаԥҳа леихраҵага: 200 шықәса зхыҵуа ашәындыҟәра амаӡақәа - Sputnik Аҧсны
Акҿаҩрамаҭәа иахәҭаку ақәаб

Аԥсуаа ҳҿы аҭоурыхтə аамҭа иалиаауа ахаҿсахьақəа маҷым. Имаҷым иара убас, иахьа уажəраанӡа ихьӡыртəны зыӡбахə рҳəақəо. Урҭ есииуа ирыциуеит, рыӡбахə адунеи иақəланы иаанхоит, абиԥарала имырӡӡакəа инеимда-ааимдо, еиҭаҳəауа иааргоит.

"Ҟазырхан еицырдыруа алафҳəаҩ, ажəабжьҳəаҩ Чаҵə Чагə иаҳəшьа лакəын. Иҟоуп убас агəаанагара, ари ашəындыҟəра 200 шықəса инареиҳаны иахыҵуеит ҳəа. Иахьа сазгəыдуны исҳəарц сылшоит, ари ашəындыҟəра еиқəырханы иааргоит Аӡын Шьаҳан ихылҵшьҭра, Аӡын Џьаба иҭаацəа ҳəа", - азгəалҭоит Аӡынаа рҭаца.

Гарри Аӡынба иԥшəмаԥҳəыс, Белла Аӡынԥҳа, Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра анаҩс, Џьгьардатəи абжьаратə школ аҿы, аиҵбыратə классқəа рҿы рҵаҩыс аусура даналага, аҩнынтə ашкол ахь илбааганы, лыкласстə уадаҿы арҭ амаҭəахəқəа аҭыԥ рзалылхит, уи ус баша иҟалымҵеит, иаман иара ахатə ҵакы.

© Foto / Белла ЦвижбаАирыӡ
Чаҵə Чагə иаҳəшьаԥҳа леихраҵага: 200 шықәса зхыҵуа ашәындыҟәра амаӡақәа - Sputnik Аҧсны
Аирыӡ

"Аиҵбыратə классқəа рҿы аус злазуа ала, арҭ зегьы сара схы иасырхəоит лабҿабатə хархəагас, насгьы сҵаҩцəа аҭоурыхгьы днарҵап ҳəа агəаанагара сымоуп. Ахәыҷқəа ирзеиҭасҳəоит арҭ амаҭəахəқəа зегьы ажəытəан ахархəара бзиа шрымаз. Егьа аамҭа царгьы, аҭоурых ашьҭа узырӡуам, уи изызҳауа аҿар ирызнагалатəуп, идырдырлатəуп", - ҳəа дазнеиуеит Белла Ҵəыџьԥҳа.

© Foto / Белла ЦвижбаАгәыгәым
Чаҵə Чагə иаҳəшьаԥҳа леихраҵага: 200 шықәса зхыҵуа ашәындыҟәра амаӡақәа - Sputnik Аҧсны
Агәыгәым

Белла Ҵəыџьԥҳа дазгəыдуны иаҳзеиҭалҳəеит, рышкол асасцəа анаҭаауа ирбо ацəыргақəҵа гəахəарыла ишрыдыркыло, уимоу ахархəара амангьы ишыҟоу.

"Арҭ амаҭəахəқəа рхы иадырхəеит Миха Лакрба иновеллақəа ирылхыз афильмқəа анҭырхуаз. Сгəы иаанагоит аԥхьаҟагьы ахархəара шроуа. Еизҳауа абиԥарақəа абас еиԥш иҟоу амаҭəахəқəа лабҿаба идырбалатəуп, рҵакы рзеиҭаҳəалатəуп, усҟан рыхшыҩ аҟны аҭыԥ ааннамкылар залшом, убри инаҷыданы, рҭоурыхгьы патуқəҵарыла иазнеиуеит ҳəа сгəы иаанагоит", - лҳəеит арҵаҩы Белла Ҵəыџьԥҳа.

Аԥсуаа ражəа иалоуп "Ла иабо хы иаԥсоуп" ҳəа. Ииашаҵəҟьаны, ҳжəытə ҭоурых аҟəырҷахақəа ҳаԥсуа ҭоурых адырразы, аихаҳаразы хəы змаӡам акакəны иҟоуп. Ажəытəӡатəи ашəындыҟəра ицəырнагаз аҭоурых џьашьатəуп, ишџьашьатəу еиԥш уи аҩнуҵҟа иҭаҵəахны иамаз амаӡа.

Ашəындыҟəра иаҿаз асапаҭ аартны ажəабжь ҳзеиҭазҳəаз Белла Ҵəыџьԥҳа-Аӡынба, ҭабуп ҳəа лаҳҳəоит ажəытə аамҭахь ҳахьхьалырԥшыз, аҭоурых иагəыҵаҵəахыз амаӡақəа ахьаҳзаалыртыз. Аҭоурых ду змоу Џьгьардатəи абжьаратə школ аҵаҩцəеи арҵаҩцəеи ракəзар, аманшəалареи аихьӡарақəеи рзеиӷьасшьоит.

Иазгəасҭарц сҭахуп, сара сзылгаз ари сышкол гəакьа акыр сшазгəыдуу, сышрызгəыдуу еиԥш сырҵаҩцəа. Иаасгəалашəеит сқыҭа Џьгьарда иалҵыз ашəҟəыҩҩы ду, зԥазаҵə Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьраҿы иҭахаз Витали Амаршьан иажəақəа: "Ҳҿахəы, ҳҿахəы, ҳҿахəы ҳҳəалароуп!.."

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0