Азиндырыҩ: аусӡбара ахада иҭоубашьҭаҵара иаԥырхагам

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраахада иҭоубашьҭаҵара
ахада иҭоубашьҭаҵара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азиндырыҩ Зарина Габеева Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара ацеремониеи Аминистрцәа Реилазаара ашьақәыргылареи, АКХ алкаақәа рзы имҩаԥысуа аусӡбара урҭ анырра арҭои иарымҭои ртәы далацәажәеит.

АҞӘА, цәыббра 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара арыцхә Аԥсны АКХ аихшьаалатә ԥкаанҵа анапы анаҵаҩха инаркны иԥхьаӡахоит. АКХ алкаақәа рзы аусӡбаратә процедурақәа ари аусхк иаԥырхагаӡам лҳәеит азиндырыҩ Зарина Габеева.

"Ари апроцедура "Аԥсны ахада изы" азакәан иҳәаақәнаҵоит. Уи аҿы иарбоуп аҩынтәтәи абжьыҭира амҩаԥысраан атәыла ахада официалла инапынҵақәа рынагӡара далагоит АКХ абжьыҭарақәа реихшьаала официалла ианрыланаҳәа инаркны а-30-тәи амш аҽны. Абри аҭагылазаашьаан аусӡбара анырра зыҟанаҵом", - лҳәеит Габеева.

Ахада иҭоубашьҭаҵаранӡа ахада инапынҵақәа неигӡоит атәыла иахьатәи ахада. Иалырхыз ахада иҭоубашьҭаҵара ашьҭахь атәыла аиҳабыра азинмчрақәа шьҭанаҵоит, уи аус аулоит Аминистрцәа Реилазаара ҿыц шьақәдырӷәӷәаанӡа. Аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь мышкы иахымгакәа атәыла ахада Аминистрцәа реилазаара аилатәара мҩаԥигароуп, аминистрцәа рзинмчра шышьҭарҵо азы арзаҳал идикылароуп.

Заседание Верховного суда Абхазии, 17 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны
Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа аилатәара аҿҳәара инахоуп

Ари арзаҳал аԥыза-министр инапы аҵаҩны, атәыла ахада ииҭоит. Аминистрцәа Реилазаара анапынҵақәа нанагӡалоит уи аилазаара ҿыц алырхаанӡа. Ахада аԥыза-министр ҿыц данеиҭалакь ашьҭахь егьырҭ аминистрцәагьы шьақәирӷәӷәоит.

Азакәан ишаҳәо ала, аиҳабыра "анапынҵақәа назыгӡо" ҳәа астатус рыманы аус рур алшоит хымз ирхымгакәа.

Цәыббра 9 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада аофициалтә дырра ҟанаҵеит: Аԥсны ахада иалхрақәа раан аҩбатәи атур аихшьаалақәа рыла атәыла ахадас Рауль Ҳаџьымба далхуп ҳәа.

Рауль Ҳаџьымба изы рыбжьы арҭеит 39 793-ҩык алхыҩцәа, Кәыҵниа изы - 38 766–ҩык алхыҩцәа.

Абжьыҭарахь инеит 65,99% алхыҩцәа.

Алхас Кәыҵниа иштаб цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ нанашьҭит Аԥсны АКХ аӡбра азакәан шьаҭа агәаҭаразы. Закәанла аӡбарҭа жәамш рыҩнуҵҟала аӡбамҭа аднакылароуп.

Суд - Sputnik Аҧсны
Азиндырыҩ Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ азы: Иреиҳаӡоу аусӡбарҭа апрезидиум акәаԥ аргылароуп

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа цәыббра 13 рзы иаҵахаз акандидат иашшразы заатәи аилатәара мҩаԥнагеит, уи аан ашшҩы АКХ аӡбамҭа аанкыларазы азыҳәа ҟаиҵеит, аха уи мап ацәнакыит аӡбарҭа.

Цәыббра 17 рзы азашшҩы ихьӡала аӡбарҭаҿы иқәгылоз адукат Инга Габилаиаԥҳа аӡбаҩцәа реилазаара иашан ишьақәыргылам ҳәа ахҳәааны, ирыԥсахразы адҵа ықәлыргылеит. Аӡбарҭа аилазаара аԥсахразы аӡбамҭа лыдылкылар ҟалоит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Манана Делԥҳа. Ари азҵаара иахәаԥшроуп хымш рыҩнуҵҟа.

Атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур аан атәыла ахада абжьқәа реиҳарак рыла далхзарц аӡбра аднакылеит Аԥсны АКХ абжьыҭарақәа рыламҭалаз. Уи зыхҟьаз уи ауп, "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 19 еиуеиԥшым аилкаарақәа ахьцәырнаго ауп. Уа иныҭкааны иарбам аҩбатәи атур аан иаиааиз дшалкаатәу.

АКХ атәыла ахада абжьқәа реиҳарак рыла далхзарц аӡбра аднакылеит Рауль Ҳаџьымбеи Алхас Кәыҵниеи рхаҭранкцәа алархәны имҩаԥыргаз аилатәара ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0