Аусӡбарҭаҿ аҭагылазаашьа: уажәтәи аамҭазы идыру

© SputnikЗаседание Верховного суда Абхазии, 17 сентября 2019
Заседание Верховного суда Абхазии, 17 сентября 2019 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 19 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбамҭаҿ иахәаԥшуеит Аԥсны ахадарахь акандидат Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Цәыббра 19 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аусӡбамҭаҿ иахәаԥшуеит Аԥсны ахадарахь акандидат Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ. Уаанӡа азашшҩы иган аҳәара ҟанаҵон аӡбаҩцәа реилазаара ԥсахзарц азы. Аха ари азыҳәа мап ацәкын, аӡбаҩцәа реилазаара шыҟаз иааныжьын.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа - Sputnik Аҧсны
Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ еилзыргараны иҟоу аӡбаҩцәа рыԥсахра мап ацәкуп

Уаанӡеиԥш иахьагьы аӡбарҭахь дымнеиит Алхас Кәыҵниа. Ҭамаз Гогьиа иакәзар, адукат Инга Габилаиаԥҳа лзыҳәала ашаҳаҭ иҭагылазаашьаҟынтә аҭакҟаҵаҩ иҭагылазаашьахь диагоуп.

Аусӡбарахь днеиит Аԥсны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы анапынҵа ҷыда змоу Асида Шьаҟрылԥҳа. Лара аҳәара ҟалҵеит апроцесс даладырхәырц. Омбудсмен лыҳәара ҵаҵӷәлыркит "лара алхрақәа рылкаақәа рымҩаԥгараан зыбжьы азгәаҭамыз зықьҩыла ауаа рзинқәа ахьылыхьчо" ала.

"Аихшьаалатә лкаақәа мҩаԥгахаанӡа аилагарақәа аҭыԥ рымамызт. Аха АКХ аихшьаалақәа шааҟанаҵаз сара избеит "Атәыла ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 19 шеилагаз. Сгәаанагара АКХ ахь ҩыратә формала инасышьҭит. Уа иазгәасҭеит "зегьы сырҿагылоит" ҳәа зыбжьы зҭииз зықьҩыла ауаа рзин азхьаԥшра шаҭамыз", - лҳәеит Асида Шьаҟрылԥҳа.

Асида Шьаҟрыл лықәгылара ацәажәарақәа ахылҿиааит. Азашшҩы иган уи лыҟазаара иақәшаҳаҭхеит. Валери Агрба, Рауль Ҳаџьымба ихаҭарнак омбудсмен апроцесс лалахәра мап ацәимкит, аха Дмитри Шамбеи апрокурор Елена Ҷыҭанааԥҳаи омбудсмен аусӡбара лалахәра лара лганахь ала изинеилагараны иршьеит.

"Атәылауаа рзинқәа рыхьчара мҩаԥысуеит ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара знапы иану изы азакәан ишьақәнаргылаз аформала. Азакәанԥҵаҩ ишьақәиргылеит омбудсмен аӡбаратә процесс иалахәхаразы азҵаара амҩаԥгашьа. Азакәан аҿы иазгәаҭоуп омбудсмен ишиуалԥшьоу аҳәынҭқарратә мчрақәа русбарҭақәа рахь алкаа неишьҭырц. Алкааҿы иарбазароуп азинқәа шеилагоу, абжьагара ҟаҵазароуп азинқәа реилагара шеиҭашьақәыргылатәу. Аҳәынҭқарратә усбарҭа жәамш рыҩныҵҟа омбудсмен аҭак изынамышьҭыр, аӡбарҭахь дашшыр ҟалоит", - азгәеиҭеит Шамба.

Аха, иара иажәаәқа рыла Шьаҟрыл АКХ ахь азыҳәа налышьҭит цәыббра 16 рзы, ара цәыббра 12 рзы ауп ҳәа ишазгәаҭо акәымкәа. Аҭакгьы дазымԥшыкәа аӡбарҭахь ашәҟәы налышьҭит.

Алхас Квициниа - Sputnik Аҧсны
Алхас Кәыҵниа аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ наишьҭит

Аӡбаҩ Генри Гамисониа Асида Шьаҟрылԥҳа длазҵааит апроцесс аҿы зинтересқәа дрыҵагыларц илыгәҭаку, аха омбудсмен еилырганы аҭак ҟалымҵеит. Абри ашьҭахь аӡбаҩцәа еилацәажәаны лара аӡбаратә процесс лалахәра мап ацәыркит.

Азашшҩы иган азыҳәа ҟанаҵеит ахада иалхразы АКХ аӡбра аусура аанкылазарц.

"Ахада инапынҵақәа рынагӡара иалагара аӡбра анагӡара иаԥырхагахар алшоит", - азгәеиҭеит азашшҩы иинтересқәа зыхьчо адукат Гарегин Митин.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит азыҳәа мап ацәкра Аԥсны ахада инапынҵақәа рынагӡара аиашара ҵнашәаар алшиот "уи Аԥсны жәларбжьаратәи ахԥша азы иԥырхагоуп" ҳәа.

Дмитри Шамба уи аҭакс иҳәеит Аԥсны авторитет ахархәара политикатә ҵаҵӷәуп ҳәа.

Аусӡбарҭа аӡбаҩцәа ԥсшьараны 40 минуҭ рыларҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0