АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Цәыббра 20 рзы атәыла ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа 200-ҩык инарзынаԥшуа идгылаҩцәа еизаны иҟоуп ҳәа ааицҳауеит Sputnik Аԥсны акорреспондент.
Иара убри аҟара ауаа еизаны иҟоуп аоппозициа ахада Алхас Кәыҵниа иганахьалагьы. Урҭ ақалақь апаркқәа руак аҿы игылоуп.
Ауаа азыԥшуп Иреиҳаӡоу Аусӡбамҭа алкаақәа.
Ауаа рацәа анахьгьы арахьгьы еизаны ишыҟоугьы зегь ҭынчрала имҩаԥысуеит. Атәыла ахада Иусбарҭахь инагоуп азинмчратә органқәа русзуҩцәа.
Цәыббра 20 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Аусӡбарҭа аусура иаҿуп Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ инамаданы.
Иацтәи аилатәараан ирзыӡырҩын аҭакҳәаҩи ашаҳаҭцәеи, аха аҩыратә рҵабыргыгақәа рыҭҵаара иахьымӡеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Азиндырыҩ: аусӡбара ахада иҭоубашьҭаҵара иаԥырхагам
Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik.
Ҳафиз Аҩӡба иҩнаҭаҟны еициит ҩыџьа аҭыԥҳацәа – Мерии Хаџьереи. Урҭ рлахьынҵа раԥхьатәиқәаны иалнахит. Мери – раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы лакәхеит, Хаџьера – раԥхьатәи аԥсуа пианиноарҳәаҩы лакәхеит. Амузыкаҭҵааҩы Мери Ҳашԥҳа лажәақәа рыла Меригьы амузыкатә техникум дҭан, аскрипка аҟәшаҿы аҵара лҵон.
"Ҳафиз Аҩӡба иҭаацәа рыхшара апатриотизмра рыларааӡон, аԥсуара рыларааӡон", — лҳәоит Мери Ҳашԥҳа.
Раԥхьатәи аԥсуа композитор Константин Ковачи аԥсуа милаҭтә культура аусзуҩы Кандрат Ӡиӡариеи ареспублика ахы-аҵыхәа иахысны иалрыԥшаауан ашәаҳәара, акәашара рганахьала аҟыбаҩ злаз ахәыҷқәа. Убас иалкааз рыгәҭа дыҟан Хаџьерагьы.
"Усҟан атехникум аҟны рҵаҩцәаны иҟан Москватәи амузыкантцәа, Мариа Ливенцова, аиҳәшьцәа Бубноваа реиԥш иҟақәаз", — ҳәа лгәалалыршәоит ҳашԥҳа.
Аџьынџьтәылатә еибашьраан ахәцәа рҿаԥхьа дықәгылон, аконцертқәа мҩаԥылгон.
1946 шықәса рзы Хаџьера дцоит Львовҟа, дҭалоит Львовтәи аконсерваториа, афортопиано аҟәша. 1951 — 1965 шықәсқәа раан Львовтәи амузыкатә ҵараиурҭа анапхгаҩыс аус луан.
"1965 шықәса инаркны, 1979 шықәса рзы атәанчарахьы дцаанӡа Хаџьера аус луан абри аҵараиурҭаҿы рҵаҩыс. Лара активла далахәын Аԥсны амузыка аҿиар", - лҳәоит Ҳашԥҳа.
Хаџьера ллепертуар иалан: Моцарт, Шуман, Рахманинов, Прокофьев уҳәа еицырдыруаз акомпозиторцәа рырҿиамҭақәа.
Лыԥсҭазаара далҵит 1997 шықәса рзы.
"Аусурақәа амаинингқәа рҿыхразы ҳаҿуижьҭеи акрааҵуеит. Аха уадаҩрас иҟоу акоуп, аҿыхрада уаҳа азин ҳамаӡам. Акы аҿыхны егьы аҿы унеиаанӡа, иаҿырхыз аҿаркуеит. Азинтә усбарҭақәа ироур алшара ԥҟарада аус зуа афермақәа рмаругақәа рымхразы, убри лҵшәаны иҟалоит, уи азы административтә кодекс алагалақәа аҭахуп. Шьҭа ҩымз раҟара ҵуеит ари азҵаара аганахьала аусурақәа цоижьҭеи уахгьы-ҽынгьы. Афермақәа дуқәа иаҿаҳхыз амаругақәа доусы рыҩныҟақәа рахь иргеит. Амаҵурҭақәа, аҩнаҵаҟақәа, аҭуанқәа рҿы иқәыргылан аусура иаҿуп. Убри ауадаҩрақәа ҳазцәырнагоит. Ауаҩы иҿы унеины аҿыхра ҟалом, уи аҩыза азин ҳамам. Арцәара уи ус мариоуп, амаинингқәа ахьыҟоу зегьы еилкааны иҳамоижьҭеи акрааҵуеит, аха иурцәеит - иаҿаркит, убри аҟнытә акгьы аҽаԥсахӡом", - еиҭеиҳәеит Ҷыҭанаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Бжьаниа амаинерцәа ахараԥса рықәҵаны рмаругақәа рымҳхуеит иҳәеит
Бжьаниа ажәалагала ҟаиҵеит закәаншьаҭада акриптовалиута аиуразы аҭакԥхықәра рӷәӷәазарц