Кәыкәын, Ерыш-Ҟан: асреи ахахареи ирызку анцәахәқәа рыхьӡала аныҳәара

© Foto / Марица Кәарҷиа. Ақыҭа Лыхны. Ковач иҭыхымҭа. Руслан Гәажәба иархив аҟнытәМарица Кәарҷиа. Ақыҭа Лыхны. Ковач иҭыхымҭа. Руслан Гәажәба иархив аҟнытә
Марица Кәарҷиа. Ақыҭа Лыхны. Ковач иҭыхымҭа. Руслан Гәажәба иархив аҟнытә - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахахара, аҳара, асра, ақәҵара – абарҭ анапҟазарақәеи урҭ рынцәахәқәеи, ҳаамҭазы ирхашҭхьо дара рыхьӡала имҩаԥыргоз аныҳәареи ртәы НААР аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуа лматериал аҟны.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Анапҟазара

Аԥсуаа анапҟазара ианыхәыҷу инаркны ирыларааӡон. Аҷкәынцәа, иаҳҳәап, ажьира иазыркуазҭгьы, аӡӷабцәа – аӡахреи асреи ддырҵон. Иҟазшьарбагоуп хаҵа ицаз аҭыԥҳа (аҭаца) ачара анылзыруаз аҳамҭақәа лнапала иҟалҵаз ахьазлырхиоз. Урҭ ируакуп аҭаца дахьгыло ҽыҳәҵәыла амардуан ихалаз, лара лнапала иқәҵаны иҟалҵаз ампахьшьы аҽы аӷәра иадылҳәаланы ҳамҭаҵас иахьианалшьоз. Аԥсуаа рнапҟазара ибзианы иаарԥшуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ацәыргақәҵатә залқәа руак аҿы: ацәашәҵатәы (аԥсуа маҭәа) инадыркны, еиуеиԥшым сахьала иҩычоу ампахьшьқәеи ауарҳалқәеи рҟынӡа. Иазгәаҭатәуп, арҭ аҵыхәтәантәиқәа ишырнубаало аԥсуаа рҿаԥыцтә жәабжьқәа рсиужетқәа.

Ҳандан Папԥҳа - Sputnik Аҧсны
Акәылӡтәы ԥара́: Ҳандан Папԥҳа илырхынҳәыз анапҟазара

Ажәытәан аба-лых аахәара зылшоз маҷыҩӡан, убри аҟнытә ацәамаҭәа, ацәырҭамаҭәа уҳәа аҳәса рхала ирсыр акәын. Егьырҭ рыхныҟәгагатә аарыхрақәа инарываргыланы иаадрыхуан абамбеи аҟанҷи. Урҭ рынцәахәқәагьы ирымҵаныҳәон раарыхра бзиахарц.

Кәыкәын – ақәни абамбеи рынцәахәы

Иахьагьы ҳбызшәаҿы ахархәара амоуп ажәа "аркәыкәра", аиҳарак ари ажәа ахьаҳԥыло Бзыԥтәи Аԥсны аганахь ауп ("бсыркәыкәуеит", "бсырԥыԥуеит" рҳәоит). Ари ажәа ахьынтәаауа ақәни абамбеи раарыхра аҟынтәи ауп. Урҭ аус анрыдыруалоз идыркәыкәуан, идырԥыԥуан, идрапон. Убри аан рхы иадырхәоз амыругақәа иреиуан аласкәыгә, адырдыи адырдхеи. Иазгәаҭатәуп, арҭ амаҭәарқәа ахархәара шрымамгьы ҳаамҭазы, зыҩнаҭақәа рҟны еиқәырханы измоу шыҟоу. Урҭ уԥылоит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рҟынгьы.

Абамба агәабани ахызеи иҭарҵон. Абамба иалырхуаз аш акәзар, ахчқәа алахырҟьон. Уи ирышҳан акәын ишыҟарҵоз. Нас асрахьы ииасуан. Ажәытәан аш еиқәақәагьы рӡахуан рҳәоит.

Аԥсуаа ажәытәан ақәны андырхуаз, уи анцәахәы Кәыкәын лыхьӡала иныҳәон. Аныҳәара мҩаԥыргон ашәахьа, ма аԥшьаша. Анцәахәы "лхәы" ҳәа иҟарҵоз акәакәарқәа ракәын. Аԥҳәыс бырг акәакәарқәа лыманы ақәни абамбеи ахьлаҵаз днеины дныҳәон аҽаҩра рацәаны ироурц азы. Ари Анцәахәы илызку аныҳәара иахьа иҟарҵаӡом, избанзар дара ақәни абамбеи уажәшьҭа иаадрыхӡом азы.

Ерыш, Ерыш-Ҟани аҟанҷи

Ерыш, Ерыш-Ҟан дынцәахә ԥҳәысуп. Уи еиҳараӡак асра анцәахәык лаҳасабалоуп дшырдыруа. Зны-зынла Ерыш ахахара данцәахәны лыӡбахә рҳәоит. Анапҟазара злоу аҳәса еиҳабацәа ракәымзар, уи лыӡбахәи лыхьӡала имҩаԥыргоз аныҳәареи ртәы здыруа даара имаҷуп. Ари аныҳәарагьы ажәлар рыбзазараҿы хархәара змам, ирхашҭхьо иреиуоуп.

Танцоры ансамбля Шаратын - Sputnik Аҧсны
Ажәлар рдоуҳатә психологиеи, абызшәеи, амилаҭтә хдырреи

Ажәа "ерыш" арышҳара аҟынтәи иаауеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп, ирсуаз аба арышҳара иахаршалоуп. Арышҳара иаҿыз аԥҳәыс ианлықәшәалак, аԥсшәаҳәаратә формулак аҳасабала абас еиԥш ларҳәон: "Ерыш, Ерыш-ҟан инагӡаны иацәнырха!"

Шьалуа Инал-иԥа аԥсуаа ирызку иҭоурых-етнографиатә очеркқәа рҟны ишиҩуаз ала, Ерыш, Ерыш-Ҟан лыхьӡала иныҳәон асра ианалагоз аламҭалазы. Уи илыҳәон аба бжьылымхырц, арахәыцқәа еилалымхәарц, асраан рус дазылԥхарц. Ари Анцәахәы лзынгьы иҟарҵоз акәакәарқәа ракәын. Иара убас, ирсуаз аба ахәҭак "абри бара быхәҭоуп" ҳәа хазы ишьҭарҵон. Убасҵәҟьа иныҳәон аҟанҷ ахьырааӡоз аҭыԥ аҿгьы акәакәарқәа наганы.

Николаи Џьанашьиа иетнографиатә нҵамҭақәа рҟны ишаирбо ала, аныҳәараан абарҭ ажәақәа рҳәон: "Аҟанҷқәа рынцәахә ду! Ҳабацәа ишаҳдырбаз ала, иуқәнагоу аӡатә узааганы ҳуҳәоит апаркь рацәаны иҳауҭарц!" ҳәа. Апаркь уи аҟанҷ игәылырхуаз акәын, нас уи рхы иадырхәон ахахараан. Ахахара, аҳара ашьҭахь акәын асрахьы ианиасуаз. Иҟан иаҳа иаӡаны ирхахоз, иҟан иаҳа ирыжәпаны иҟарҵоз. Иара убас еиуеиԥшым ашәыгақәа рылагьы иршәуан, идырԥшӡон.

Аҳәса ирыдҳәалоу арҭ анапҟазарақәа ишымариам усу убоит. Насгьы ажәытәан уажәеиԥш аӡахыга машьынақәа абаҟахыз, аџьабаа ирбоз иаҳа ихьанҭан. Аха егьа ус шакәызгьы уи ззымдыруаз шамаха дубомызт.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0