Сыԥсуазаргьы, иснаалоит абас аԥсра: Аԥсны зхы ақәызҵаз ҳџьынџьуаа ргәаладыршәеит

© Sputnik / Айнар Читанава "Сыԥсуазаргьы, иснаалоит абас аԥсра" захьӡыз ахәылԥаз
Сыԥсуазаргьы, иснаалоит абас аԥсра захьӡыз ахәылԥаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз арепатриантцәа ргәалашәара иазкыз, "Сыԥсуазаргьы, иснаалоит абас аԥсра" захьӡыз ахәылԥаз мҩаԥган Аҟәа, Аҿар рзы аҳәынҭқарратә республикатә библиотекаҿы.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Афырхаҵара амшынгьы ируеит

Август 25 аҽны ақырҭуа ар ркомандаҟаҵаҩ хада Гиа Ҟарҟарашвили Аҟәатәи ателехәаԥшрала аԥсуаа рнырҵәаразы ааԥхьара ҟаҵо дцәажәеит. Адырҩаҽны ауп Аԥсны ахьчаразы Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа раԥхьатәи ргәыԥ Гәдоуҭа аԥшаҳәаҿы ианыӡхыҵыз.

Арепатриантцәа ргәалашәара иазкыз ахәылԥаз еицымҩаԥыргон абиблиотека аусзуҩцәеи Аҟәатәи 15-тәи абжьаратә школ арҵаҩцәеи. Иара уи ашколи, К.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи алицеи-интернати рҵаҩцәа иҭахаз ҳџьынџьуаа рнысымҩақәа, иара убас ирыхҳәаау ажәеинраалақәа ирыԥхьон. Ахәылԥаз ахь ааԥхьара рыман аибашьра иалахәыз Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа рҭынхацәа.

© Sputnik / Айнар Читанава Иҭахаз ҳџьынџьуаа ргәалашәара ахәылԥаз иаҭааз рҩызцәа
Сыԥсуазаргьы, иснаалоит абас аԥсра: Аԥсны зхы ақәызҵаз ҳџьынџьуаа ргәаладыршәеит - Sputnik Аҧсны
Иҭахаз ҳџьынџьуаа ргәалашәара ахәылԥаз иаҭааз рҩызцәа

 

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистр ихаҭыԥуаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгьиа иҳәеит зынӡа аибашьраан Аԥсны рхы шақәырҵаз жәаҩык арепатриантцәа: ааҩык Ҭырқәтәылантәи, ҩыџьа – Баҭымынтәи. Иара иазгәеиҭеит еибашьра иааз рхыԥхьаӡараҿы ишыҟаз Аԥсны иаҭаахьаз реиԥш, зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахаан изымбацыз аҵеицәагьы.

"Аибашьра ианалага, Иорданиантәи, Шьамтәылантәи, Ҭырқәтәылантәи, Баҭымнтәи уҳәа, рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахьчаразы иааит имаҷымкәа аибашьцәа. Ирҳәоит афырхаҵара амшын ируеит ҳәа. Уи лабҿаба иааԥшит Аџьынџьтәылатә еибашьраан. XIX ашәышықәсазы ҳажәлар ирхыргеит арыцҳара ду, амҳаџьырра ҳәа изышьҭоу. Анаҩс, XX ашәышықәса алагамҭазы, 1918 шықәсазы ақырҭуа меньшевикцәа Аԥсны иахаԥаны ианыҟазгьы, урҭ ааны рыԥсадгьыл рыхьчахьан. Аҭоурыхқәа ахьеиԥшу ыҟоуп, иҟоуп аиҿырԥшрақәа ахьыҟауҵаша. 1918 шықәсазы зџьынџь зыхьчаз иреиԥшхеит 1992 шықәсазгьы зфырхаҵара аазырԥшыз аҵеицәагьы. Урҭ аԥсра абла ишхыԥшылоз рдыруан аҟнытә, ирацәаҩуп заа ауасиаҭ зыҩхьаз, рыбаҩқәа аԥсуа дгьыл иамардарц азы. Еиҳаракгьы Марттәи ажәылара аламҭалазы. Ари афырхаҵара Аԥсны инхо ҳамацара ҳзы акәым, аҳәаанырцә изызҳауа аԥсуа-абаза ҿар зегьы рзы зеиӷьыҟам ҿырԥштәуп", - иҳәеит Инџьгьиа.

Еиқәҿызҭуа алахьынҵақәа

Ҳанефи Егожь диит 1963 шықәсазы Ԥнарбашьы, Ҭырқәтәыла. Дҭахеит 1993 шықәса, сентиабр 22 рзы, Аҟәа ахақәиҭтәразы ицоз ажәылараҿы. Анышә дамадоуп Гәдоуҭа, аиашьаратә нышәынҭраҿы. Ианашьоуп Аҳәынҭқарратә ҳамҭа - "Агәымшәаразы" амедал.

Аргәын Зафер диит 1968 шықәсазы Ҭырқәтәыла, Мезиҭ ақыҭан. Август 25, 1992 шықәсазы зыԥсадгьыл ахьчара иааз аибашьҩы дрылахәын Гагратәи аоперациа, ноиабр азтәи Шроматәи ажәылара, март 15-16 рзтәи Аҟәатәи ажәылара. Аргәын Зафер дҭахеит лаҵара 5, 1993 шықәсазы, ақалақь Гәдоуҭа.

Баҳадыр Абаӷба - Sputnik Аҧсны
Арадио
"Агәалашәара амҩала": Ҭырқәтәылантәи еибашьра иааз аԥсуаа

"Ара, сара Сыԥсадгьыл ауп. Сареи сабдуцәеи ирыԥсадгьылуп. Ҳарҭ ачерқьесқәа (аԥсуааи адыгааи) ихырҵәоу жәларуп, аха наунагӡа ас имцароуп, ҳара ҳбызшәа, ҳкультура", - абарҭ ажәақәа ҳәаны иҭоурыхтә ԥсадгьыл ихы ақәиҵеит Баҳадыр Абаӷба.

Аҿар рзы аҳәынҭқарратә республикатә библиотека анапхгаҩы Иулиа Еныкьԥҳа лажәақәа рыла, иҭахаз ҳџьынџьуаа ргәалашәара иазкыз аиԥылара раԥхьаӡакәны 25 шықәса раԥхьа имҩаԥган. Сынтәа абиблиотека анапхгара ирыӡбеит Аиааира амш аламҭалазы урҭ рыхьӡ даҽа зныкгьы иргәаладыршәарц.

"Иааигәахеит Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз аиааира 26 шықәса ахыҵра арыцхә. Ари аамҭа иалагӡаны имаҷымкәа ахҭысқәа мҩаԥысит, абзиа еиԥш, ацәгьагьы. Убарҭқәа раан иаҳгәалаҳаршәалар ҳахәҭоуп блала зыԥсадгьыл зымбацкәа иааны зхы ақәызҵаз аҵеицәа. Урҭ Ҭырқәтәыла иандәықәлоз ауасиаҭ рнапы аҵаҩны инрыжьит, аибашьраҿы иҭахозар, аԥсуа дгьыл аҟны иржырц. Уи абӷьыц ҳара ҳцәыргақәҵатә зал аҟны иҳамоуп", - иацылҵеит Еныкьԥҳа.

Ҭырқәтәылантәи иааны Аԥсны еибашьқәоз иреиуоу Беқьыр Ашәба ииҩыз ашәҟәы "Сыхьҭашьуеит" аԥсшәахь еиҭеигеит Аԥснытәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, ауаажәларратә усзуҩы Оқтаи Ҷкотуа. Иулиа Еныкьԥҳа лажәақәа рыла, ари аҩымҭа цхыраагӡа бзиахеит мшыннырцәнтәи иааны зҭоурыхтә ԥсадгьыл зыхьчоз аҵеицәа рцәаныррақәа реилкааразы.

Аргәын: ҳџьынџьуаҩ Ведаҭ Кәаӡба ҳаӷацәа рхы дзацәымцеит>>

1992-1993-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны ахьчара зхы ақәызҵаз арепатриантцәа ргәалашәара иазкны аиԥылара мҩаԥган Аҿар рзы аҳәынҭқарратә республикатә библиотекаҿы. Раԥхьаӡакәны ари абиблиотекаҿы иҭахаз арепатриантцәа ргәалашәара мҩаԥысит 25 шықәса раԥхьа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0