Агәырҩеи ахьааи рдаҟьақәа: аибашьҩы Роберт Аҳашба иан лымшынҵа

© Foto / Сусанна ТанияАҳашба Роберт
Аҳашба Роберт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз, ҩажәи хԥа шықәса ирҭагылаз аибашьҩы Роберт Аҳашба иҭоурыхи уи иан лгәаҵа иҭаз агәырҩа шаалырԥшуази атәы дазааҭгылоит Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Дарбанызаалак ауаҩы иоуз ахәра изцәырнагоит ахьаа. Аибашьра иуннаҵаз ахәра ахьаақәа ирхьаауп. Ааи, ирҳәоит аамҭа цацыԥхьаӡа ахәрақәа арӷьоит, абӷажә зхамло акгьы ыҟаӡам ҳәа. Аха ишԥаҟауҵари, уԥсҭазаара иахәҭакхаз уи ахьаа ахаршьҭшьа умамзар, уи уашьцылазар, иутәу акы акәны иуԥхьаӡозар, иҭахаз уҷкәын иҟәырҷаханы ан илзаанхазар акы акәзар!

Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа: Аҩӡаа аишьцәа ахәҩык рфырхаҵара>> 

Убас лыҷкәын еиҵабы Роберт иҭахара зызхымгоз, уи илымкаа адунеи ақәзаара гәнаҳарас изыԥхьаӡоз ан Дусиа Шьынқәба-Ҳашба лхьаа згәыламӡоз лымшынҵақәа хсыртырц сыӡбеит, уи азы заанаҵ лҭаацәа срацәажәаны...

"Амцаԥшь алҟьа, аԥсҭҳәақәа хчыла,

Аԥсынтәыла анҭахауаз.

Ахақәиҭра, аиааира иазықәԥоз,

Урылагылан сыҷкәын, нан..."

"Шьҭа блала еибамбо, ҿыла изымеицәажәо, сыҷкәын ҟәыбҷа с-Роберт изкны исҩырц сҭахуп ажәақәак..." - далагоит абас ан лымшынҵа.

Есма Тодуаԥҳа лышәҟәы - Sputnik Аҧсны
Ашьа зхьыршоу амшынҵа

"...Аҳашба Роберт Владимир (Палуша) – иԥа диит 1970 шықәса ажьырныҳәамза 1 азы Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан. Ҳҭаацәараҿы дабиԥазаҵәымызт, диман аиашьа еиҳабы Ахра, иаҳәшьа Инга, иара дреиҵыбӡан. Роберт мшызҳа изҳауан, иҭаацәа ҳилагәырӷьон. Аха дшыхәыҷыз агәамбзиара шьҭихит, аҳақьымцәа изларҳәаз, уи ицәа иалан ачымазара "аепилепсиа", алаԥсра ҳәа изышьҭоу. Схәыҷи сареи ҳшьақәа еиқәшәон, ашьа сара исылхны иара илаҵо мацара аҳақьымцәа аԥсра дахдырԥеит, ачымазара даиааит.

Деизҳаит, Ԥақәашьтәи абжьаратә школ даналга, дҭалоит усҟан Очамчыра араион Араду ақыҭа иаартыз Арадутәи азаанаҭ-техникатә ҵараиурҭа. Уи даналга ашьҭахь, аррамаҵурахьы иԥхьоит. Аррамаҵура данахысуаз уи ихәыҷра ашықәсқәа рзы имаз агәамбзиара ахы инардыруа далагеит, атәы еиҳабацәа ианеилыркаа фымз рышьҭахь аррамаҵура дақәиҭыртәуеит. Аҩныҟа даныхынҳә, игәамбзиара дахамышшаакәа, иқыҭаҿы ақыҭанхамҩатә техника дақәтәан аусура далагеит. Згәы аартыз, зыблақәа еснагь изхаччоз сыҷкәын Роберт иқыҭауаа рзы ихы деигӡомызт, убри азы бзиа дагьеицырбон.

Аџьынџьтәылатәи еибашьра - Sputnik Аҧсны
Аинрал игәалашәарақәа

Ус иааҳадгылеит Нанҳәамза 14, 1992 шықәса ашьаарҵәыреи агәаҟреи зцыз. Аибашьра иалагеит, раԥхьаӡатәи ахысыбжьқәа алаҩҩит Ԥақәашь. "Уаангыл, угәабзира уашәшәыроуп! Уашьеиҳаб дцоит еибашьра, уара аҩны уҟаз" ҳәа аиҳабацәа шиабжьыргозгьы, "са сымцар, егьи дымцар, ҳ-Аԥсынра зыхьчода? Насгьы, мышкызны аибашьра еилгар, зыҷкәынцәа ҭахаз аҭаацәа рыбла сызлаҭаԥшуеи! Уаанӡа ақыҭаҿы атехника сақәтәаны аус зуртә сылшара ыҟазҭгьы, сҩызцәа ахьцо са сызцаӡом ҳәа аҩны сынкылар ԥхашьароуп" иҳәан, раԥхьатәи амшқәа инадыркны Роберт абџьар шьҭыхны, иҩызцәеи иашьа Ахреи днарывагылан еибашьра ддәықәлеит. "Аҳаҳаи, сан, акы бацәымшәан! Иаарласны аԥсуаа аиааира ҳгоит, Аԥсны ахы иақәиҭхоит!" - ҳәа сгәы ирӷәӷәон. Саргьы сгәазхара исзымбацыз сыҷкәын ԥшӡа инаишькласҳәон: "Нан, уҩызцәагьы уаргьы машәыр Анцәа ишәықәимҵааит".

Ажьырныҳәа 20 рзы ажәылара ӷәӷәа ҟалеит, аӷацәа Салиаа рхәы иахысны рҽазыршәеит Ԥақәашь ақыҭа рнапахьы аагара. Ақыҭа изалалазҭгьы Ԥақәашьи Тҟәарчали еимаздо амҩа рнапы аҵаҟа иҟалон. Аха Ԥақәашьаа уи алдмыршеит. Ари ажәылараан ақыҭа зыхьчоз дреиуан с-Робертгьы. Уи аҭабиа дҭатәаны аӷа диеихсуан, аҵыхәтәаны аӷацәа рыснаипер иҭирҟьаз ахы игәаҵаӷара иҭашәеит.

© Foto / Сусанна ТанияАҳашба Роберт
Агәырҩеи ахьааи рдаҟьақәа: аибашьҩы Роберт Аҳашба иан лымшынҵа - Sputnik Аҧсны
Аҳашба Роберт

Зхәыҷраҟны аԥсра иацәынсырхаз, зарԥысымҭазы ақырҭуа лақәа исцәырфаз сыҷкәын, ажьырныҳәамза 20 рзы иԥсҭазаара ҿахҵәеит. Зегь реиҳа бзиа иибоз иԥсадгьыли иуаажәлари иԥсы рыхҭниҵеит. Аӷа ихымца дҭанархеит, бзиа иибоз, дзыхӡыӡаауаз, иани иаби жәымҭацәгьақәа ҳаԥсы шҭаз. "Бзиала" ҳәа наҳаҳәан, сыҷкәын ԥшӡа сгәазхара исзымбоз, ҳаанижьит. Хашҭра уқәымзааит! Хашҭра шәықәымзааит ҳ-Аԥсны ԥшӡа шьала икәабаны еиқәзырхаз ҳҵеицәа хьӡырҳәагақәа...

Сара с-Роберт уҭахеит,

у-Аԥсны, уқыҭа ухьчауан.

Ԥақәашь, Салиаа рхәы уҭадырхеит,

Уани уаби гәырҩа цәгьала ҳдыртәеит.

Еҳ, заҟа ицәгьоузеи,

Уани уаби рлахьынҵа.

Заҟа игәыҭшьаагоузеи,

Уҵеи уаԥхьа даныԥсуа.

Нан, с-Роберт, снана,

Ирацәаҩуп уан леиԥш зылаӷырӡ ҭыкәкәо,

Ирацәаҩуп уан леиԥш лахьынҵацәгьала ишоу..."

Лыблақәа Аԥсны рхыубаалон: Ирина Сыҷынааԥҳа лгәалашәаразы>>

Аибашьра ианалага иқәлацәа дрылагыла зқыҭа, зыԥсадгьыл, зыуаажәлар зыхьчоз Роберт Аҳашба дҭахеит 23 шықәса дшырҭагылаз ажьырныҳәамза 20 рзы аибашьра аилашыкьымҭаз. Иҭахара ашьҭахь иан лыԥсы ахьынӡаҭаз лхьааи, лгәырҩеи, лыгәҭахәыцрақәеи амалдон ихьӡ ала илыҩуаз амшынҵа. Изылкуан лхәатәы ажәеинраалақәа, убри ала маҷк лгәы лҟажон.

"Ихәлоит ишоит, са сзы акоуп,

Исзеилкаауам сызлоу ашоура.

Сызхарагьы ҩра ҟалаӡом –

Сызхарагьы ахәыцра.

Исхәыцуада, уара, сыҷкәын,

Еснагь саԥхьа угыло џьысшьоит.

Убжьы хаа сгәы иқәыҩуеит

Убла ԥшӡақәа сырхыԥшылоит.

Еиҭах снарылагоит сгәаҟрақәа рыҩра,

Уи ала аамҭақәа рыхгара..."

Уи ихы ахтниҵеит ари адгьыл>>

Сынтәа иԥсы ҭазҭгьы Роберт Аҳашба ихыҵуан ҩынҩажәи жәба шықәса. Иани иаби рыдунеи рыԥсаххьеит, рыҷкәын иҭахара ашьҭахь агәамбзиара ҵыргеит, урҭ рыԥсы ахьынӡаҭаз мышкгьы рыҷкәын иӡбахә анырымҳәоз ыҟамызт. Агәаҟра ӷәӷәақәа шырхыргахьоугьы, Ҳашаа рҭаацәара иахьа рхы иахашшаартә иҟам. Аҳашба Роберт иашьеиҳаб Ахреи иаҳәшьа Ингеи ҭаацәароуп, ирымоуп амаҭацәа. Урҭ ирхашҭраны иҟаӡам аибашьҩы Роберт Аҳашба ифырхаҵара, ишырхамышҭуа еиԥш аԥсуа жәлар зегьы аҵеицәа хьӡырҳәагақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0